Аԥсны

Ԥлиа Шьашьикәаратәи агәамсамеизакырҭа амцакра зыхҟьаз атәы иҳәеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Шьашьикәаратәи агәамсамеизакырҭа амца идырны иацрарҵеит иҳәеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
"Аҭааҩцәа аҟьамсар еилырттуа иалоуп, нас амца ацрарҵоит, ибылратәы иҟоу зегь анбыллак ашьҭахь аметалл аанхоит ҳәа игәыӷны", — ҳәа иҳәеит иара.
Ԥлиа иҳәеит, ахара зду ԥшааны ишахьдырхәуа. Иара иажәақәа рыла, ибылуа агәамсамеизакырҭа аҵакыра дууп, алҩа ахьыӷәӷәоу инамаданы уаҟа аҟазаара шәарҭоуп.
Уажәы егьырҭ араионқәа рҟынтәи агәамсам аазго амашьынақәа нарышьҭӡом.
Амца ахыҵхырҭақәа рахь рнеиразы атехника ҷыдала агәамсам ықәдрыцқьаауеит. Гал араион АҶА аусзуҩцәа ирыцхраауеит Очамчыра араиони ЕгрыГЕС-и реиқәырхаҩцәа.
Ԥлиа иҳәеит Шьашьикәара иҟоу агәамеизакырҭахь есыҽны 1300-1500 кубаметра аҟьамсар шаарго. Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәа рҟынтәи иаарго агәамсам аиагаразы Кациқыҭ агәамеизакырҭа дыргылеит.
Гал араион ахада иажәақәа рыла, ари агәамеизакырҭатә дәы ахархәараз ирыҭоуп, уажәазы аҳҭнықалақь анапхгара атехика аархәоит иара убас аусуҩцәа рыдыркылоит. Хымз рышьҭахь аусура иалагароуп.
Аԥсны
Кациқыҭ агәамсамеизакырҭа аргылара хыркәшоуп