https://sputnik-abkhazia.info/20240519/sberbank-akhat-khaa-rzy-asylmant-depozit-alagara-rygakup-1051122329.html
Сбербанк ахатә хаҿқәа рзы аԥсылмантә депозит алагара рыгәҭакуп
Сбербанк ахатә хаҿқәа рзы аԥсылмантә депозит алагара рыгәҭакуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Сбербанк ауаҩытәыҩсатә хаҿқәа рзы аԥсылмантә депозит алагара рыгәҭакуп, уи ахашәала иаку системак... 19.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-19T12:00+0300
2024-05-19T12:00+0300
2024-05-19T12:00+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
"урыстәыла – аԥсылман дунеи: kazanforum"
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0c/1038607963_0:320:3073:2048_1920x0_80_0_0_2dd6716fe3e4b75f297dc89f5aafa789.jpg
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Сбербанк ауаҩытәыҩсатә хаҿқәа рзы аԥсылмантә депозит алагара рыгәҭакуп, уи ахашәала иаку системак иадҳәалазаауеит апроценттә зыԥҵәа акәымкәа, абри атәы иҳәеит абанк ахада ихаҭыԥуаҩ Олег Ганеев жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" аҳәаақәа рҟны РИА Новости аинтервиу анеиҭоз."Ашықәс нҵәаанӡа ахатә хаҿқәа рзы адепозит алаҳгалоит, амала аԥсылмантә ԥаразоужьра ҳасаб азуны. Иаҳҳәап, адепозит апроценттә зыԥҵәала ахәдықәҵара зыҟалом, уи маҭәахәык иадҳәалазароуп", - иҳәеит иара.Гонеев иажәақәа рыла, уи аан уажәы иҟоу авалиута ала амаҵзурақәа рырҭбаара азгәаҭам."Ҳара азыҳәақәа ҳрызхьаԥшуеит, ауаа рҭахрақәа ҳҽақәҳаршәоит. Ааигәа аиуристтә хаҿқәа рзы аԥаразоужьра халагеит. Иара убас сынтәа иалаҳгалоит акорпоративтә клиентцәа рзы афакторинг "Мурабаха", - ихәеит Ганеев.Урыстәылеи аԥсылман усеицура Аиҿкаареи жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" Казан имҩаԥысуеит лаҵара 14 - 19 рзы.
https://sputnik-abkhazia.info/20240518/matvienko-urystyla-asylman-tylaei-iarei-ruseitsura-aizyrara-khshyzyshra-anaoit-1051116120.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0c/1038607963_0:0:2731:2048_1920x0_80_0_0_260de78f607ad047501a00a93b2d13a9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, "урыстәыла – аԥсылман дунеи: kazanforum"
ажәабжьқәа, "урыстәыла – аԥсылман дунеи: kazanforum"
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Сбербанк ауаҩытәыҩсатә хаҿқәа рзы аԥсылмантә депозит алагара рыгәҭакуп, уи ахашәала иаку системак иадҳәалазаауеит апроценттә зыԥҵәа акәымкәа, абри атәы иҳәеит абанк ахада ихаҭыԥуаҩ Олег Ганеев жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" аҳәаақәа рҟны РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.
"Ашықәс нҵәаанӡа ахатә хаҿқәа рзы адепозит алаҳгалоит, амала аԥсылмантә ԥаразоужьра ҳасаб азуны. Иаҳҳәап, адепозит апроценттә зыԥҵәала ахәдықәҵара зыҟалом, уи маҭәахәык иадҳәалазароуп", - иҳәеит иара.
Гонеев иажәақәа рыла, уи аан уажәы иҟоу авалиута ала амаҵзурақәа рырҭбаара азгәаҭам.
"Ҳара азыҳәақәа ҳрызхьаԥшуеит, ауаа рҭахрақәа ҳҽақәҳаршәоит. Ааигәа аиуристтә хаҿқәа рзы аԥаразоужьра халагеит. Иара убас сынтәа иалаҳгалоит акорпоративтә клиентцәа рзы афакторинг "Мурабаха", - ихәеит Ганеев.
Урыстәылеи аԥсылман усеицура Аиҿкаареи жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" Казан имҩаԥысуеит лаҵара 14 - 19 рзы.