Аԥсны

2024 шықәса актәи азбжа: Аԥсны апрокуратура хада аилатәара

Sputnik
2024 шықәса актәи азбжазы Аԥсны иаарԥшын 101 зинеилагара, абри атәы иҳәеит апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ и.н. Даур Амҷба, Аԥсны апрокуратура хада реилатәараҿы иқәгылараан.
Ииасыз ашықәс иаҿурԥшуазар — 52-нтә еиҵоуп.
Аусбарҭа 46 рдырра ҟанаҵеит, урҭ рыхәаԥшра алкаақәа рыла 14-ҩык административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп, алеишәатә ҭакԥхықәра — ԥшьҩык.
Апрокурортә хылаԥшра ауснагӡатәқәа иалдыршеит абиуџьет 26 миллион мааҭ азырхынҳәра, ишәоуп 441 000 мааҭ ашәахтә уалқәа.

Ацәгьоуразы арбагақәа

2024 шықәса актәи азбжазы 284 цәгьоура азгәаҭоуп Аԥсны. Аԥсны апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ и.н. Даур Амҷба иажәақәа рыла, урҭ реиҳарак ӷьычроуп, закәаншьаҭада анаркотикқәеи абџьари реикәыршароуп.

Амҩақәа рҟны аҭагылаазашьа

2024 шықәса ажьырныҳәамза инаркны ԥхынгәымзанӡа Аԥснытәи амҩақәа рҿы 70 машәыр ҟалеит, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 20-ҩык.
2023 шықәса актәи азбжазы 71 авариа ҟалеит, иҭахеит 28-ҩык. Арҭ арбагақәа аҭагылазаашьа еиӷьхеит ҳәа рҳәаӡом ҳәа азгәеиҭеит Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ и.н. Даур Амҷба, Аԥсны апрокуратура хада реилатәараҿы иқәгылараан.
Амашәырқәа реиҳарак зыхҟьо арыжәтә ыжәны аԥсҟы акра, амашьына арццакра, амҩатә ԥҟарақәа реилагара роуп.

Ашьауӷатә усқәа

Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа уаанӡатәи аиҳабы Аркади Џьинџьиа, аҳасабеилыргаҩ хада Кан Кәарҷиа, анаплакҩы Гьаргь Аԥҳазаа рганахьала заанаҵтәи ашьаусҭҵаара шцац ицоит макьана.
Аусҭҵаара аамҭа рацәа ахьақәырӡу зыхҟьо аумҭа 2019 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа ахьаҵанакуеи Урыстәыла имҩаԥырго аекспертизақәеи роуп ҳәа иҳәеит Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ и.н. Даур Амҷба.
Аусҭҵаара адыррала Кәарҷиеи, Џьынџьиеи, Аԥҳазааи аилаӡара рыбжьарҵеит аџьармыкьатә хәыԥса ҩынтә еиҳаны иарбаны. Аԥарақәа Аԥҳазаа иԥхьаӡамҭахь иҭалеит, анаҩс иара иҭыганы 5,9 миллион мааҭ Кәарҷиеи Џьынџьиеи ириҭеит. Дара рганахьала агәызҩара ыҟоуп х-епизодк рганахьала: амаҵзуратә лшарақәа рхархәара, Аҳәынҭинспекциа амазара аимҵәара, амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала анаплакҩы Гьаргь Аԥҳазаа далархәны хыԥхьаӡара рацәала аӷьычра. Агәаҭараан агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа Аҳәынҭинспекциа иарҭаз ахарџь - 6 500 000 мааҭ дыргьежьит.
Аԥсны
Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа ахада иганахьала аимҵәараз аусҭҵаара хыркәшоуп
Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа иацнаҵоит макьаназы зыԥсыбаҩ ԥшаам Натиа Бахтаӡе лышьразы аусҭҵаара.
Ари аус аганахь ала Урыстәыла иҷыдоу усбарҭақәа рҟны имҩаԥыргоит аӡбарҭатә маликулиар-генетикатә експертиза цҵа иҳәеит апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ и.н. Даур Амҷба.
Гал араион инхо Натиа Бахтаӡе дшыӡыз азы аинформациа рылаҵәеит ԥхынгәы 28 рзы. Нанҳәа 3 рзы Гал араион апрокуратура Натиа Бахтаӡе лышьразы ашьаус хацнаркит Очамчыра инхо Аинар Ҵәыџьба иганахь ала, ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас икны. 25-шықәса зхыҵуа Ҵәыџьба иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭаз, иҳәеит аӡхыҽҽаратә ГЕС аӡеизакырҭа лыԥсыбаҩ шалаижьыз. Бахтаӡе лыԥсыбаҩ ԥшаам.
Аԥсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа Аинар Ҵәыџьба дшаанкылаз дааннажьит