Аԥсны

Анқәаб дидикылеит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак Кавказ иҟоу ахаҭарнак

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 11– Sputnik. Александр Анқәаб дидикылеит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак хабарда ибжьаӡыз азҵаарақәа рзы Кавказ иҟоу ахаҭарнак Анес Коту.
Коту иазгәеиҭеит Аилак аусура ахықәкы хада- хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара мацара шакәым, урҭ рышьақәырӷәӷәараҿы агха аҟамҵарагьы шхымԥадоу.
Аԥсны аԥыза-министр Аилак аусура ишацхраауа атәы иҳәеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 1865-ҩык, урҭ рҟынтәи 285-ҩык рыԥшаахьеит, рхаҭарагьы шьақәдыргылахьеит. Аԥсуа ган ала хабарда ибжьаӡит ҳәа ишшьоу 170-ҩык. 46-ҩык ԥшааны, рхаҭарагьы шьақәыргыланы рҭаацәа ирырҭахьеит.