Аԥсны

Лев Кәыҵниа далахәын Урыстәыла АҶА имҩаԥнагаз аҽазыҟаҵарақәа

Лаҵара 29 инаркны рашәара 1-нӡа Москватәи аобласт аҟны имҩаԥысуан "Акомплекстә шәарҭадара" асалон. Уи иалахәын жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аабеи Аԥсны назлоу 40 тәыла рҟынтәи 200-ҩык ахаҭарнакцәеи.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа далахәын Урыстәыла АҶА имҩаԥнагоз аҽазыҟаҵарақәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Урыстәыла АҶА аминистр Александр Куренков идҵаҟаҵарла Москватәи аобласт Ногинсктәи аиқәырхаратә центр адәаҟны.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 900-ҩык ауааԥсыреи 200 ак атехникеи, иара убас аҳаирпланқәа ҩбеи, авертолиотқәа 12, аԥарҩы дызҭам ахархәагақәа 30.
Аҿазыҟаҵарақәа рыла ихыркәшахеит 15-тәи Жәларбжьаратәи "Акомплекстә шәарҭадара" асалон. Уи иалахәын жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аабеи Аԥсны назлоу 40 тәыла рҟынтәи 200-ҩык ахаҭарнакцәеи.
Аԥсны
Рԥышәа еиздырҳарц: Риҵа амчратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз