Аԥсны

Аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа - 2024" аихшьаалақәа ҟаҵоуп

Сынтәатәи аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа - 2024" иалахәын 447-ҩык ашколқәа раушьҭымҭацәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 20 Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ихыркәшахеит ашколқәа раушьҭымҭацәа рзы аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа - 2024". Уаҟа аԥхьахә ҭыԥқәа ааанызкылаз ԥышәарыда абиуџьеттә ҭыԥкәа рахыԥхьаӡалараз ажәалагала ҟаҵоуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ААУ актәи апроректор ихаҭыԥуаҩ Инга Арӡынԥҳа.
Ԥышәарада 109-ҩык Аҳәынҭуниверситет актәи акурс рахыԥхьаӡалараз ажәалагала ҟаҵоуп. Урҭ рахьынтәи 26-ҩык актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, 24-ҩык араӡны иаԥсахеит, 12-ҩык — аџьаз. 47-ҩык аушьҭымҭацәа абаллқәа рзымхаӡеит, аха амаҭәарқәа рыҟны адырра бзиақәа аадырԥшит.
Арӡынԥҳа лажәақәа рыла, актәи аҭыԥқәа аанызкылаз абиуџьет ҭыԥқәа рахь иахыԥхьаӡалахоит "Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа" ирҭало рыда, уаҟа абиуџьеттә ҭыԥқәа злаҟам ала.
"Аолимпиада аҩбатәии ахԥатәи атыԥқәа ирыԥсахаз, абиуџьеттә ҭыԥқәа ыҟазар уахь иахыԥхьаӡалахоит. Ус акәымкәан абиуџьеттә ҭыԥқәа ԥкызар рҵара ахә ахыршәаауеит", – ҳәа лҳәеит Арӡынԥҳа.
Сынтәатәи аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа - 2024" иалахәын 447-ҩык ашколқәа раушьҭымҭацәа.
Аԥсны
Аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" иаиааиуеи аԥхьахә занашьахои ААУ ԥышәарада иҭалар рылшоит