Аԥсны

"Аԥсыӡ адырган иананырҵа, аӡыжь агәалашәон": аԥсыӡқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи

Аԥсыӡқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәа рҿы ҵакыс иаархәои атәы ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Аԥсабараҟны аԥсыӡ хкқәа хыԥхьаӡарала зегьы иреиҳауп. Ҳазну аамҭазы урҭ ҩажәа нызқь хкы рҟынӡа инаӡоит. Аԥсыӡқәа рыԥсҭазаара еснагь аӡаҿы имҩаԥысуеит. Аӡы ажәпараҿ иҟоу еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыбзоураны аԥсыӡқәа иаархәеит аԥсҭазаашьақәеи аҭеиҭыԥш рацәеи.

Аԥсыӡ ахәарҭара

Аԥснытәи аӡиасқәа ирҭоу аԥсыӡқәа рахьтә зхаҭабзиара ҳараку ҳәа иԥхьаӡоуп – амлагәыри акалмаҳаи. Аԥсыӡ анырклак, иаарыцқьаны аџьыкахыш ақәрыԥсоит. Ианалслак ашьҭахь ашыла инылшьны, ахәша аҵаҭәан ирџьуеит. Уи анырфо хымԥада иацзароуп абҳәаса сыӡбал. Аԥсыӡ аҵәы иахаҵаны иуӡыргьы ихаахоит.
Амедицинатә знеишьала ауаҩы ифатә аԥсыӡ аналоу игәабзиара иазеиӷьуп. Ахаҳара мариоуп, укапан иацнаҵаӡом. Авитаминқәа А, В, Е, D рыла ибеиоуп. Аԥсыӡ лассы-лассы ахәыҷқәа ирҿауҵалар рыбаҩ арӷәӷәоит, рыблабара арҵаруеит, ргәынкылара еиӷьнатәуеит.
Аҳәса аԥсыӡ рфалар, рыхцәы еизнарҳауеит, рнацәхыԥқәеи рхаԥыцқәеи арӷәӷәоит. Агәы-шьадатә чымазарақәа раԥхьырҟәҟәаразы ахацәа аԥсыӡ рфалар ирзеиӷьымзар ирзеицәам.
Аԥсны
"Ацәқәырԥақәа анаӷьха": амшын иахҳәаау азгәаҭарақәеи ажәаԥҟақәеи

Аԥсыӡқәа ажәаԥҟақәа рҿы

Ажәлар идырҿиеит ихшыҩырҵагоу ажәаԥҟақәа жәпакы:
"Аԥсыӡ аӡаҿоуп иахьазҳауа, ауаҩы - ауаа рҿы",
"Аԥсыӡ аӡаҿы ихәаҽуам, ауаҩы - иԥсадгьыл аҟны",
"Аԥсыӡ аӡыжь аԥшаауеит",
"Аԥсыӡ акра аҵкыс ашара уадаҩуп",
"Аԥсыӡкҩы аԥсыӡ знык иуиҭар - знык қьаф ууит, акышьа уирҵар, - еснагь қьафура умазаауеит",
"Аԥсыӡ даҽа фатәык еиԥш иузыфом",
"Аԥсыӡ еилаҳаз - абаҩ ихәда икылахеит",
"Аԥсыӡ ӡыда ихәарҭам",
"Аԥсыӡ сызҭоу аӡы аӡқәа иреиӷьуп аҳәоит",
"Аԥсыӡ хыла иукыроуп, ҵыхәала иузкӡом".
Аԥсны
"Анасыԥи аманшәалареи ирдыргоу": аԥхыӡқәа рҿы аӡы ҵакыс иамоу
Аԥсыӡқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәа инарылукаартә иҟоуп:
Аԥсыӡ ахала иркуеит. Аус ишахәҭоу, ишаманшәалоу уазнеироуп ҳәа уҵазҳәо жәаԥҟоуп.
Аԥсыӡ аӡсашьа асырҵоит ҳәа уаламган. Аҟаза бзиа иус исырҵоит ҳәа уалагар, абас рҳәоит.
Аԥсыӡ ахала ибаауеит. Аус бааԥсқәа, ахәымгара иҟалалоит аиҳабыра рҟынтә ианалаго. Абри аҩыза аҭагылазаашьа ҳәаақәнаҵоит иаагоу ажәаԥҟа.
Аԥсыӡ адырган иананырҵа, аӡыжь агәалашәон. / Аԥсыӡ аҵәгәыр ианакы, ахаҿы ахшыҩ ааит. Уаанӡа зхы зымакәачраз, аха ашәарҭара данҭагыла ихымҩаԥгашьа шҽеимыз еилызкааз ауаҩы ихҳәааны ирҳәоит.
Аԥсыӡкҩы дымбааӡакәа аԥсыӡ изкуам. / Ацгәы аԥсыӡ акыр аҭахын, аха ашьапы бааӡар ҳәа ишәон. Амал, аԥара урҳарц азы ухы аџьа аумырбакәа "ажәҩан иалыбган" акгьы шумоуа уеилнаркаауеит иаагоу ажәаԥҟа.

Аԥсыӡқәеи аԥхыӡқәеи

Аԥхыӡқәа рыҟны аԥсыӡқәа иалкаау аҵакы рымоуп:
Аԥсыӡ уԥхыӡ иалан иубазар - аԥара иазҳәоуп, аӡы цқьа иҭаны иубазар - уаԥхьаҟа бзиарак узыԥшуп.
Аԥсыӡ укуазшәа ԥхыӡ иубар - уадаҩрак уақәшәоит, ус акәымкәа ԥхыӡла аԥсыӡ уфозшәа убазар - иаалырҟьаны жәабжь бзиак уаҳауеит.