"Аԥсабара анышәҭуа": жәлар рмедицинала аллергиа шырхәышәтәуаз

© Sputnik / Марианна Кубрава Одуванчик погода
Одуванчик  погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2023
Анапаҵаҩра
Жәлар рмедицинаҿы аллергиа зхәышәтәуа аҵиаақәа рыӡбахә Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Игәыҟаҵагоуп ааԥын. Аӡыншьҭахь аԥсабара аҽеибнаҭоит. Ашьац кашьшьы, аҵар рыҷырҷырбжьы, ашәҭқәа рыфҩы хаа аҳауа иалоуп.
"Ацәа иалҵит аԥсабара,
Амра гылеит ихааӡа!
Ааԥын ҩычоуп бӷьы иаҵәала,
Ааԥын - ашықәс ахааҵа!" - абас ажәа лыԥшаахла ари ашықәс аамҭа дахцәажәахьан поет Радион Ҵәыџьба иажәеинраалақәа руак аҿы.
Аиашазы, ааԥын ҿа ангыло иааукәыршан иҟоу зегьы аҽарҿыцуазшәа угәы иабоит. Аиаҵәара кашьшьы, ушьаҿа ахьеихыуго еизҳауа адәышәҭқәа унарылагылоит. Амала иҟоуп ааԥын иацу агәырӷьара ззацеиҩымшо, "быӷьпытын" аамҭа згәабзиара иазеицәо: аллергиа иаргәамҵуа, ашьац ианахьыслак еилышәшәо, мамзаргьы ичуа ауаа ркатегориа.
Мед - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Аԥсны
Ацха, ахшца, аџьмашша: аԥсуаа ахьҭалалара шырхәышәтәуаз

Ахәац

Ааԥынразы изызҳауа ахәац ҿа аԥсуаа рыфатә аилазаара иахәҭакуп, иара ҟатаӡа ианыҟоу еизганы ирчаԥоит. Жәлар рмедицина аҭҵаара иазҿлымҳау Аршба Стелла Грант-иԥҳа лышәҟәы "Аԥсуа жәлар рмедицина" аҟны иазгәалҭоит: "Ааԥын ахәац ҿа ангылалак, аԥсуаа еизганы, ибзианы ижәны, нас расала ирчаԥон. Расала ичаԥо ахәац ҿа аллергиа иаргәамҵуа деиӷьхаразы хынтә ифар акәын" ҳәа.
Аллергиа ахәшәтәразы ахәац чысмаҭәа дук аҿы еиларшны, аџьыкхыш алаԥсаны еиладырҩынтуан. Ахәац иаҵыҵыз аӡы нҵәаанӡа ес-ҽны ирыхьдыршон. Иара убасгьы, ахәац абыӷьқәа хԥа аӡыршы аҵаҭәана иаанрыжьуан, анаҩс мышкахь хынтә 50-50 грамм ржәуан.
Аллергиа ахәшәтәразы ахәац еиԥш егьырҭ аҵиаақәагьы ирызхьаԥшуан. Иаагозар, аџь ацәама-жьыма, абиаҵла ацәа, абырҷман адацқәа, амаахыр зҿало ақәыц адацқәа, аҟарма. Абарҭ хыхь еиқәыԥхьаӡаз зегьы еиҟараны еиларыԥсон, еиладырҩынтуан. Еиларыԥсаз аҟнытә ҩ-мҳаҵә дук нахыхны ҩ-ҵәыцаки бжаки аӡыршы аҵарҭәон, 10 минуҭк еиладыршуан, нас идраӡон. Иалҵыз ахәшә ҵәыцабжак-ҵәыцабжак ржәуан шьыжьи хәылбыҽхеи.
Ааԥын ауаа зыргәамҵуа аллергиа ахәшәтәраҿы ахархәара ҭбаа аман ашәҭбыбк.

Ашәҭбыбк

Ашәҭбыбк (урысшәала "одуванчик") ааԥын инаркны ҽаҩраҭагаланынӡа ибыбышӡа ишәҭуеит. Ашәҭқәа уахынла рҽеикәарыԥсоит, ҽынла амра иазгәышьуа иаатуеит.
Ашәҭбыбк ахәҭақәа зегь рахьтә изҩыдоуп адацқәа. Урҭ еиныргалоит ааԥынразы, мамзаргьы ҽаҩраҭагалан аҵиаа абыӷьқәа анхҩаалак ашьҭахь. Иҵху адацқәа рыцқьаны иӡәӡәаны ашәшьыраҿы 3-4 мшы ("ахш" алҵра иаҟәыҵаанӡа) идырканӡоит, уи анаҩс ибзианы идырҩоит ауадаҿы.
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
"Хыхь-гәыхь умоуа": ауаҩы дызхәышәтәуа ҵиаақәак рыӡбахә
Аҵарауаҩ Валери Кәарҷиа ишәҟәы "Аусумҭақәа реизга. I атом" аҟны абас иҩуеит: "Ашәҭбыбк адацқәа иашоу, аха уаҩы иԥырхагам амаҭәашьарқәа ахьалоу иабзоураны згәаҵәа зыхьуеи, амаасил змоуи, зыца зыхьуеи, акрыфара згәамԥхои рхы иадырхәоит. Уи азы ачаимҳаҵә азна иҟәаҟәоу адацқәа ҵәыцак аӡы аҵаҭәаны 20 минуҭ идыршуеит. Аихарш аныхьшәашәалак идраӡоит. Иржәуеит акрыфара аԥхьа, 50 грамм ҽнак ԥшьынтә. Мамзаргьы иҟаҵатәуп аиҵарԥхьа (азгә. "настойка"). Уи азы ҩ-чаимҳаҵәк рызна адацқәа ҵәыцак аӡыхьшәашәа аҵаҭәаны 8 сааҭк еиҵарԥхьатәуп. Аиҵарԥхьа ржәуеит ҽнак ԥшьынтә, акрыфара аԥхьа".
Ажәабжьқәа зегьы
0