АҞӘА, рашәара 28 — Sputnik. Аҟәатәи апрокуратура амилициа алеитенант Манча Кьахьба иганахьала иганахь ала ашьаус хацнаркит имаҵуратә уалԥшьақәа дырхыҳәҳәаны амч ихы иаирхәеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Кьахьба Аҟәатәи амилициахь аусуразы иаашьҭыз амилициа аҭыԥ "Алашарбага" аҿы аоперативтә зинмч змоу усзуҩуп.
Ашьаусԥшаара ишьақәнаргылеит жәабран 3 2024 шықәса рзы иара ҭаҷкәымла Асҭамыр Сабекьиа 11-нтә дышисыз.
Сабекьиа — 2023 шықәса жьҭаарамзазы АҩАР аусзуҩцәа рганахьала амч ахархәареи раҳаҭыр аларҟәреи рзы агәҩара рыманы иаанкылаз иоуп.