Аԥсны

"Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар, амшын ҭанарбоит": амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа

Амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа рыхҳәаа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Сылаԥш азыҩуеит амшын ду,
Тамашәҭҵас еилаԥыруеит аҷнышқәа,
Амшын иаҵәеи жәҩани ахьеиду
Инеихьеит аԥра шкәакәақәа.
Владимир Аҵнариа
Амшын - ԥшӡара згым аԥсабара аҳамҭоуп. Амшын аҟазшьеи асаби иҟазшьеи хҭак еицҭадыршәуеит. Зназы иҭынчуп, иҟәымшәышәуп, даҽазных ҳаӷеиҭа - аҭра иҭыҵны, алеишәа ырцәгьаны, ацәқәырԥақәа рбылгьо аԥшаҳәа иазцоит.
Жәлар рҟәыӷара иагәеисырҭоу ажәаԥҟақәа реилазаараҟны амшын иазку рхыԥхьаӡара маҷуп узҳәом. Урҭ рахьтә зҽазысшәоит ҽырԥштәқәак рыхҳәаа аҟаҵара.
Амшын иазку ажәаԥҟақәа рахьтә
Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар, амшын ҭанарбоит; Лоунытә ажәлар анқәыԥсычҳа, рыԥсыԥ - хықә иазнымкыло мшынхоит.
Аԥсны
"Аҟәараҿы ахаҳә змоуз иеиԥш": аиҿырԥшратә шьҭынгыла “еиԥш” зцыло ажәаԥҟақәа
Жәлар ргәаҟрақәеи урҭ рымчхара дуӡӡеи ирҿахәҳәагоу жәаԥҟақәоуп. Ажәлар рыргәаҟра гәнаҳара дууп, уи агәнаҳа уаҩ дзаҵыҵӡом. Ажәлар рычҳара анхышхыҵәалак, азалымдара иақәзыршәаз иахьырхәразы ианеидгылалак, ирылшо рацәоуп. Ажәа "лоунытә" егьырҭ авариантқәа ируакуп "лаунытә", "луанытә" (аурыс бызшәа иаҿурԥшуазар, "передышка" аанагоит).
Амшын аҵаулара ушәар ҟалоит, аха агәы аҵаулара шәашьа амам.
Ауаҩы игәаанагара, игәҭакы аилкаара, адырра цәгьоуп убри атәы ҳанаҳәоит иаагоу ажәаԥҟа.
Аҷынҷа адәныцара хәшәуп анырҳәа ицаны амшын ихнаршәлон.
Иулшо ахәыҷы ауаа идумырхәар, урҭ ацхыраара ахьырҭаху урыдымгылар, абас рҳәоит.
Агәы амшын агәаҿы аҭәа архуеит.
Ауаҩы гәаныла илымшо, изыҟамҵо акгьы ыҟамшәа ибоит. Уи аус инапы анаирклак ауп ишыцәгьоу ма ишизыҟамҵо анеиликаауа.
Амшынтә леқсика злоу ажәаԥҟақәа
Ҳарҭ аԥсуаа амшын ҳашьҵылахьеит, ҳааигәа иҟоуп, ҳабла ихгылоуп. Ҳаԥсадгьыл ԥшӡа амшын аҿыкәыршәоуп. Аетнолог Иура Аргәын абас иҩуан: "Аԥсуаа амшын аҟны аӡсареи, излеиҭаҵуаз аӡсагақәеи рыла заманала ишеиқәшәази ртәы рыҩуан антикатәи авторцәа инадыркны 19-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазынӡагьы. Урҭ рышхәақәа рыла хара иҟаз атәылақәа рахьгьы ицалон, ихәаахәҭуан, акы уахь иргон, даҽакы уаантә иааргон".
Аԥсны
"Аԥсыӡ адырган иананырҵа, аӡыжь агәалашәон": аԥсыӡқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи
Аԥсуаа амшын ишазааигәаз, уи инарҭбааны рхы ишадырхәоз дырҵабыргуеит аԥра (парус), анышь (лодочка), афлыка (фелюга), ашхәа (лодка), амазгәыҭ (мачта), аԥырсал (якорь) уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа.
Ҳрызхьаԥшып амшынтә леқсика зныԥшуа ажәаԥҟақәа жәпакы:
Аӷба иҭаз зцом ҳәа амазгәыҭ дахьынҳалон.
Иҟамлар ԥсыхәа змам аус уаҿагылар, саԥырхагахоит ҳәа уалагар абас рҳәоит.
Ауаҩы ихә ӷба иҭаӡом.
Гәыкала иҟоу, даҽаӡәы изы цәгьа зымуа, цәгьа зымҳәо ауаҩ бзиа хәы имаӡам.
Зашхәа уҭоу, иашәа ҳәа.
Зтәылаҿы уҟоу, знапаҵаҟа уҟоу иҵас-иқьабз ныҟәугароуп, ҳаҭыр иқәуҵароуп.
Ҩыџьа акаԥданцәа рыӷба ӡааҟәрылоит.
Аҩнаҭоума, аусураҿоума иззыӡырҩуа, зҳәатәы иқәныҟәо аӡә дрымазароуп, аиҳабацәа анырацәахалак, аус ԥхьаҟа изцаӡом.
Анышь иақәымтәац, ажәҩа изаҵшьуам.
Узышьцылам, зтәы узымдыруа аус акгьы узалхуам, уи атәы цқьа иуҵаанӡа, уи аҿы аԥышәа уауаанӡа акгьы улшом.