Аԥсны

Археологцәа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа рыԥшааит Аҟәатәи ашыцәаҟны

Sputnik
АҞӘА, рашәара 11 Sputnik. Археологцәа Аҟәатәи ашыцәаҟны ирбеит ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа.
Севастопольтәи аҳәынҭуниверситети, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститути, Аԥснытәи аҳәынҭмузеии рҵарауаа 2023 шықәса рашәара-ԥхынҷкәынмзазы Аҟәеи Гәдоуҭеи амшынҵакыраҿы аӡаҵаҟатәи археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргеит.
Дара иҷыдоу амаругақәа рхы иадырхәеит, аӡхәыҵалаҩцәа адырԥхьалеит.
Мрагылараҭҵаара аинститут Ҟрым аҭҵаарақәа рцентр анапхгаҩы Виктор Лебедински РИА Новости ишазеиҭеиҳәаз ала, Баслаҭа аӡиас Аҟәатәи ашыцәа иахьалало 2,4 метра аҵаулараҟны иԥшаан ихыргьежьаау аргыламҭа ахыжәжәарақәа. Агәаанагара ыҟоуп аҭӡы иадҟаҵалаз абаашқәа ракәзар ҟалап ҳәа.
Абаҟа ҭырҵаалоит 2024-2025 шықәсқәа рзы. Гәдоуҭа аӡымҽхакыраҿы ирԥыхьашәеит антика-абжьарашәышықәсатәи аамҭа иаҵанакуа амкьаҭқәа. Лебедински игәаанагарала , уи иӡааҟәрылаз аӷба иақәыз аидара ауп.
Агидролокаторқәа рхархәарала аҵарауаа ирԥыхьашәеит акрызҵазкуа аӡаҵатәи аобиектқәа 11, урҭ иааиуа ашықәсқәа рзы аӡәхәыҵалаҩцәа иҭырҵаауеит.