https://sputnik-abkhazia.info/20240611/arkheologtsa-azhyt-rgylama-akhyzhzharaa-ryshaait-aati-ashytsany--1051327264.html
Археологцәа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа рыԥшааит Аҟәатәи ашыцәаҟны
Археологцәа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа рыԥшааит Аҟәатәи ашыцәаҟны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Археологцәа Аҟәатәи ашыцәаҟны ирбеит ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа. 11.06.2024, Sputnik Аҧсны
2024-06-11T11:25+0300
2024-06-11T11:25+0300
2024-06-11T18:18+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/0b/1051324531_24:0:1256:693_1920x0_80_0_0_0fafceefc75edb05b84609bb81d770d1.jpg
АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Археологцәа Аҟәатәи ашыцәаҟны ирбеит ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа. Севастопольтәи аҳәынҭуниверситети, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститути, Аԥснытәи аҳәынҭмузеии рҵарауаа 2023 шықәса рашәара-ԥхынҷкәынмзазы Аҟәеи Гәдоуҭеи амшынҵакыраҿы аӡаҵаҟатәи археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргеит.Дара иҷыдоу амаругақәа рхы иадырхәеит, аӡхәыҵалаҩцәа адырԥхьалеит. Абаҟа ҭырҵаалоит 2024-2025 шықәсқәа рзы. Гәдоуҭа аӡымҽхакыраҿы ирԥыхьашәеит антика-абжьарашәышықәсатәи аамҭа иаҵанакуа амкьаҭқәа. Лебедински игәаанагарала , уи иӡааҟәрылаз аӷба иақәыз аидара ауп. Агидролокаторқәа рхархәарала аҵарауаа ирԥыхьашәеит акрызҵазкуа аӡаҵатәи аобиектқәа 11, урҭ иааиуа ашықәсқәа рзы аӡәхәыҵалаҩцәа иҭырҵаауеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/0b/1051324531_178:0:1102:693_1920x0_80_0_0_23cb8a4a4551ea29bdc49ce5b11750a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Археологцәа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа рыԥшааит Аҟәатәи ашыцәаҟны
11:25 11.06.2024 (ирҿыцуп: 18:18 11.06.2024) АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Археологцәа Аҟәатәи ашыцәаҟны ирбеит ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа.
Севастопольтәи аҳәынҭуниверситети, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститути, Аԥснытәи аҳәынҭмузеии рҵарауаа 2023 шықәса рашәара-ԥхынҷкәынмзазы Аҟәеи Гәдоуҭеи амшынҵакыраҿы аӡаҵаҟатәи археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргеит.
Дара иҷыдоу амаругақәа рхы иадырхәеит, аӡхәыҵалаҩцәа адырԥхьалеит.
Мрагылараҭҵаара аинститут Ҟрым аҭҵаарақәа рцентр анапхгаҩы Виктор Лебедински РИА Новости ишазеиҭеиҳәаз ала, Баслаҭа аӡиас Аҟәатәи ашыцәа иахьалало 2,4 метра аҵаулараҟны иԥшаан ихыргьежьаау аргыламҭа ахыжәжәарақәа. Агәаанагара ыҟоуп аҭӡы иадҟаҵалаз абаашқәа ракәзар ҟалап ҳәа.
Абаҟа ҭырҵаалоит 2024-2025 шықәсқәа рзы. Гәдоуҭа аӡымҽхакыраҿы ирԥыхьашәеит антика-абжьарашәышықәсатәи аамҭа иаҵанакуа амкьаҭқәа. Лебедински игәаанагарала , уи иӡааҟәрылаз аӷба иақәыз аидара ауп.
Агидролокаторқәа рхархәарала аҵарауаа ирԥыхьашәеит акрызҵазкуа аӡаҵатәи аобиектқәа 11, урҭ иааиуа ашықәсқәа рзы аӡәхәыҵалаҩцәа иҭырҵаауеит.