Урыстәыла

Сбербанк ахатә хаҿқәа рзы аԥсылмантә депозит алагара рыгәҭакуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Сбербанк ауаҩытәыҩсатә хаҿқәа рзы аԥсылмантә депозит алагара рыгәҭакуп, уи ахашәала иаку системак иадҳәалазаауеит апроценттә зыԥҵәа акәымкәа, абри атәы иҳәеит абанк ахада ихаҭыԥуаҩ Олег Ганеев жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" аҳәаақәа рҟны РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.
"Ашықәс нҵәаанӡа ахатә хаҿқәа рзы адепозит алаҳгалоит, амала аԥсылмантә ԥаразоужьра ҳасаб азуны. Иаҳҳәап, адепозит апроценттә зыԥҵәала ахәдықәҵара зыҟалом, уи маҭәахәык иадҳәалазароуп", - иҳәеит иара.
Урыстәыла
Матвиенко: Урыстәыла аԥсылман тәылақәеи иареи русеицура аизырҳара хшыҩзышьҭра анаҭоит
Гонеев иажәақәа рыла, уи аан уажәы иҟоу авалиута ала амаҵзурақәа рырҭбаара азгәаҭам.
"Ҳара азыҳәақәа ҳрызхьаԥшуеит, ауаа рҭахрақәа ҳҽақәҳаршәоит. Ааигәа аиуристтә хаҿқәа рзы аԥаразоужьра халагеит. Иара убас сынтәа иалаҳгалоит акорпоративтә клиентцәа рзы афакторинг "Мурабаха", - ихәеит Ганеев.
Урыстәылеи аԥсылман усеицура Аиҿкаареи жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" Казан имҩаԥысуеит лаҵара 14 - 19 рзы.