Аԥсны

Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьыз абанкнотқәа Гонконг имҩаԥысуа ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьыз абанкнотқәа Гонконг имҩаԥысуа ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит абанк адәныҟатәи аимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа.
Hong Kong International Numismatic Fair — Азиа имҩаԥырго анумизматцәа рцәыргақәҵоуп, ари ауснагӡатә Аԥсны абанк хынтәуп иалахәуижьҭеи лҳәеит Агрԥҳа.
Ацәыргақәҵаҿы иӡырган абанк иҭнажьхьо абанкнотақәа зегьы, урҭ ирхыԥхьаӡалоуп ааигәа иӡыргаз алышькьынтыри, Кавказтәи абынҽацәи, ахьши зну. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа банкнотақәа аархәеит Китаи, Таиланд, Сингапур рҟынтәи аизгаҩцәа.
Аԥсны
Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьит агәаларшәагатә банкнотқәа