АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа аӡы ахархәаразы ахәԥсақәа рыԥсахра азҵаара иахәаԥшит.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ажәалагала ҟаиҵеит кубометрк азы 4 мааҭк рҟынтәи хә- мааҭк рҟынӡа ашьҭыхразы. Иажәақәа рыла, аӡы ахархәаразы ауааԥсыра имаҷны ахә ршәоит, уи аан дара ӡыла реиқәыршәаразы ахарџь маҷымкәа иаҭахуп.
Азҵаара аимак-аиҿак цәырнагеит. Аилацәажәара алҵшәақәа рыла, еиуеиԥшым ахархәаҩцәа ркатегориақәа рзы аӡы кубометрк ахархәаразы есымзатәи ахәԥсақәа шьақәыргылан:
аԥхьаӡагақәа ззықәгылоу анхацәа рзы — ԥшь-мааҭк;
аԥхьаӡагақәа ззықәгылам анхацәа рзы — жәа-мааҭк;
аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи абиуџьеттә еиҿкаарақәеи рзы — 70 мааҭ;
ааглыхратәии акоммерциатәии еиҿкаарақәа рзы — 100 мааҭк;
Аԥсны хылаԥшра знамҭо анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи, аусбарҭақәеи рзы — 210 мааҭ.