https://sputnik-abkhazia.info/20240805/akhyty-aombudsmen-aikh-ei-azinkhcharat-usbaraei-rakh-aakhara-aleit--1051901277.html
Ахәыҷтәы аомбудсмен АИХ-қәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рахь ааԥхьара ҟалҵеит
Ахәыҷтәы аомбудсмен АИХ-қәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рахь ааԥхьара ҟалҵеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳа АИХ-қәеи азинхьчаратә усбарҭақәа рпресс-маҵзурақәеи аофициалтә... 05.08.2024, Sputnik Аҧсны
2024-08-05T21:00+0300
2024-08-05T21:00+0300
2024-08-05T22:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/14/1041604779_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_857cc7e30a6351e2ce5cd0aff4e776fc.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳа АИХ-қәеи азинхьчаратә усбарҭақәа рпресс-маҵзурақәеи аофициалтә ҭыжьымҭақәа рҿы зықәра намӡац рхаҭаратә дыррақәа рымҳәаларц агәҽанҵара ҟалҵеит.Џьынџьалԥҳа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылаз аҟәатәи аҵаҩы, иганахьала ашьауӷатә ус ахацыркраз ахҳәаа ҟалҵеит. Илҳәеит, дызхагылоу аусбарҭа ахәыҷқәа асоциалтә еимадарақәеи амессенџьерқәеи рҟны ишәарҭоу онлаин-ресурсқәа рхы рыладмырхәырц азы аҵаратә усура шымҩаԥнаго. Уи аҵарашықәс алагамҭа инаркны ишдырӷәӷәо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/14/1041604779_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_f936337e11a12f5d69e7507e835a4bb7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Ахәыҷтәы аомбудсмен АИХ-қәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рахь ааԥхьара ҟалҵеит
21:00 05.08.2024 (ирҿыцуп: 22:32 05.08.2024) АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳа АИХ-қәеи азинхьчаратә усбарҭақәа рпресс-маҵзурақәеи аофициалтә ҭыжьымҭақәа рҿы зықәра намӡац рхаҭаратә дыррақәа рымҳәаларц агәҽанҵара ҟалҵеит.
Џьынџьалԥҳа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иааныркылаз аҟәатәи аҵаҩы, иганахьала ашьауӷатә ус ахацыркраз ахҳәаа ҟалҵеит.
"Агәҽанҵара шьаҭас иамоуп, зықәра намӡац ахәыҷы ихатә дыррақәа рыхьчареи рымаӡеи рыхьчара апринципқәа, избан акәзар хыхь зыӡбахә ҳәаз адыррақәа рыларҵәара иара изы еицәоу алҵшәақәа аанагар алшоит (иқәлацәа, иҩызцәа, иҭынхацәа рыбжьара ақәымчра)", – ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Илҳәеит, дызхагылоу аусбарҭа ахәыҷқәа асоциалтә еимадарақәеи амессенџьерқәеи рҟны ишәарҭоу онлаин-ресурсқәа рхы рыладмырхәырц азы аҵаратә усура шымҩаԥнаго. Уи аҵарашықәс алагамҭа инаркны ишдырӷәӷәо.