https://sputnik-abkhazia.info/20240727/azhlar-luanyt-iysychar-amshyn-anarboit-amshyni-amshynt-lesikei-znyshua-azhaaa-1051759558.html
"Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар, амшын ҭанарбоит": амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа
"Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар, амшын ҭанарбоит": амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа
Sputnik Аҧсны
Амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа рыхҳәаа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа. 27.07.2024, Sputnik Аҧсны
2024-07-27T19:00+0300
2024-07-27T19:00+0300
2024-07-27T19:00+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1d/1046626835_0:70:3394:1979_1920x0_80_0_0_b352e5b9b7141f0e0429a9f6ceba7261.jpg
Сылаԥш азыҩуеит амшын ду,Тамашәҭҵас еилаԥыруеит аҷнышқәа,Амшын иаҵәеи жәҩани ахьеидуИнеихьеит аԥра шкәакәақәа.Владимир АҵнариаАмшын - ԥшӡара згым аԥсабара аҳамҭоуп. Амшын аҟазшьеи асаби иҟазшьеи хҭак еицҭадыршәуеит. Зназы иҭынчуп, иҟәымшәышәуп, даҽазных ҳаӷеиҭа - аҭра иҭыҵны, алеишәа ырцәгьаны, ацәқәырԥақәа рбылгьо аԥшаҳәа иазцоит.Жәлар рҟәыӷара иагәеисырҭоу ажәаԥҟақәа реилазаараҟны амшын иазку рхыԥхьаӡара маҷуп узҳәом. Урҭ рахьтә зҽазысшәоит ҽырԥштәқәак рыхҳәаа аҟаҵара.Амшын иазку ажәаԥҟақәа рахьтәЖәлар ргәаҟрақәеи урҭ рымчхара дуӡӡеи ирҿахәҳәагоу жәаԥҟақәоуп. Ажәлар рыргәаҟра гәнаҳара дууп, уи агәнаҳа уаҩ дзаҵыҵӡом. Ажәлар рычҳара анхышхыҵәалак, азалымдара иақәзыршәаз иахьырхәразы ианеидгылалак, ирылшо рацәоуп. Ажәа "лоунытә" егьырҭ авариантқәа ируакуп "лаунытә", "луанытә" (аурыс бызшәа иаҿурԥшуазар, "передышка" аанагоит).Ауаҩы игәаанагара, игәҭакы аилкаара, адырра цәгьоуп убри атәы ҳанаҳәоит иаагоу ажәаԥҟа.Иулшо ахәыҷы ауаа идумырхәар, урҭ ацхыраара ахьырҭаху урыдымгылар, абас рҳәоит.Ауаҩы гәаныла илымшо, изыҟамҵо акгьы ыҟамшәа ибоит. Уи аус инапы анаирклак ауп ишыцәгьоу ма ишизыҟамҵо анеиликаауа.Амшынтә леқсика злоу ажәаԥҟақәаҲарҭ аԥсуаа амшын ҳашьҵылахьеит, ҳааигәа иҟоуп, ҳабла ихгылоуп. Ҳаԥсадгьыл ԥшӡа амшын аҿыкәыршәоуп. Аетнолог Иура Аргәын абас иҩуан: "Аԥсуаа амшын аҟны аӡсареи, излеиҭаҵуаз аӡсагақәеи рыла заманала ишеиқәшәази ртәы рыҩуан антикатәи авторцәа инадыркны 19-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазынӡагьы. Урҭ рышхәақәа рыла хара иҟаз атәылақәа рахьгьы ицалон, ихәаахәҭуан, акы уахь иргон, даҽакы уаантә иааргон".Аԥсуаа амшын ишазааигәаз, уи инарҭбааны рхы ишадырхәоз дырҵабыргуеит аԥра (парус), анышь (лодочка), афлыка (фелюга), ашхәа (лодка), амазгәыҭ (мачта), аԥырсал (якорь) уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа.Ҳрызхьаԥшып амшынтә леқсика зныԥшуа ажәаԥҟақәа жәпакы:Иҟамлар ԥсыхәа змам аус уаҿагылар, саԥырхагахоит ҳәа уалагар абас рҳәоит.Гәыкала иҟоу, даҽаӡәы изы цәгьа зымуа, цәгьа зымҳәо ауаҩ бзиа хәы имаӡам.Зтәылаҿы уҟоу, знапаҵаҟа уҟоу иҵас-иқьабз ныҟәугароуп, ҳаҭыр иқәуҵароуп.Аҩнаҭоума, аусураҿоума иззыӡырҩуа, зҳәатәы иқәныҟәо аӡә дрымазароуп, аиҳабацәа анырацәахалак, аус ԥхьаҟа изцаӡом.Узышьцылам, зтәы узымдыруа аус акгьы узалхуам, уи атәы цқьа иуҵаанӡа, уи аҿы аԥышәа уауаанӡа акгьы улшом.
https://sputnik-abkhazia.info/20240525/aaray-akha-zmouz-ieish-aiyrshrat-shyngyla-eish-ztsylo-azhaaa-1051169124.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240519/asy-adyrgan-iananyra-ayzh-agalashon-asya-irykhaau-azhaaei-akhyei-1051114747.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1d/1046626835_332:0:3063:2048_1920x0_80_0_0_33352b012a58cb7b95c56596b92e9c62.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар, амшын ҭанарбоит": амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Амшыни амшынтә леқсикеи зныԥшуа ажәаԥҟақәа рыхҳәаа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Сылаԥш азыҩуеит амшын ду,
Тамашәҭҵас еилаԥыруеит аҷнышқәа,
Амшын иаҵәеи жәҩани ахьеиду
Инеихьеит аԥра шкәакәақәа.
Амшын - ԥшӡара згым аԥсабара аҳамҭоуп. Амшын аҟазшьеи асаби иҟазшьеи хҭак еицҭадыршәуеит. Зназы иҭынчуп, иҟәымшәышәуп, даҽазных ҳаӷеиҭа - аҭра иҭыҵны, алеишәа ырцәгьаны, ацәқәырԥақәа рбылгьо аԥшаҳәа иазцоит.
Жәлар рҟәыӷара иагәеисырҭоу ажәаԥҟақәа реилазаараҟны амшын иазку рхыԥхьаӡара маҷуп узҳәом. Урҭ рахьтә зҽазысшәоит ҽырԥштәқәак рыхҳәаа аҟаҵара.
Амшын иазку ажәаԥҟақәа рахьтә
Ажәлар луанытә иқәыԥсычҳар, амшын ҭанарбоит; Лоунытә ажәлар анқәыԥсычҳа, рыԥсыԥ - хықә иазнымкыло мшынхоит.
Жәлар ргәаҟрақәеи урҭ рымчхара дуӡӡеи ирҿахәҳәагоу жәаԥҟақәоуп. Ажәлар рыргәаҟра гәнаҳара дууп, уи агәнаҳа уаҩ дзаҵыҵӡом. Ажәлар рычҳара анхышхыҵәалак, азалымдара иақәзыршәаз иахьырхәразы ианеидгылалак, ирылшо рацәоуп. Ажәа "лоунытә" егьырҭ авариантқәа ируакуп "лаунытә", "луанытә" (аурыс бызшәа иаҿурԥшуазар, "передышка" аанагоит).
Амшын аҵаулара ушәар ҟалоит, аха агәы аҵаулара шәашьа амам.
Ауаҩы игәаанагара, игәҭакы аилкаара, адырра цәгьоуп убри атәы ҳанаҳәоит иаагоу ажәаԥҟа.
Аҷынҷа адәныцара хәшәуп анырҳәа ицаны амшын ихнаршәлон.
Иулшо ахәыҷы ауаа идумырхәар, урҭ ацхыраара ахьырҭаху урыдымгылар, абас рҳәоит.
Агәы амшын агәаҿы аҭәа архуеит.
Ауаҩы гәаныла илымшо, изыҟамҵо акгьы ыҟамшәа ибоит. Уи аус инапы анаирклак ауп ишыцәгьоу ма ишизыҟамҵо анеиликаауа.
Амшынтә леқсика злоу ажәаԥҟақәа
Ҳарҭ аԥсуаа амшын ҳашьҵылахьеит, ҳааигәа иҟоуп, ҳабла ихгылоуп. Ҳаԥсадгьыл ԥшӡа амшын аҿыкәыршәоуп. Аетнолог Иура Аргәын абас иҩуан: "Аԥсуаа амшын аҟны аӡсареи, излеиҭаҵуаз аӡсагақәеи рыла заманала ишеиқәшәази ртәы рыҩуан антикатәи авторцәа инадыркны 19-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазынӡагьы. Урҭ рышхәақәа рыла хара иҟаз атәылақәа рахьгьы ицалон, ихәаахәҭуан, акы уахь иргон, даҽакы уаантә иааргон".
Аԥсуаа амшын ишазааигәаз, уи инарҭбааны рхы ишадырхәоз дырҵабыргуеит аԥра (парус), анышь (лодочка), афлыка (фелюга), ашхәа (лодка), амазгәыҭ (мачта), аԥырсал (якорь) уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа.
Ҳрызхьаԥшып амшынтә леқсика зныԥшуа ажәаԥҟақәа жәпакы:
Аӷба иҭаз зцом ҳәа амазгәыҭ дахьынҳалон.
Иҟамлар ԥсыхәа змам аус уаҿагылар, саԥырхагахоит ҳәа уалагар абас рҳәоит.
Гәыкала иҟоу, даҽаӡәы изы цәгьа зымуа, цәгьа зымҳәо ауаҩ бзиа хәы имаӡам.
Зтәылаҿы уҟоу, знапаҵаҟа уҟоу иҵас-иқьабз ныҟәугароуп, ҳаҭыр иқәуҵароуп.
Ҩыџьа акаԥданцәа рыӷба ӡааҟәрылоит.
Аҩнаҭоума, аусураҿоума иззыӡырҩуа, зҳәатәы иқәныҟәо аӡә дрымазароуп, аиҳабацәа анырацәахалак, аус ԥхьаҟа изцаӡом.
Анышь иақәымтәац, ажәҩа изаҵшьуам.
Узышьцылам, зтәы узымдыруа аус акгьы узалхуам, уи атәы цқьа иуҵаанӡа, уи аҿы аԥышәа уауаанӡа акгьы улшом.