Аԥсны

Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араиони ӡыда иаанхоит ахаша, рашәара 19 рзы

Sputnik
АҞӘА, рашәара 18 Sputnik. Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араиони ӡыда иаанхоит ахаша, рашәара 19 рзы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Аӡы ҟалаӡом асааҭ 01:00 инаркны 14:00 сааҭ рҟынӡа Турбаза, Синоп, Кәыдрытәи амҩаду, Ҷанбеи Аруааи рымҩадуқәа, Баслаҭа ақыҭеи рыҟны.
Аӡы аанкылахоит арҽеиратә усурақәа инарымаданы.