Ԥсабарала иҷыдаз аҟыбаҩ, иҷыдаз аҟазшьа, иҷыдаз ауаҩра, аҳалалра злаз уаҩын ҳәа Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь дылгәалалыршәоит, Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол актәи акласс ахь лшьаҿақәа анеихылга инаркны ашколтә ԥсҭазаара ицанысыз, иахьа Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гәыли Михаил-иԥҳа Кьычԥҳа.
Лара иазгәалҭеит дышқәыԥшызгьы, ишааԥшхьаз иара агәаӷь зызҭоу аӡә шиакәыз. Иара амҵәышәымпыл азы ашкол акоманда далан, нас Аԥсны Еизгоу акоманда ахаҭарнакс. Изныкымкәа уи даланы Қырҭтәылаҟа аицлабрақәа рахь дцахьан. Убас, Қарҭ иҟалахьаз, Сергеи Багаԥшь ихаҭара аазырԥшуаз хҭыск лгәалалыршәеит Кьычԥҳа.
"Ахәмарраҿы Сергеи Уасил-иԥа аҵыхәтәантәи ампыл ҭаиршәит, алҵшәагьы аиуит, убри алагьы ҳара ҳаиааиуан, аха аӡбаҩ атрышә дасын имыԥхьаӡаӡеит. Избанзар, Қырҭтәылатәи акоманда аҵахеит ҳәа акәын иаанагоз ус ҟаиҵар. Уи даргәаан Сергеи, игәы ԥжәан, ампыл аашьҭихын, аӡбаҩ игәыдиҵеит, аӡбаҩгьы дцан дкаҳаит. Ахәмарра иахәаԥшуаз ақырҭқәагьы, иалахәыз зегьы, Сергеи дышиашаз дырны инапы изеинырҟьон", — лҳәеит Гәыли Кьычԥҳа.
Аҵара аганахьала, аспорт аганахьала, аиҩызара аганахьала иара илаз аҟазшьа аҩыза змаз маҷын, дахьурхалакгьы, зегьынџьара хадара иуан, ус ҳазшаз иаҭәеишьеит ҳәа дылгәалалыршәоит Сергеи Багаԥшь класск аҿы аҵара ицызҵоз иҩыза.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иуаҩра ҳаракын, иаԥсуара дуун лҳәоит лара.
"Ҳаиҩызара ианакәзаалак иаргьы пату ақәиҵон, ҳаргьы пату ақәаҳҵон. Ииашаҵәҟьаны, аполитика хаиҩызара быжьнамхӡеит. Аҳәынҭқарра Ахадас даныҟала ашьҭахь иуаҩра илаз еиҳагьы иныԥшит. Иара имаз адевиз аҟны ишаҳәо еиԥш, ауаҩы игәыҳалалра аԥхьа иргылон", — лҳәеит Кьычԥҳа.
Гәыли Кьычԥҳа иара убас илгәалалыршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы Багаԥшь илша шырацәоу Москва дыҟанаҵы афронт ацхыраара ду шаиҭоз, илымшозгьы шилиршоз, абџьар аума, аџьаԥҳаны аума, ар рымаҭәа аума, уа инаргоз ахәцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара рыҭара аума, иарбан инапы иҵимхыз лҳәоит лара.
Сергеи Багаԥшь, иаалырҟьаны иԥсҭазаара иалҵра, даара ицәыӡ дуны илыԥхьаӡоит иҩыза.
"Избан, иԥсынҵры абас изкьаҿхаз? Иаԥхьаҟа иҟаиҵашаз, ииҳәашаз, ииӡбашаз, имҩақәиҵашаз аусқәа даара ирацәан. Иара дахьҳалагылам, даара цәыӡ дууп, ҳҳәынҭқарра азгьы даара илахьеиқәҵароуп. Сергеи Уасил-иԥа, наунагӡа ҳгәаҿы даанхоит дуаҩы ҳалалны, дуаҩы разны, дуаҩы ԥшӡаны", — лҳәеит Гәыли Кьычԥҳа, лҩыза изы ажәа хыркәшо.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" аиҳабы, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Нугзар Ашәба Сергеи Багаԥшь дигәаларшәо иҳәеит уи данқәыԥшыз аахыс дшидыруаз, акыршықәса аус шеицырухьаз. Иара еснагь даԥхьагылаҩын, згәы ҳалалыз уаҩын, аҭакԥхықәрагьы иман иҳәоит Ашәба.
Иара иажәақәа рыла, Сергеи Багаԥшь ақыҭанхамҩеи ашәарыцареи бзиа ибон.
"Зны дахьынхо иқыҭа Џьгьарда снеит. Иҭаацәа сразҵааит, дабаҟоу ҳәа. Урҭ исарҳәеит агәылара џьара дышнеиз. Уахь сцеит саргьы. Санԥшы, Сергеи атрактор дшақәтәаз збеит, уи игәыла аџьықәреи аҭагалара дицхраауан. Багаԥшь анхара илан", — ҳәа азгәеиҭеит аполитик.
Нугзар Ашәба игәаанагарала, Сергеи Багаԥшь Аԥсны аполитикатә ԥсҭазаараҿы илагала дууп.
"Қырҭтәылеи ҳареи еснагь ҳаизыҟазаашьақәа цәгьан. Багаԥшь ахадас даналаҳх еиҳагьы ихьанҭахо иалагеит. Кәыдрытәи аиҩхаагьы ыҟамзи... Ақырҭқәа уахь иҭалеит. Дареи ҳареи аиҿцәажәараҳәа акгьы ҳабжьазар ҳҭахӡамызт, нас еилкаахеит Аԥсны зегь рнапаҿы иааргарц шырҭахыз. Усҟан Багаԥшь Москваҟа лассы-лассы дцон, Урыстәыла аиҳабыра драцәажәон, ҳтәылаҿы абжьаҟазаратә мчрақәа реизырҳаразы аилацәажәарақәа мҩаԥигон. Иара итәы иаиргеит. Ҩ-нызқьҩык аруаа ахьыҟаз, х-нызқьҩык рҟынӡа ҟалеит. Иара убри алагьы ақырҭқәа Аԥсныҟа ааира зларылшоз астратегиатә ҭыԥқәа зегь рӷәӷәаны ихьчан", — ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Нугзар Ашәба иазгәеиҭеит Сергеи Багаԥшь илшамҭақәа зегьы ишреиҳау Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра ахьазхарҵаз.
"Нанҳәа 26 рзы ашьыжь Багаԥшьи сареи Москва ҳаҟан. Азхаҵара шҳарҭо атәы еилаҳкаахьан. Ақәҵара заҵәык акәын ҳаззыԥшыз. Медведев усҟан Шәача дыҟан. Асааҭ 3 рзы азхаҵара атәы шрыларҳәоз ҳдыруан аҟнытә, Аԥсныҟа амҩа ҳақәлеит. Асааҭ 12 рзы Шәача ҳааихьан. Багаԥшь идыруан уа дшыҟаз Приднестровие ахада Смирнов, уи атәыла азхаҵара арҭомызт. Сергеи Уасил-иԥа иҳәеит Смирнов иҿы ҳнеироуп ҳәа. Ҳцеит, даҳбеит, игәы ҳарӷәӷәеит, еснагь ҳашидгыло азы ажәа иаҳҭеит. Смирнов ҳамнеиргьы игәы иалымсыр ҟаларын, аха Багаԥшь иара итәы ҟаиҵеит зегь акоуп", — азгәеиҭеит Ашәба.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Медведев нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аназхеиҵа ашьҭахь, Москва, Кремль азал ду аҟны Сергеи Багаԥшь официалла данидикылоз ицны ицаз ажурналист Даур Инаԥшьба игәалаиршәоит уи ахҭыс ахаан ихамышҭкәа шыҟалаз атәы.
"Аоператор Алықьса Агəхааи сареи насыԥс иҳауит ихьыԥшым Аԥсны Аҳəынҭқарра ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь раԥхьатəи иофицалтə визитла Урыстəыла аҳҭнықалақь ахь ицара ауаа рызнагара, аиқəшаҳаҭра раԥхьатəи анапаҵаҩра аарԥшра. Анапаҵаҩра мҩаԥсыуан Кремль. Аԥсны Аҳəынҭқарра ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи Урыстəылатəи Афедерациа ахада Дмитри Анатоли-иԥа Медведеви ракəын аиқəшаҳаҭра знапы аҵазыҩуаз. Ҳара убри ахҭыс ааҳарԥшырц азы убрахь амҩа ҳақəырҵеит. Аусмҩаԥгатә аан раԥхьа урысшəала ирҳəон аиқəшаҳаҭра знапы аҵазыҩуаз зусҭцəоу, нас иалахəыз рбызшəалагьы ирҳəон. Сергеи Уасил-иԥа иҳəеит сара аԥсышəала исҳəарц. Ишақəнагоу сеилаҳəаӡамызт. Ҭагалан аԥхьатəи амшқəа рзы акəын, ашоурақəа ыҟан, амаӷрахҵəақəа мацара ҳшәын. Дҩалаган акостиум, агалстук уҳəа схы инаркны сшьапаҟынӡа ишахəҭаз сеилеиҳəеит, зегь сзааихəеит. Ҳҽазыҟаҳҵон азал аҩнуҵҟа, аӡəгьы дыҩнарыжьлаӡомызт уахь. Иара дшеилахазгьы дааҩналан: "Даур, ушԥаҟоу, умшəан, угəы каумыжьын, убзиоуп, убзиоуп", — иҳəан сара сгəы рӷəӷəаны ддəылҵны дцеит. Абриаҟара иара шəуск, зықьуск иман, аха, абни хьаас иман, ауаа рҟны дышԥацəырҵуеи, дышԥеилаҳəоу ҳəа. Убри ахааназы исхашҭуам", - ҳәа игәалаиршәеит Инаԥшьба.
Анапаҵҩрақəа рышьҭахь Кремльтәи азал аҩнуҵҟа иаанхарц алшара роуит аԥснытәи ажурналистцәа. Багаԥшьи Медведеви шеицәажәоз рыхəаԥшра акыр иаԥсан иҳәоит Даур Инаԥшьба.
"Рыхəаԥшра акыр иаԥсан. Иара Медведев Багаԥшь дшизыҟаз, аминистрцəа, Урыстəыла анапхгара уҳəа. Иара убри аҩыза ҟазшьак иман, амхылдыз еиԥш ауаа идиԥхьалон. Игəыразра, игəыҳалалра, иара дуаҩы ҳаракын, дуаҩы ԥшӡан, хашҭра иқəым", - ҳәа игәалашәарақәа дырзааҭгылоит Инаԥшьба.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы Аҟәа. Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ даналга дҭалеит Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт. 1972 шықәсазы далгоит "агроном" изанааҭ иманы.
Сергеи Багаԥшь иполитикатә мҩа хациркит СССР аамҭақәа рзы, 1979-1980 шықәсқәа рзы Қырҭтәылатәи акомсомол Аԥснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, анаҩс Очамчыратәи апартиа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩс. Асовет Еидгыла анеилаҳа Сергеи Багаԥшь Очамчыра араион адепутатцәа жәлар рхеилак ахантәаҩыс аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит.
2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара. 2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. Иара илшарақәа ирыбзоураны 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны азханаҵеит.
Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.