Аԥсны

"Маахыр еиԥшуп быблақәа": амаахыри уи азҩыдарақәеи ирызкны

Ҳтәылаҟны изызҳауа ачықь ҵиаа амаахыр иахҳәаау аматериал ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
"Маахыр еиԥшуп быблақәа,
Еихышәшәоит бӡара па,
Хрыжь-хрыжь ибҳәо бажәақәа,
Иаҵашьыцуеит бықәлацәа…" - абас ажәа ҟәымшәышәла аԥҳәызба илыхцәажәоит жәлар рырҿиамҭа ҵаҵӷәыс измоу Дырмит Гәлиа иажәеинраала.
Ажәеинраалаҿы зыӡбахә цәыргоу амаахыр Аԥсны изызҳауа чықь ҵиаауп (урысшәала "ежевика" ахьӡуп). Аԥхынтәи амра цеицеи амаахыр анаршәлак, арацәаххыреиԥш еиқәаҵәахоит. Ауаҩ еиԥш амаахыр бзиа ирбоит аԥстәқәагьы, аԥсаатәқәагьы.

Амаахыр жәлар рмедицинаҿы

Амаахыр агьама хаауп, иалоуп агәабзиара иазеиӷьу авитаминқәа рацәаны, жәлар рмедицинаҿы ахархәара ҭбаа амоуп.
Амаахыр абыӷьқәа анацәхыԥшәра иахәшәуп. Ахәшә аҟаҵаразы амаахыр абыӷьқәа ааҿыхны, ақашь еиԥшхаанӡа ирҟәаҟәон, анаҩс цаха цқьак инылаҵаны анацәхыԥ ахьшәыз иадырҵон. Ахәшә ахьаа хнаҽуан, аҭәа ҭнагон.
Ауаҩы амгәахасра (азгә. "расстройство желудка") изцәырҵзар, амаахыр ихәоит. Жәлар рмедицина инақәыршәаны ҿыц ҿыхра амаахыр ашьақар аҵарыԥсон, ибзианы ианалслак, крыфаншьҭахь цәыцабжак уфалар, уахәышәтәуеит.
Ауаҩы ацахьаа даргәамҵуазар, уи ахәшәтәразы амаахыр адацқәа, ақәыцқәа, абыӷьқәа зегьы рхыԥхьаӡара еиҟараны еиқәдыршәон, х-литрак зкуа абанка иҭаԥсаны азна аӡыршы аҵаҭәаны, ахҩа аҭаны, иҭаҳәҳәаны сааҭқәак иаанрыжьуан. Анаҩс, иаараӡаны мышк ахь хынтә ажәра иалагон.
Аллергиа ахәшәтәраан аԥсуаа абарҭ аҵиаақәа ирызхьаԥшуан: амаахыр адацқәа, аџь ацәама-жьыма, абиаҵла ацәа, абырҷман адацқәа, аҟарма. Абарҭ амарҭхәқәа зегьы еиҟараны еиларыԥсон, еиладырҩынтуан. Еиларыԥсаз амарҭхәқәа рахьтә ҩ-мҳаҵә дук нахыхны, ҩ-ҵәыцаки бжаки аӡыршы аҵарҭәон, 10 минуҭк еиладыршуан, нас идраӡон. Иалҵыз ахәшә ҵәыцабжак-ҵәыцабжак ржәуан шьыжьи хәылбыҽхеи.
"Аԥсабара анышәҭуа": жәлар рмедицинала аллергиа шырхәышәтәуаз
Ахаԥыцжьы ахьҭа алалазар, амаахыр адацқәа еизганы аӡы аҵаҭәаны агәараҳәа еиладыршуан, ианыхьшәашәалак нахыс ахаԥыцқәа рыҵыршара иалагон.

Жәлар разгәаҭарақәак

Ажәлар разгәаҭарақәа ҳарзааҭгылозар, урҭ изларҳәо ала:
Амаахыр рацәаны ианҿала ашықәсаны аӡынра хьшәашәарахоит рҳәоит.
Амаахыр кьасаны иҟалозар ашықәсан аӡынра цәгьахоит ҳәа азгәарҭоит.

Алитературахьтә

Аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы ирацәоуп аҿырԥштәқәа зыхьӡ ҳамоу аҵиаа абзоурала ауаҩы иԥшра, илакҭақәа анаарԥшу, иаагозар:
Снеиҿаԥшит. Ибла ҭбаақәа амаахыр еиԥш еиқәаҵәоуп. (Баграт Шьынқәба).
Амаахыр иаҩызаз лыблақәа ракәзар – џьарак иаангылазшәа иҵысӡомызт. (Терент Ҷаниа)
Нас ауп ишшәра ишәыз амаахыр еиԥш иҭыџьџьаауа иблақәа уанырхьысуа. (Заира Ҭҳаиҵыкә)
Амаахыр иаҩызаз ба быблақәа сгәаԥхон,
Егьа схаразаргь, сыԥшааны исҿаԥхон. (Анатоли Лагәлаа)
Лыбла ҭшаша ԥшӡақәа еиқәаҵәаӡа, амаахыр еиԥш иҭыџьџьаауа, лыхцәы еиқәарақәа алент ҟаԥшь рылаԥаны ҩбаны илықәԥсан. (Нури Оҭырба)
Аԥхынра шааҟалалак, амаахыр еиқәаҵәамлаҳӡа аҵла махәҭақәа зегьы ихьыссы ирықәҳауеит. (Иван Папасқьыр)
Хьымца амаахыр еиԥшу ибла гәыкқәа нҭыԥраашашәа иааччеит. (Нели Ҭарԥҳа)
Быхцәы ықәыԥсоуп еснагь быжәҩахыр,
Еиԥшуп бхы-бҿы ԥшӡа амаахыр. (Заур Кәарҷиа)
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".