Аԥсны

Ажәлар ргәазыҳәара наӡеит: Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 16 шықәса ҵуеит

Нанҳәа 26 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш.
Sputnik
Sputnik
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара — ари аԥсуа жәлар зегьы рџьабаа иалҵшәоуп", — иҳәон Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.
Нанҳәа 26 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. 16 шықәса раԥхьа, нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит.
Усҟантәи Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазхьаԥшны, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти, егьырҭ ишьаҭаркыратәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбеи Гыцбеи Аԥсны Ахьыԥшымра аԥеиԥш иазкны
Аԥсни Урыстәылеи Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит, Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы урыстәылатәи арратә база артәаразы аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аицхырааразы аиқәшаҳаҭра уҳәа убас иҵегь аҳәынҭқаррабжьаратәи аусбарҭабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа.
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР.