АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳа АИХ-қәеи азинхьчаратә усбарҭақәа рпресс-маҵзурақәеи аофициалтә ҭыжьымҭақәа рҿы зықәра намӡац рхаҭаратә дыррақәа рымҳәаларц агәҽанҵара ҟалҵеит.
Џьынџьалԥҳа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылаз аҟәатәи аҵаҩы, иганахьала ашьауӷатә ус ахацыркраз ахҳәаа ҟалҵеит.
"Агәҽанҵара шьаҭас иамоуп, зықәра намӡац ахәыҷы ихатә дыррақәа рыхьчареи рымаӡеи рыхьчара апринципқәа, избан акәзар хыхь зыӡбахә ҳәаз адыррақәа рыларҵәара иара изы еицәоу алҵшәақәа аанагар алшоит (иқәлацәа, иҩызцәа, иҭынхацәа рыбжьара ақәымчра)", – ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Илҳәеит, дызхагылоу аусбарҭа ахәыҷқәа асоциалтә еимадарақәеи амессенџьерқәеи рҟны ишәарҭоу онлаин-ресурсқәа рхы рыладмырхәырц азы аҵаратә усура шымҩаԥнаго. Уи аҵарашықәс алагамҭа инаркны ишдырӷәӷәо.