Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Ахатәгәаԥхаҩцәа рымши Бедиатәи аконцерти

Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит нанҳәа 12-18 рызтәи ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
Sputnik
Ареспубликаҿ Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку агәалашәаратә рыцхәқәа шазгәарҭаз, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мальта Қырҭтәыла акзааразы аҳәамҭа аҭак шыҟанаҵаз, Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәаларазы Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра агәаанагара, абарҭқәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Афырхацәа ргәаларшәара

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан атәыла зыхьчоз афырхацәа ргәаладыршәеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи зегь рыҟны нанҳәа 14 аҽны. Ари амш аҽны 32 шықәса раԥхьа Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ар Аԥсны иақәлеит, иалагеит аибашьра.
Аӷа атәыла иалцара алыршахеит Нхыҵ Кавказ, Урыстәыла арегионқәа, Ҭырқәтәыла рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рыдгыларала – 1993 шықәса цәыббра 30 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра рлахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, аррамаҵзурауаа, ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны игылоу абаҟа амҵан.

Ахатәгәаԥхаҩцәа рымш

Есышықәса нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. Раԥхьаӡа акәны иара нарҭбааны иазгәаҭан 2012 шықәсазы, аха официалла иҳәынҭқарратә ныҳәаны иԥхьаӡоуп 2013 шықәса раахыс.
Гәдоуҭа игылоу ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит. Уи иалахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, аррамаҵзурауаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Арахь иааит Аԥсни Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи рбираҟқәа рыманы. Аԥсны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы иааит 200-ҩык хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа.
Анаҩс аусмҩаԥгатә аныҳәатә хәҭа иацҵан Акультура ахан аҟны. Иара уа имҩаԥган аконцерт. Дықәгылан ажәахә ҟаиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
"Ҳара ахааназ урҭ рфырхаҵара ҳхашҭуам. Ахатәгәаԥхаҩцәа 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәара" амедал рыҭоуп. Арҭ ҳашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи ҿырԥшыган иаанхоит", — ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аконцерттә программа шьақәгылан аԥснытәи ашәаҳәаҩцәеи ҷыдала Аахыҵ Уаԥстәылантә иааԥхьаз Игор Тасои рықәгыларала. Иара убасгьы Сергеи Дбар ихьӡ зху амузеи аҿы еиҿкаан афотоцәыргақәҵа "Афырхацәа".
Аекспозициа шьақәгылоуп 304 фотосахьа рыхкьыԥхьаа Фаина Матуаԥҳа, Гули Кьычԥҳа, Емма Ермолова, Алина Ачԥҳа, Лиалиа Чамагәуаԥҳа, Иавуз Кәаӡба рархивқәа рҟынтәи. 108 фотосахьа раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп. Иҟоуп Владислав Арӡынбеи Ҭырқәтәылатәи адиаспора рхаҭарнакцәеи Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рнапхгаҩцәеи рԥылараан иҭыхыз.
Нанҳәамза нҵәаанӡа иаарту ацәыргақәҵа даҭааит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Ииасыз ашықәс азы иаадыртыз Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи аполитикатә репрессиақәеи ирызку амузеи азалқәагь дрыҩналан ибеит.

Мальтатәи аҩашьара

Ииасыз амчыбжь азы ЕАР иҟоу Мальта ахаҭарнак Франчески Гатт Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа рыхьӡала дықәгыло Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла иахәҭакуп ҳәа иҳәеит, Урыстәылахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит урҭ рхьыԥшымра мап ацәнакырц.
Ари Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭеит. Ареспублика адәныҟаполитикатә усбарҭа адунеитә уаажәларрахь ааԥхьара ҟанаҵеит иҟоуҵәҟьа ддырҳарц.
"Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара ҳәа ашаблонжәақәа аамҭа-аамҭала ицәырырго иаартны иунарбоит Аахыҵ Кавказ иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа жәларбжьаратәи аилазаарақәа рхаҭарнакцәақәак обиективла ишрыдрымкыло, шаҳаҭрагь руеит акраамҭа зеилыргара алмыршахаз аимак азҵаарақәа ишрыдымгыло" - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Аминистрраҿ иазгәарҭеит Аԥсны аҳәынҭқарра азқьышықәсақәа ишырҭоурыху, ақырҭуа агрессиа иаҿагылаз аԥсуа жәлар ЕАР Аԥҟаԥҵәаҿы иарбоу ахалахатәҳәаақәҵараз азин ишықәныҟәаз.

Азакәанԥҵарақәа реишьаршәарала

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач аҳәамҭа ҟаиҵеит азеиԥш социалтәии аекономикатәии ҵакыра аиҿкааразы апрограмма анагӡараз А псни-Урыстәылеи русеицуратә гәыԥ аилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо.
Иара иазгәеиҭеит, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азакәанԥҵарақәа реишьаршәалара аҩтәылак рыбжьара аусеицура аҿиара ишахәарҭоу, ареспублика аекономика шеизнарҳауа.
"Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара атауареикәыршара 2024 шықәса актәи азыбжазы 16 миллиард мааҭ еиҳауп. 2023 шықәсазы ареспублика ахатәы хашәалақәа 9,8 миллиард мааҭ артәеит, ашықәстә уснагӡа арбагақәа 36,5% рыла еиҳауп. Аԥсны азеиԥшхашәалахәы 69,4 миллиард мааҭ ҟалеит, ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭпрограмма ишьақәнарӷәӷәаз арбагақәа ирхысны" — иҳәеит Вольвач.
Ари апрограмма 2021 шықәсазы иалагеит. Иазԥхьагәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа рӷьырак ирылгеит, ихыркәшахоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыбжьара аилацәажәарақәа. Ахыркәшаратә хәҭа азгәаҭоуп 2025 шықәсазы.

Аԥснынтәи ацхыраара

Донбасс ауааԥсыра рзы нанҳәа 13 рзы амҩа иқәлаз агуманитартә цхыраара Курсктәи аобласт, "Пятнашка" ахьгылоу аҭыԥахь идәықәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Асеиԥш аӡбра оперативла ирыдыркылеит, аидара аобласт ахь инаргахьеит.
Урыстәыла арегион ҿыцқәа рымадараз Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа аобласт агубернатор и.н. Алексеи Смирнов диԥылеит, ирылацәажәеит агуманитартә усеицура азҵаарақәа.
Анаҩс иара ДЖәР ахь днеит, агоспиталь аҿы ишьҭоу аԥснытәи аибашьцәа ибаразы.

Аԥсуа аҭҵаарадырра ацәыӡ аиуит

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаисыз амчыбжь азы, нанҳәа 15 аҽны ашәаџь жәабыжь рыланаҳәеит. Иԥсҭазаара далҵит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Олег Бӷажәба.
Иара 83 шықәса ихыҵуан.
Олег Бӷажәба илагала дууп Аԥсны ажәытәӡатәи, ажәытәтәи, заатәи абжьарашәышықәсақәеи рҭоурых аҭҵаараҿы, дравторуп 150 инареиҳаны астатиақәеи, 15 монографиеи, ашколқәеи ауниверситетқәеи рзы арҵага шәҟәқәеи.
Аус ицызуаз ишырҳәо ала, Бӷажәба иеихьӡарақәа иреиуоуп ажрақәа раан иԥшааз амаҭәарқәеи Дамасктәи аихатә ҟамақәеи аамҭа рацәала рыҭҵаара. Уи илшеит ашьақәырӷәӷәара, аԥсуа еибашьцәа абас еиԥш иҟоу абџьарқәа рхы архәара мацара акәымкәан иара аџыр ахаҭагьы Аԥсны ишыҟарҵоз.

Очамчыра аӡхыҵрақәа

Нанҳәамза 12 рзы иауз ақәаршҩы иахҟьаны Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа Аимареи Лаганиахәи аҳаблақәа аӡы рыҵалеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа.
Иара иажәақәа рыла, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа иалсуа Қәмарча аӡиас маҷ аҽарцәгьеит, амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, иҟоуп ацҳақәа ахьхнахыз.
"Ҷлоу еиҳарак ааха рыҭан аҿаҩа иаԥну аҳаблақәа ԥшьба. Аимареи Лаганиахәи аҳаблақәа рҿы ацҳақәа ҿыц еиҭашьақәыргылатәхеит. Лаганиахә, Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи ахь узымнеиуа амҩа аҭагылазаашьа бааԥсхеит. Иара убас Андроу аҳаблан ауаа зынеи-ааиуам. Убри аан аҩнқәеи амхурсҭақәеи ԥырхага рымам", - иҳәеит Сангәлиа.
Сангәлиа иазгәеиҭеит ақыҭа анапхгара иҟалаз ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз рымч шазымхо.
Арадио
Сангәлиа еиҭеиҳәеит Ҷлоу ақыҭан ҳаблақәак рҿы амҩақәа ӷәӷәала ишҿыӡәӡәаау

"Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…"

XXII Жәларбжьаратәи аклассикатә музыка фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" аатит Аҟәа ԥхынгәы 15 рзы.
Афестиваль апрограмма хә-концертк рыла ишьақәгылоуп. Урҭ рҟынтәи ԥшьба Аҟәа атеатр ашҭаҿы, Пицундатәи аныхабааҿы, Бедиатәи ауахәамаҿы имҩаԥысит.
Аԥсуа шәаҳәаҩы илыцықәгылеит Маритәи атеатр асимфониатә аоркестри асолистцәеи, атеатр адиректор, адирижиор Валери Гергиев, апианиноарҳәаҩы Олег Аккуратов, Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәа".
Амҽыша, нанҳәа 18 рзы Бедиатәи ауахәамаҿы иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи".
Нанҳәа 19 рзы Аҟәа, Атеатр ашҭаҿы Хьыбла Гьерзмааԥҳа илыцықәгылоит асаксофонарҳәаҩы Игор Бутмани Сергеи Макеев напхгара зиҭо аџьаз –бенди.
Иара убас, даҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.

"Ашықәс арҵаҩы"

Пицунда иаатит VI Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы". Иара иалахәуп адырра ҿыцқәа рырҳареи, азнеишьа ҿыцқәеи рыҭҵааразы алшара зауа 80-ҩык Гагра араион ашолқәа рырҵаҩцәа.
Аԥхынтәи ашкол даҭааит Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцов. Иара иазгәеиҭеит ари ауснагӡатә аҵакы шдуу.
Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит дшақәгәыӷуа ашкол алахәылацәа ара ишьҭыркааз аметодикақәа ахархәара рырҭап ҳәа.
Сынтәатәи ашкол ахырхарҭақәа ԥшьба аман: ашколқәраҟынӡатәи аҵара, аԥсуа бызшәа, алагарҭатә школ, абаҩрҵәыра.