https://sputnik-abkhazia.info/20240912/aslan-bzhania-mara-aya-145-shysa-akhyra-amsh-rydinyaleit-iynkho-auaasyra-1052256869.html
Аслан Бжьаниа Мҵара ақыҭа 145-шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит иқәынхо ауааԥсыра
Аслан Бжьаниа Мҵара ақыҭа 145-шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит иқәынхо ауааԥсыра
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Мҵара ақыҭа ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит Аԥсны раԥхьатәи аерман қыҭа 145-шықәса ахыҵра амш. 12.09.2024, Sputnik Аҧсны
2024-09-12T17:10+0300
2024-09-12T17:10+0300
2024-09-12T18:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гәдоуҭа араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/16/1050826495_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_6821be6ac7c82c2a2f8bd581712ea3ab.jpg
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Мҵара ақыҭа ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит Аԥсны раԥхьатәи аерман қыҭа 145-шықәса ахыҵра амш. Иара иазгәеиҭеит, амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерман баталион аибашьцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан фырхаҵарыла, гәымшәарыла рхы шымҩаԥыргаз.Бжьаниа даҭааит Аԥсны инхо аерман диаспора рхарџь ала шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылаз Мҵаратәи ашкол. Аҳәынҭқарра ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, адепутатцәа, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Мҵараа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи раан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа.
гәдоуҭа араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/16/1050826495_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_7e722438879a8ae0df8f61fc168d30f7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гәдоуҭа араион
ажәабжьқәа, аԥсны, гәдоуҭа араион
Аслан Бжьаниа Мҵара ақыҭа 145-шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит иқәынхо ауааԥсыра
17:10 12.09.2024 (ирҿыцуп: 18:06 12.09.2024) АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Мҵара ақыҭа ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит Аԥсны раԥхьатәи аерман қыҭа 145-шықәса ахыҵра амш.
"Мҵара ақыҭа иҿыцӡоу аҭоурых— ҳажәларқәа иртәу, иреиӷьу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа раарԥшра иаҭоурыхуп. Кыршықәса Мҵара амшентәи аерманцәа рзы ихеиқәәырхагаз ҭыԥхеит. Аԥсны дара рзы рмилаҭ, рбызшәа, рдин иахьмырԥшыкәа шәарада рхәыҷқәа рааӡар ахьауа, уаҵәтәи амш уаԥылар ахьауа ҩнаҭа ҿыцхеит ", — иҳәеит атәыла ахада иқәгылараҟны.
Иара иазгәеиҭеит, амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерман баталион аибашьцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан фырхаҵарыла, гәымшәарыла рхы шымҩаԥыргаз.
Бжьаниа даҭааит Аԥсны инхо аерман диаспора рхарџь ала шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылаз Мҵаратәи ашкол.
Аҳәынҭқарра ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, адепутатцәа, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Мҵараа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи раан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа.