Аԥсны

Бжьаниеи Ҳаразиеи Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа аус рыцураз азҵаатәқәа ирылацәажәеит

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш есышықәса иазгәарҭоит лаҵара 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Амҳаџьырқәа ргәаларшәара амш иазкны Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә аԥснынтәи иалахәыз аделегациа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аделегациа напхгара азҭоз Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа дазааҭгылеит Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациеи Абыргцәа рхеилаки рлахәылацәеи дареи реиԥыларақәа ртәы.
Атәыла ахада иҳәеит, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аԥыжәара зҭатәу хыдҵаны ишыҟоу, убри аҟнытә анапынҵа риҭеит ари ахырхарҭала русура дырӷәӷәарц.
"Иҟаҵоу рацәоуп, аха Аԥсни ҳџьынџьуааи реимадара арҿиаразы иҵегьы аус утәуп. Дара ирдыруазароуп Аԥсны - ари ҳзеиԥш ҩны шакәу, ҳара ҳазҿлымаҳазароуп рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәара. Ҳамчқәа еилаҵаны ишәҭыкакаҷуа, иӷәӷәоу аҳәынҭқарра аргылара ҳалшоит", — ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны
Аԥсны иазгәарҭеит амҳаџьырра иалаӡыз ргәалашәара амш