https://sputnik-abkhazia.info/20230417/atsyraa-anakha-amshyn-iakhaau-azgaaraei-azhaaei-1045258270.html
"Ацәқәырԥақәа анаӷьха": амшын иахҳәаау азгәаҭарақәеи ажәаԥҟақәеи
"Ацәқәырԥақәа анаӷьха": амшын иахҳәаау азгәаҭарақәеи ажәаԥҟақәеи
Sputnik Аҧсны
Амшын иахҳәаау азгәаҭарақәеи ажәаԥҟақәеи ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа. 17.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-17T17:30+0300
2023-04-17T17:30+0300
2024-05-17T23:04+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/0b/1037541315_0:128:3067:1853_1920x0_80_0_0_957558fc48dcd30f811bee6f9ad3fc2a.jpg
Амра, аԥслымӡ, ацәқәырԥақәа, иуҿахәмаруа аҳауа цқьа. Шаҟаҩы Амшын Еиқәа аҭаара иазгәышьуазеи, азааигәа анхара еилаҳауазеи!Насыԥны Аԥсны атәылауаа амшын еиԥш иҟоу амазара Анцәа иҳанаишьеит. Амра ахьышәахәа зныҷҷало амшын ацәқәырԥақәа ҳархыԥшылалар ҳалшоит ҳгәы иахьынӡаҭаху.Амшын блахкыга ахымҩаԥгашьала ажәытәан еилыркаауан амш зеиԥшрахоз. Ҵарада ахшыҩ змаз аԥсуаа амшын иахҳәаау азгәаҭарақәа жәпакы аԥырҵеит. Иаагозар:Амшын аԥшӡареиԥш иамоуп ахатәы ҟазшьа. Иара ахьӡ иахылҿиааз жәаԥҟақәоуп: "Амшын ахала аҽарыцқьоит", "Амшын иацәтәыму ацәқәырԥа иӡыхнагоит", "Амшын ихылаз – аҟәараҿы уизыԥшы", "Амшын ахаҳә ҭаужьыр, ихыҵуам", "Амшын асаан иузанырӡалом", "Амшын ԥҳалла иуззом", "Амшынҵәҟьагьы ҭабар ҟаларын аӡқәа аламлозар", "Амшын дугьы ӡыцәыкәбарла еибыҭоуп", "Амшын дугьы цәыкәбарла ишьақәгылоуп", "Амшын иалаҳаз амаҭ дазымҵасуеит", "Амшын аҵаулара ушәар ҟалоит, агәы аҵаулара шәашьа амам", "Амшын агәаны ҩ-қдык еинааломызт", "Абна - алымҳа амоуп, амшын иара ахшыҩ амоуп".Убасгьы иҟоуп ауаа рцәажәараҿы еиҿырԥшра ҳасабала лассы-лассы рхы иадырхәо амшын иадҳәалоу ажәаԥҟақәа. Иаҳҳәап:Амшын анқашьха амҳаҵә змоуз ҳәа.Ажәаԥҟа ауаҩхымхәа изкуп. Уи иага амал иоургьы, ихы изархәом, амалаҳәа иауагьы агашьа дақәшәом.Амшын ахьӡ зхашҭыз еиԥш.Ауаҩы ибзианы иидыруа, дзышьцылоу, иахьеи уахеи иибо акы ахьӡ анихашҭлак, абас рҳәоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20210530/Darsa-gkharsa-zhaykh-asasha-iadalou-asua-leksika-iazkny-1032522154.html
https://sputnik-abkhazia.info/20191013/Zhaa-yk-aatsa-imoup-amshyn-aan-akhan-izgyloup-amshyn-antsakhy-izkny-1028599754.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/0b/1037541315_338:0:3067:2047_1920x0_80_0_0_7d4d5cfaa249bb2f7fa0a1e6d5015d71.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Ацәқәырԥақәа анаӷьха": амшын иахҳәаау азгәаҭарақәеи ажәаԥҟақәеи
17:30 17.04.2023 (ирҿыцуп: 23:04 17.05.2024) Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Амшын иахҳәаау азгәаҭарақәеи ажәаԥҟақәеи ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Амра, аԥслымӡ, ацәқәырԥақәа, иуҿахәмаруа аҳауа цқьа. Шаҟаҩы Амшын Еиқәа аҭаара иазгәышьуазеи, азааигәа анхара еилаҳауазеи!
Насыԥны Аԥсны атәылауаа амшын еиԥш иҟоу амазара Анцәа иҳанаишьеит. Амра ахьышәахәа зныҷҷало амшын ацәқәырԥақәа ҳархыԥшылалар ҳалшоит ҳгәы иахьынӡаҭаху.
Амшын блахкыга ахымҩаԥгашьала ажәытәан еилыркаауан амш зеиԥшрахоз. Ҵарада ахшыҩ змаз аԥсуаа амшын иахҳәаау азгәаҭарақәа жәпакы аԥырҵеит. Иаагозар:
Аҷныш амшын ихыҵны, рҽеизакны ажәҩан аҟны ианеилаҭыр – аԥша иазҳәоуп.
Харантә амшын еилыӷрааны иануба – амшцәгьа.
Амш шыбзиоу амшын ацәқәырԥақәа анаӷьха – ақәа ауеит.
Амш шыцәгьоу амшын ацәа ианҭыҵ – дук хара имгакәа амш еилгоит.
Амшын ҟәазгаӡа аҭра ианҭатәоу – амшцәгьа иазҳәоуп.
Амшын аҟынтәи аԥша асы аманы ианаа – аҵаа.
Амшынҳәақәа амшын иҭыԥо ианалага – амшцәгьа ҟалоит.
Аӡыцәа амшын иҭыҵны ашьхарахь ианца – амшцәгьа иазҳәоуп.
Аҷныш аҽыкәабара анхҭанакы – амш еиласуеит.
Аҷныш амшын иҭыҵны адәы ианықәла – аԥша иатәуп.
Аԥсыӡ аҵәгәыр ианаҿамла – амшын аҟны аԥшацәгьа бааԥсы иазҳәоуп.
Ацәқәырԥа мраҭашәарахь икшозар – амшын аҽарцәгьоит.
Амра аҭашәараан ашәаԥшь ҟаԥшьшьӡа ианаҵала амшын аҟны цәқәырԥа цәгьа ҟалом ҳәа ирыԥхьаӡон.
Амшын еисуа амрагыларахьтә амраҭашәарахь ицар, амш цәгьахоит, амраҭашәарахьтә ихынҳәны амрагыларахь ицар, амш бзиахоит.
Амшынахьтә аԥшаӷьы асуа иалагар, амш цәгьахоит рҳәоит.
Амшын аԥшӡареиԥш иамоуп ахатәы ҟазшьа. Иара ахьӡ иахылҿиааз жәаԥҟақәоуп: "Амшын ахала аҽарыцқьоит", "Амшын иацәтәыму ацәқәырԥа иӡыхнагоит", "Амшын ихылаз – аҟәараҿы уизыԥшы", "Амшын ахаҳә ҭаужьыр, ихыҵуам", "Амшын асаан иузанырӡалом", "Амшын ԥҳалла иуззом", "Амшынҵәҟьагьы ҭабар ҟаларын аӡқәа аламлозар", "Амшын дугьы ӡыцәыкәбарла еибыҭоуп", "Амшын дугьы цәыкәбарла ишьақәгылоуп", "Амшын иалаҳаз амаҭ дазымҵасуеит", "Амшын аҵаулара ушәар ҟалоит, агәы аҵаулара шәашьа амам", "Амшын агәаны ҩ-қдык еинааломызт", "Абна - алымҳа амоуп, амшын иара ахшыҩ амоуп".
Убасгьы иҟоуп ауаа рцәажәараҿы еиҿырԥшра ҳасабала лассы-лассы рхы иадырхәо амшын иадҳәалоу ажәаԥҟақәа. Иаҳҳәап:
Амшын анқашьха амҳаҵә змоуз ҳәа.
Ажәаԥҟа ауаҩхымхәа изкуп. Уи иага амал иоургьы, ихы изархәом, амалаҳәа иауагьы агашьа дақәшәом.
Ауаҩы ибзианы иидыруа, дзышьцылоу, иахьеи уахеи иибо акы ахьӡ анихашҭлак, абас рҳәоит.