Аԥсны

Лаҵарамза ҳааҭалазар Аԥсны COVID-19 зыхьыз 12-ҩык ыҟоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Лаҵарамза инаркны рашәара 12-нӡа Аԥсны COVID-19 зыхьыз 12-ҩык ыҟоуп хәа лҳәеит асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
"Лаҵарамзазы игәаҭаз 537-ҩык рахьынтәи фҩык аковид рыман. Ҳазҭоу амза раԥхьатәи амчыбжьқәа рзы 184-ҩык гәаҭан, урҭ рахьынтәгьы фҩык аҿкчымазара шрымаз аарԥшын. Аха ари ахыԥхьаӡараз агәҭынчымзаара аарԥштәым", - ҳәа лҳәеит лара.
Белиаева иара убасгьы илҳәеит, ари аҽкчымазара ауаҩтәыҩса иԥсҭазаараҿ наунагӡа ишаанхо. Аха узыргәырӷьо акәны ишыҟоу, ачымазара аԥсыҽра раԥхьа ахы шцәырнагаз еиԥш ишыҟам.
Илҳәеит уажәы иара иаабац аамҭатә ҿкчымазараны имҩасуеит, аха анаҩс ахы шымҩаԥнаго аҳәара уадаҩуп ҳәа.