Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа ахада иганахьала аимҵәараз аусҭҵаара хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВзятка.
Взятка. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2023
Анапаҵаҩра
Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа ахадеи аҳасабеилыргаҩ хадеи рганахьала агәызҩара ыҟоуп амазара еимырҵәеит ҳәа иара убасгьы рмаҵзуратә ҭагылазаашьа рхы иархәаны иӷьычуан ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа ахада Аркади Џьынџьиеи аҳасабеилыргаҩ хада Кан Кәарҷиеи рганахьала ҳәа аанацҳауеит апрокуратура асаит.

Дара рганахьала агәызҩара ыҟоуп х-епизодк рганахьала: амаҵзуратә лшарақәа рхархәара, Аҳәынҭинспекциа амазара аимҵәара, амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала анаплакҩы Гьаргь Аԥҳазаа далархәны хыԥхьаӡара рацәала аӷьычра.

Аусҭҵаара адыррала Кәарҷиеи, Џьынџьиеи, Аԥҳазааи аилаӡара рыбжьарҵеит 6,5 миллион мааҭ иаԥсоу ахархәагақәа раахәаразы. Убри аан дара ирдыруан ахархәагақәа раахәара шхымԥадатәимыз, иаархәоз аџьармыкьатә хәыԥсагьы ҩынтә еиҳаны ишарбаз.
Аԥарақәа Аԥҳазаа иԥхьаӡамҭахь иҭалеит, анаҩс иара иҭыганы 5,9 миллион мааҭ Кәарҷиеи Џьынџьиеи ириҭеит.
Иара убасгьы Аркади Џьынџьиеи Кан Кәарҷиеи абиуџьеттәии абиуџьетнҭыҵтәии ԥарақәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы Аҳәынҭинспекциа абаланс аҿы иҟамыз амашьынақәа рремонти ахархәагақәа раахәареи рзы илырҩааит 575 000 мааҭ.
Денежные купюры и монеты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2022
Аԥсны
Арепатриациа афонд аҿы иаадырԥшит даҽа 34 миллион мааҭ аԥара аимҵәара
Уи адагьы, Аркади Џьынџьиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны аусбарҭа аусзуҩцәа равтомашьынақәа арендала игазшәа аилаӡара ҟаиҵеит, урҭ аусзуҩцәа аусутә напынҵақәа рзы акы алагаҩагара шыруалмызгьы. Арҭ амашьынақәа рремонти рхархәагақәеи рзы илиҩааит 512 000 мааҭ.
Апрокуратура адырра ҟанаҵоит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны 2022 шықәса нанҳәа 1 аҟынӡа Аркади Џьынџьиа иԥаршеиз аилаӡарақәа ҟаиҵеит Аҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа амаҵзурақәа рзынаигӡозшәа. Кан Кәарҷиеи иареи есымза ашәарацҵақәа рзахиԥхьаӡалон. Абри ала Аҳәынҭинспекциа 1,19 миллион мааҭ аԥхасҭа аиҭеит.
Иазгәаҭоуп агәаҭараан агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа Аҳәынҭинспекциа иарҭаз ахарџь, 6 500 000 мааҭ шдыртәаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0