"Анасыԥи аманшәалареи ирдыргоу": аԥхыӡқәа рҿы аӡы ҵакыс иамоу
© Sputnik / Томас ТхайцукГорная речка
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥхыӡқәа рҿы аӡы ҵакыс иамоу инарҭбааны дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩы Цира Габниаԥҳа лусумҭақәа руак аҿы илыҩуан: "Аӡы – нҵәара зқәым, аԥсҭазаара ахыҵхырҭаҿы иҟоу, зымчра дуӡӡоу, ҩ-дунеик иҳәааны ирыбжьоу, амчра бааԥсқәа хызҽуа, зыда ԥсҭазаара ыҟам, ихәшәу, иԥсыршьогоу, ԥсы зхоу, анцәахәқәа зхылаԥшуа, адунеи аарҳәра зылшо, аԥсабара ҿыц аԥсы ҭазҵо, аԥсы еиқәзырхо акәны иаарԥшуп аԥсуа мифологиаҿы" ҳәа.
Аӡы иааџьоушьаша цәырҵроуп, унапаҿы иузаанкылом, амч ҳәаадоуп. Ԥсы зхоу зегьы ирыхәарҭаны, гәыблыла аԥсабара иашеит. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо: аокеанқәа, амшынқәа, аӡиасқәа, аӡиақәа, аӡмыжьқәа, аӡыхьқәа, аҵеџьқәа уҳәа абарҭ зегьы рҿы зырцәажәо иароуп.
Аӡхьамԥш
Аԥсуа хәшәқәа рыҟаҵара знапы иадыруа ахәшәтәыҩцәа ахәшә ҟаҵараан – аӡхьамԥш рхы иадырхәоит. Аӡхьамԥш – (азгә.безоглядная вода, т.е вода, принесенная без оглядки) ахәшәҟаҵараан хархәара змоу аӡы ҷыдоуп. Уи шьыжьнаҵы аӡыхь иҭтаны иааугароуп. Иануҭталак, ушьҭахьҟа ухьамԥшкәа, аӡәгьы уимацәажәакәа ушиашоу ухынҳәыроуп, мамзар амч цоит.
Ашәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал ироман "Шаҟа еицәыхарахоз аҟара еизааигәахон" аҟны иҩуеит: "Мачагәа иабду мчыбжьык аԥхьа аҿаҭахьа иқәиҵахьан, иааиуа амҽышаҽны, ашарԥазы дҩагылан дцаны, зегьы раҵкыс ицқьоуп ҳәа ирыԥхьаӡоз аӡхьамԥш ааганы, агара игарымҵыцыз имаҭа Мачагәа диныҳәарц. Асаби иан лгәыԥҳәыхшда аҽакы зымбацыз, агара дгарҵаанӡа, аӡашәа иузҳааит ҳәа дныҳәаны аӡы агьама идырбон. Аӡы ахьынтәиааугалакгьы, ишааугалакгьы ҟалаӡомызт, иказказуа ицқьазар акәын. "Аӡыхь шыцәоу" зегь раԥхьа инеины, иҭтаны иаагатәын. (Аӡыхь аӡәы иҭганы игаанӡа ицәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон). Ианҭигалак ашьҭахь, шьҭахьҟа дхьамԥшӡакәа иаагатәын. Аӡхьамԥш ҳәа изашьҭазгьы уи азы акәын".
Аԥхыӡқәа рҿы аӡы ҵакыс иамоу
Аӡы аиԥхыӡра зназы анасыԥи аманшәалареи ирдырганы иаарԥшуп, даҽа зных ԥхьаҟа ауадаҩрақәа шаҳзыԥшу ала аԥхыӡқәа ҳгәы ҳҽанырҵоит. Ҳарзааҭгылап урҭ хәҭаа-хәҭала.
Анасыԥ
Аӡы ҵәыцала иудыркуа уеиԥхыӡыр – анасыԥ алацәажәара иамааноуп.
Аӡы иаҵәа цқьа аҭаӡсара – аразҟы аиқәшәара иамааноуп.
Аӡыхь ҩбаны аҽашо уеиԥхыӡыр – унасыԥ аҽашоит рҳәоит.
Ашҭа аӡыхь адбалара – аҭаацәа зқәымгәыӷуа насыԥк рызшоит.
Ауадаҩрақәа
Аӡиас еилахәашьны ахыҵра – иахьадубалаз аҭыԥ жәабжь бааԥсык ахыҩуеит.
Узҭаԥшуа аҵеџь аҭаҳара уеиԥхыӡыр – уадаҩрак, ма гәалсрак иазҳәоуп.
Аӡыхь хәашьны ԥхыӡла иубар – анасыԥ иадҳәалоу жәабжь бааԥск уаҳауеит.
Аӡытҟәа уҽалауӡәӡәауа убар – ахьымӡӷ угоит, агәырҩа узԥшуп.
Аӡы аҵантә ауарҳал ҭугауа убар – агәалсра иазҳәоуп.
Асапын аӡы иҭугауа аиԥхыӡра – уззыԥшым гәырҩа уск уоуеит.
Ԥхыӡла аӡы уҭаланы аӷәы еидчаԥалара – гәалсрак иазҳәоуп.
Абнаҿ аӡиас ушхықәгылоу убар – иуоуран иҟоу уԥылом.
Аманшәалара
Ԥхыӡла аҵеџь уҭаԥшуа убар – уззыԥшу аус еиқәшәоит.
Аӡиас цқьа ццакны ииасуа аиԥхыӡра – лабҿаба иубарц иуҭахыз ажәабжьны иуаҳауеит.
Умаҭәақәа аӡы цқьа иалухуа ԥхыӡла иубар – уззыԥшыз аус азы абзиа уаҳауеит.
Аӡыхь хтаны иужәуа уеиԥхыӡыр – аҩнышьха реизҳара иамааноуп.
Машьынала аӡиас цқьа урсуа аиԥхыӡра – зеиԥш ус дук унапы ианырҵоит, уазыркуеит.
Аӡиас цқьа аиԥхыӡра – мҩа бзиак ақәлара иазҳәоуп.
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха".