Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иазгәарҭеит амҳаџьырра иалаӡыз ргәалашәара амш

© Sputnik / Томас ТхайцукДень памяти жертв кавказской войны
День памяти жертв кавказской войны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аԥсны лаҵарамза 21 рзы иазгәарҭеит амҳаџьырра иалаӡыз ргәалашәара амш.
Аҟәа имҩаԥысит еиуеиԥшымыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҿы. Асценаҿы иқәдыргылеит Даур Арухаа инаигӡоз зыԥсадгьыл ныжьны атәым дгьыл ахь забдуцәа ахҵәара иақәшәаз аублаа ҭыԥҳа илызкыз Рушьбеи Смыр ипоема "Семра" аҟынтәи ацыԥҵәаха.
Аԥсны жәлар рартистка Виолетта Маан иналыгӡеит амҳаџьыраа ргарашәа "Шьышь-нани", лара амузыка лзадырҳәон Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рарҳәагақәа рансамбль.
Иара убас Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа мҩасит амҳаџьырра иагаз ргәалашәара иазкны. Уи алахәылацәа аԥсуеи адыгеи бираҟқәа, аҵәыџьмцақәа кны инеиуеит. Аныҟәара иалагеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи, ихдыркәшоит амҳаџьырцәа рбаҟа аҿы.
Анаҩс, есышықәса ишыҟарҵо еиԥш, Нарҭаа рымца еиқәырҵеит, ашьамаҟа адыркит Амҳаџьырқәа рбаҟа аҿаԥхьа.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Гәдоуҭа араион аҿгьы.
Амҳаџьырра иалаӡыз ргәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа "Ахьаа" аатит Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы.
Аекспозициа шьақәгылоуп аҭоурыҭҵааҩ Руслан Гәажәба ихатәы архив аҟынтәи XIX, XX ашәышықәсақәа иртәу аҭыхымҭақәа рыхкьыԥхьаақәа 122 рыла.
Асахьақәа рҿы иубоит Кавказтәи аибашьраан зыԥсадгьыл ныжьны Ҭырқәтәылаҟа иахыҵызи урҭ рхылҵшьҭрақәеи.
Иара убас Гәдоуҭатәи аҳәынҭмузеи аусзуҩцәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы иаҭааит, ҭырқәтәылаҟа идәықәлаз раԥхьатәи ахҵәацәа зҭаз аӷба иахьынтәаӡхылаз Мгәыӡырхәа ақыҭа аԥшаҳәа.
Дара уаҟа ашәҭрқьақьа амшын ихырҵеит. Ансамбль "Риҵа" инарыгӡеит амҳаџьыраа ргарашәа "Шьышь-нани", егьырҭ ашәақәеи.
1864 шықәса, лаҵара 21 — Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит. Иахьа адунеи 50 тәыла рҟны инхоит урҭ рхылҵшьҭрақәа. Адунеи зегь аҟны аԥсуа хылҵшьҭрақәа есышықәса Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азгәарҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0