Аԥсны

"Абзиараз, ашкол!": Аԥсны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

Лаҵара 22 рзы Аԥснытәи ашколқәа 153 рҟны игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
Sputnik
2024 шықәсазы Аԥсны ашколқәа ирылгаз 1900-ҩык аушьҭымҭацәа рҟынтәи 12-ҩык ахьтәи араӡынтәи медалқәа ранашьахараны иҟоуп.
Традициа ҳасабла аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аныҳәатә ҟазшьа амоуп. Иара заанаҵы рҽазыҟарҵоит, иаздырхиоит ажәахәқәа, акәашарақәа, ашәақәа, ақәгыларақәа, уи аҽны ашколқәа рашҭақәа ччабжьыла иҭәуп, иҟоуп алабжышқәагьы.
Аушьҭымҭацәа рцәаныррақәа - Sputnik афотолентаҿы.
1 / 11

Лаҵара 22 рзы Аԥсны ашколқәа рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.

2 / 11

Сынтәа ашколқәа ирылгеит 1900–ҩык, ииасыз ашықәс азы урҭ 1777-ҩык ыҟан.

3 / 11

Аушьҭымҭацәа рыԥсахуеит актәи акласс хзыркәшо, реиҳабацәа ирыдныҳәало ахәыҷқәа.

4 / 11

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәа асра знапы ианугьы алхын.

5 / 11

Ашкол аҟны аҵыхәтәантәи рымш аушьҭымҭацәа ныҳәаҳасабла иазгәарҭеит.

6 / 11

Ҳәарада, аҭыԥ рыман алабжышқәагьы.

7 / 11

Иҟан иԥшӡаз амилаҭ кәашарақәа...

8 / 11

Актәи акласс ахь ицо ахәыҷқәа аччаԥшь рҿықәуп. Аԥхынра зегьы аҩныҟатәи адҵақәа рыҟаҵареи ажәеинраалақәа рҵареи аҭахны иҟаӡам.

9 / 11

Иԥшӡаӡа иҟоу ақәыԥшцәа ирзыԥшуп раԥхьаҟа адырра ҿыцқәа, аҩызцәа ҿыццқәа, аԥсҭазаара лаша.

10 / 11

Аушьҭымҭацәа, рышкол абзиараз ҳәа арҳәоит

11 / 11

1900-ҩык аушьҭымҭацәа рҟынтәи 12-ҩык амедалқәа роураны иҟоуп.