Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәылариа аҳәаанырцәтәи атәанчахәқәа змоуа шаҟа рзацло иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гәылариа аҳәаанырцәтәи атәанчахәқәа змоуа шаҟа рзацло иазкны
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәтәи атәанчахәқәа змоуа Аԥсны ауааԥсыра ртәанчахәқәа шаҟа мааҭ иацлаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа.
Аминистрцәа реилазаара есымзатәи ашәарацҵақәа рзы ақәҵара аднакылеит аилатәараҟны. Уи инақәыршәаны ԥхынгәы 1 инаркны аҳәаанырцәтәи атәанчахәы змауа аԥсуа тәанчаҩцәа 1000 мааҭ еиҳаны ироулоит.
қәралатәи атәанчаҩцәа - 4000 мааҭ роулоит;
акыршықәсатәи аусуразы атәанчахәы зауа - 3700 мааҭ;
аҳаҭыртә хьыӡқәа "Жәлар…", "Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ…" змоу атәанчаҩцәа - 4 500 мааҭ; адгьыл аҵа аус зуаз (ашахтаҿ) атәанчаҩцәа - 4 500 мааҭ;
иныҟәызгоз дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа (аусуразы алшара змам аҭаацәа ахаҭарнакцәа рыцԥхьаӡа) - 4000 мааҭ; 3 700 мааҭ рзыршәалоит;
ҭынха дызмам - 7000 мааҭ;
аџьа аинвалидцәа (І, ІІ, III агәыԥқәа) - 3900, 3800, 3650 мааҭ;
иизар иинвалиду (16 шықәсанӡа, I, II агәыԥқәа) - 5 мааҭ; 4 500 мааҭ рзыршәалоит;
асоциалтә тәанчахәы зауа (қәралеи хымхәаралеи), - 3 100 мааҭк роулоит.
Иааизакны ас еиԥш атәанчахәқәа зауа рхыԥхьаӡара сынтәа 15 нызқьҩык инарыцны иҟоуп, есышықәса ари ахыԥхьаӡара иацлоит, иҳәеит Гәылариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0