Аԥсны

Аҟәа Фазиль Искандер имҩала инхо ауааԥсыра амҩа ахәҭак адыркит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Аҟәа Фазиль Искандер имҩала инхо ауааԥсыра лаҵарамза агәазы амҩа ахәҭак адыркит.
Дара хынтәуп асеиԥш ҟарҵоижьҭеи, 250 метра иҟоу амҩа акаҭран ықәҵамкәа иахьаанхаз азы.
Хәышықәса раԥхьа ақалақь ахадара аӡымҩангагатә цәаҳәа рыԥсахит, шықәсык аԥхьа - аканализациатә ҳа. Абри ашьҭахь амҩа абӷанҷ ықәрыԥсеит. Дара ражәақәа рыла асаба игыло иахҟьаны аԥенџьырқәа рзаартуам, ахәыҷқәа ракәзаргьы адәахьы ирзоужьуам.
Ари аҭыԥхь иааит Аҟәа ақалақь ахадара аусбарҭа ахаҭарнакцәа, Апарламенти ақалақьтә еизареи рдепутатцәа. Анхацәа ирҳәеит амҩа аҟаҵаразы атехника рымбакәан амҩа шаадмыртуа атәы.
Аминистрцәа реилазаараҟны Sputnik иазеиҭарҳәеит амҩа аиҭашьақәыргылара Акапиталтә ргылараз аусбарҭа алагоит ҳәа. Иазырхиоуп апроект-сметатә шәҟәқәа. Аусурақәа 9,9 миллион мааҭ рҭаххоит.
Аусбарҭаҿы ирҳәеит иахәҭаны иҟоу аԥара шазоурыжьлак аиҭашьақәргылара ҳалагоит ҳәа.