Ахаҳә адунеи ианылеижьҭеи изхаану рацәоуп, анҵыра бзиа амоуп. Рҽырыԥсахуеит аамҭақәа, ашәышықәсақәа, аҳәынҭқаррақәа, ақалақьқәа, ауаа – иара ахьышьҭац ишьҭоуп, имҩасыз ахҭысқәа шаҳаҭра рызуа.
Ҭоурыхла ауаҩы ишьақәгылара аетап хадақәа ируакын ахаҳә аамҭа. Усҟантәи ауаҩы ихы иаирхәоз ахаҳә, ахаҳәтә маругақәа акырӡа ицхыраагӡахоит, изыблахтырахоит. Ахаҳәтә культура иарҿиамҭаны аҭоурых иазынхаз маҭәарқәоуп - адамрақәа (адольменқәа), абаақәа, ахырӷәӷәарҭақәа, аҭӡамцқәа, ацҳақәа уҳәа.
Ахаҳәи ажәаԥҟақәеи
Зынҵыреи злаӡареи ӷәӷәоу ахаҳә иахҳәаау аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа иҳарҳәоит: "Ахаҳә аҭыԥ аҟны ихьанҭоуп", "Ахаҳә шызар, ашыцламшә зақәиааӡом", "Ахаҳә урбылгьаргьы, џьара аҽыннакылоит", "Ахаҳә шбылгьо аҵыҭәа зақәлом". Ахаҳә иахҳәаау ажәаԥҟақәа инарылукаартә иҟоуп абарҭ:
"Ахаҳә уршыргьы иԥжәоит"; "Ахаҳә уршыргьы итҟәацуеит" - ауаҩ ҭынчгьы уааиҟәамҵӡакәа аиакәым иауҳәо, аиакәым изууа уалагар, ухәҭаа уақәиршәоит.
"Аӡыкәт ахаҳә агәыдҵа, иаахар бзиоуп, иамаахар, ахаҳә ахаҳәқәа ирыцлоит" - аус акы алҵып, исԥылап ҳәа даараӡа уақәымгәыӷуазаргьы, уацәымаашьан, уалага: иалҵыр - абзиа, иалымҵыргьы - оумак иуԥырхагам. Азгәаҭа (абын кәата даҽакала "аӡыкәт" ҳәа азырҳәоит).
"Ахаҳә иагәыдлаз акәтаӷь еиԥш" - ауаҩы дыззымиааиуа дизыҵҟьар, илымшо, дҭазырхо аус иҽазикыр, абас рҳәоит.
"Ахаҳә анлеиуа досу ихы инапы ақәикуеит" - ацәгьара аныҟалалак, дарбанзаалак хыи-ԥси ҳәа ахәыцра далагоит, ихы дадгылоит. Убри атәы ҳанаҳәоит ицәыргоу ажәаԥҟа.
"Ахаҳә угәыдызҵо, ашәаӡа игәыдҵа" - досу дзеиԥшроу, дшааӡоу еиԥш ауп ихымҩаԥгашьа шыҟоу. Иҟоуп ауаа ркатегориа ауаҩы цәгьамзар бзиа изызымуа, иҟоуп ауаа урҭ рҩызцәа имырхьаакәа, хшыҩла рҭыԥ аҭартәара зылшо.
"Ишьҭоу ахаҳәгьы хәтәуеит" - аус зымуа, зҽызымҟьо, иаашьо мыцхәы ачымазарақәа дыхҭаркуеит ҳәа ҳаилнаркаауеит иаагоу ажәаԥҟа.
Ахаҳәи азгәаҭарақәеи
Аԥсуаа ҳҿы ахаҳә кылҵәа, мамзаргьы ахаҳә шкәакәа уҩнаԥхьа икнаҳазар, алаԥш ааннакылоит рҳәоит. Иара убасгьы, ажәытәан аҩныргылара згәы иҭазкыз аҿыцынхацәа иргәаԥхаз аҭыԥ ԥхьаҟа рӷьацаразы иаԥсоу-иаԥсаму аилкаараҟны ахаҳә рхы иадырхәон. Иалыркааз аҭыԥ аҿы хаҳә дук наганы ишьҭарҵон, нас уи ахаҳә ахыз аҵарҭәон. Ҩаха-ҩымш рышьҭахь инеины иаҵаԥшуан. Ахаҳә рацәак идуум ашышкамс еиқәаҵәа аҵазар, аҩны ургылар ҟалоит, уа иҭыԥ мшуп рҳәон.
Ахаҳә аԥхыӡқәа рҿы
Аԥхыӡқәа рдунеи уагәылаԥшуазар, уа ахаҳә маҭәарк аҳасабала иҷыдоу аҵакы аанахәоит, "ацәгьара ааины угәара ишылагылоу" угәыуҽаннаҵоит. Иаагозар:
Ԥхыӡрыла ахаҳә угәыдырҵауа, ма аӡәы игәыдуҵауа убар, ԥхьаҟа амашәыр иазҳәоуп.
Ашҭа арԥшӡараз ахаҳә сса еихурӷӷозшәа уеиԥхыӡзар – ус хьанҭак азы аҭаацәа реилацәажәара иамааноуп.
Ԥхыӡла ахаҳәтә баа аҩнуҵҟа ацәара – ачымазара иамааноуп.