Аминистрцәа реилазаара есымзатәи ашәарацҵақәа рзы ақәҵара аднакылеит аилатәараҟны. Уи инақәыршәаны ԥхынгәы 1 инаркны аҳәаанырцәтәи атәанчахәы змауа аԥсуа тәанчаҩцәа 1000 мааҭ еиҳаны ироулоит.
қәралатәи атәанчаҩцәа - 4000 мааҭ роулоит;
акыршықәсатәи аусуразы атәанчахәы зауа - 3700 мааҭ;
аҳаҭыртә хьыӡқәа "Жәлар…", "Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ…" змоу атәанчаҩцәа - 4 500 мааҭ; адгьыл аҵа аус зуаз (ашахтаҿ) атәанчаҩцәа - 4 500 мааҭ;
иныҟәызгоз дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа (аусуразы алшара змам аҭаацәа ахаҭарнакцәа рыцԥхьаӡа) - 4000 мааҭ; 3 700 мааҭ рзыршәалоит;
ҭынха дызмам - 7000 мааҭ;
аџьа аинвалидцәа (І, ІІ, III агәыԥқәа) - 3900, 3800, 3650 мааҭ;
иизар иинвалиду (16 шықәсанӡа, I, II агәыԥқәа) - 5 мааҭ; 4 500 мааҭ рзыршәалоит;
асоциалтә тәанчахәы зауа (қәралеи хымхәаралеи), - 3 100 мааҭк роулоит.
Иааизакны ас еиԥш атәанчахәқәа зауа рхыԥхьаӡара сынтәа 15 нызқьҩык инарыцны иҟоуп, есышықәса ари ахыԥхьаӡара иацлоит, иҳәеит Гәылариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.