АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Мҵара ақыҭа ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит Аԥсны раԥхьатәи аерман қыҭа 145-шықәса ахыҵра амш.
"Мҵара ақыҭа иҿыцӡоу аҭоурых— ҳажәларқәа иртәу, иреиӷьу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа раарԥшра иаҭоурыхуп. Кыршықәса Мҵара амшентәи аерманцәа рзы ихеиқәәырхагаз ҭыԥхеит. Аԥсны дара рзы рмилаҭ, рбызшәа, рдин иахьмырԥшыкәа шәарада рхәыҷқәа рааӡар ахьауа, уаҵәтәи амш уаԥылар ахьауа ҩнаҭа ҿыцхеит ", — иҳәеит атәыла ахада иқәгылараҟны.
Иара иазгәеиҭеит, амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерман баталион аибашьцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан фырхаҵарыла, гәымшәарыла рхы шымҩаԥыргаз.
Бжьаниа даҭааит Аԥсны инхо аерман диаспора рхарџь ала шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылаз Мҵаратәи ашкол.
Аҳәынҭқарра ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, адепутатцәа, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Мҵараа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи раан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа.