Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа 70 украинатәи адронқәа карыжьит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа 70 украинатәи адронқәа карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызмам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи 112 раион рҿы УАМ аибашьцәеи арратә техникеи ааха рырҭеит.
Адронқәа жәаба ҭархан Курсктәи аобласт аҟны, Белгородтәи аобласт аҟны - 9.