Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Атәылахьчара аминистрраҿы аилатәара, "Балтиатәи аҩны" агострольқәа

Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ареспубликаҿ цәыббра 9-15 рыҩныҵҟа иҟаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Атәылауаа, аполитикатә усзуҩцәа, амаҵзурауаа рахь Аԥсны Апарламент ааԥхьара, Мцара ақыҭа аиубилеи шазгәаҭаз, Санкт-Петербургтәи атеатр "Балтиатәи аҩны" агострольқәа Sputnik аматериал аҿы.

Адныҳәаларақәеи Атәылахьчара аминистрра аизареи

Шьамтәыла ахада Башар Асад 59 шықәса ихыҵит.
Аслан Бжьаниа шьамтәылатәи иколлега Башар Асад иирамш идиныҳәалеит Аԥсны иқәынхо ажәлар рыхьӡала, иҳәеит Асад хаҵаҵас ижәлар ринтересқәа ихьчоит имариам аҭагылазаашьақәа раан, Шьамтәыла ганрацәалатәи аизҳареи аԥхьаҿиареи рымҩала игоит ҳәа.
"Аԥсны ажәлар гәык-ԥсык ала ҳтәыла ахьыԥшымра ахьазхашәҵаз ҭабуп ҳәа ахырҳәаауеит, Аԥсни Шьамтәылеи ирыбжьоу аиҩызара ахәшьара ҳарак арҭоит", — ҳәа азгәеиҭоит Бжьаниа.
Ииасыз ахәашазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапхгарала имҩаԥысит Атәылахьчара аминистрра анапхгареи Аштаб хада анапхгареи реилатәара.
Аԥсны ахада изеиҭарҳәеит адунеи аҿы иҟоу арра-политикатә ҭагылазаашьа, жәларбжьаратәи арратә усеицура атәы, 2020-2024 шш. рызтәи Аԥсны Арбџьармчқәа рырра-техникатә еиқәыршәара шымҩаԥгоу.
Аиԥылараҟны Бжьаниа иҳәеит Урыстәыла аус ацура ада аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара шзалымшо.
"Ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи ирышьаҭоуп ҳтәылауаа икарҭәаз ашьеи Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылареи" ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа далахәын Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи рнапхгара реилатәара
Иара убасгьы иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ауадаҩра, ареспубликаҿы алхрақәа рыламҭалаз аполитикатә еиҿагылара аҵарра.
Атәыла ахада иҳәеит Урыстәыла узқәымгәыӷша партниорны ахы шаанамырԥшыц, аоппозициатә мчрақәа уи ҳмилаҭтә шәарҭадара ҵнашәаауашәа иаҳәо шиашам. Уи адагьы ареспублика аекономика ҿиарцаз аԥара шаҭаху, урыстәылатәи аинвестициақәа альтернатива шрымам.

Апарламент ааԥхьара

Аԥсны Апарламент иаднакылеит ақәҵара "Атәылауааи, аҭакзыԥхықәу амаҵурауааи, аполитикатә мчрақәеи рахь ааԥхьаразы".
Азакәанԥҵаратә усбарҭа еснагь амилаҭтә интересқәа ирыдгылалоит, хықәкысгьы иамоуп урыстәылатәи рколлегацәеи дареи рпарламентбжьаратә еицәажәара аԥхьаҟагьы арӷәӷәара ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Ииасыз аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдкылан 25 закәан, иҟоуп аус здыруыло, апарламенттә делегациақәа реиҭанеиааирақәа еиҿкаан.
"Уи адагьы, адепутатцәа ирыдыркылеит аӡбрақәа, жәашықәсала ҩ-ганктәи аҳәынҭқаррабжьаратә амшхәаԥштә аҿы иқәгылоу, ауаажәларраҿы рацәак ирыдрымкыло азҵаарақәа атәылауаа иреилдыркаарц аусурақәа мҩаԥыргеит" — ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Иазгәаҭоуп ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашьақәа аамҭа ишыԥнашәахьоу. Аԥсны аиҩызаратә уалԥшьа иқәныҟәоит, ареспублика ауааԥсыра жәпаҩык иахьа Донбасс азеиԥш иааиразы иқәԥоит.

Амиссиа ацҵара

Александр Анқәаб дидикылеит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак хабарда ибжьаӡыз азҵаарақәа рзы Кавказ иҟоу ахаҭарнак Анес Коту.
Коту иазгәеиҭеит Аилак аусура ахықәкы хада — хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара мацара шакәым, урҭ рышьақәырӷәӷәараҿы агха аҟамҵарагьы шхымԥадоу.
Аԥсны аԥыза-министр Аилак аусура ишацхраауа атәы иҳәеит.
Аԥсны
Анқәаб дидикылеит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак Кавказ иҟоу ахаҭарнак

Аиашьаратә еимадарақәа

Аҟәеи Лугански ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аԥсуа делегациа Лугансктәи Жәлар Рреспублика иаҭааит, дара алахәуп Луганск ақалақь 229 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥырго ауснагӡатәқәа, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ахада Беслан Ешбеи Луганск ахада аамҭала ин.н. Иана Пашьенкои.
Аԥсны
Аҟәеи Лугански ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Адокумент аҿы иарбоуп аганқәа аҵак ду шырзамоу реимадарақәа рыҭбаахара, рԥышәа аимдара, апроектқәа реицынагӡара.
Ешба иара убасгьы диԥылеит ЛЖәР ахада Леонид Пасечник, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала аҳамҭа ииҭеит, ареспубликахь дааиԥхьеит.

Уаҵәтәи амш атехнологиақәа

Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит Жәларбжьаратәи афорум Kazan Digital Week 2024, Казань ақалақь аҿы.
Аԥснытәи аделегациа Ҭаҭарсҭан аԥыза-министр Роман Шаихутдинов иԥылеит, IT-парк Иннополис иаҭааит ҳәа.
Аԥснытәи аделегациа иалахәын адепутатцәа Инар Саӡба, Инар Гыцба, АдәАР ахаҭарнак Џьамал Бганба, "А-Мобайл" адиректор хада Борис Барцыц.
Жәларбжьаратәи афорум Kazan Digital Week иахықәкуп — аҭҵаарадырратә информациа аимдара, аимпорт аԥсахра, Урыстәыла жәларбжьаратә усеицураҟны аԥыжәара азҭо, атехнологиатә суверинитет аԥызҵо аҭҵаарадырра-технологиатә активқәа реидкылара.

Мҵара аиубилеи

Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа, аиҳабыра рлахәылацәа, адепутатцәа, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәларра Аԥсны раԥхьатәи аерман қыҭа 145-шықәса ахыҵра амш аныҳәа рҽаладырхәит.
Бжьаниа даҭааит Аԥсны инхо аерман диаспора рхарџь ала шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылаз Мҵаратәи ашкол.
Аҳәынҭқарра ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, адепутатцәа, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәларра ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Мҵараа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи раан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Мҵара ақыҭа ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит Аԥсны раԥхьатәи аерман қыҭа 145-шықәса ахыҵра амш.
"Мҵара ақыҭа иҿыцӡоу аҭоурых— ҳажәларқәа иртәу, иреиӷьу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа раарԥшра иаҭоурыхуп. Кыршықәса Мҵара амшентәи аерманцәа рзы ихеиқәәырхагаз ҭыԥхеит. Аԥсны дара рзы рмилаҭ, рбызшәа, рдин иахьмырԥшыкәа шәарада рхәыҷқәа рааӡар ахьауа, уаҵәтәи амш уаԥылар ахьауа ҩнаҭа ҿыцхеит ", — иҳәеит атәыла ахада иқәгылараҟны.
Мҵара аиубилеи азгәаҭарахь инеиит шәҩыла ауаа. Ақыҭа агәҭа иргылаз асценаҿы ишәаҳәон, икәашон ахәыҷтәы вокалтәии ахореографиатәии коллективқәа.
Аныҳәа хыркәшан аермани аԥсуеи чысқәа рыла ирхиаз аныҳәатә еишәала.

"Балтиатәи аҩны" Аҟәа

Санкт-Петербургтәи атеатр "Балтиатәи аҩны" агастрольқәа мҩаԥысит Аҟәа, жьҭаара 13–15 рзы. Агастрольқәа мҩаԥысит Росконцерти Урыстәыла Акультура аминистрреи рыпрограмма "Агастроль дуқәа" ала.
"Ҳара ҳатеатр изныкымкәа аспектакльқәа ықәнаргылахьеит атеатр "Балтиатәи аҩны" асценаҟны. Уажәы дара Аԥсныҟа иааиит. Даара сеигәырӷьоит атеатр адиректори сареи ҳидеиа ахьыҟалаз. Уи зыбзоуроу апрограмма "Агастроль дуқәа" ауп" ҳәа иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.
"Балтиатәи аҩны" агастрольқәа ирылагеит Аҟәа Антон Чехов иажәабжь иалху аспектакль "Попрыгунья" ала. Урыстәылатәи артистцәа аԥсуа публика иддырбеит даҽа х-спектакльк: "Таниа" Алексеи Арбузов ипиеса ала, алакә "Мама Муи лҩызцәеи зықәшәаз ахҭысқәа", Иасмина Реза ипиеса ала "Ахацәеи аҳәсеи злацәажәо".

Аклассика, аҽытә-спорт, акино

Пицунда иаатит Х Жәларбжьаратәи афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа".
Сынтәа афестиваль рхы аладырхәуеит Урыстәыла, Австриа, Белоруссиа, Иапониа рҟынтәи анагӡаҩцәа. Урҭ иреиуоуп Лука Гаделиа, Кристина Ешԥҳа, Лиудмила Голуб, Владимир Хомиаков, Хироко Иноуе, Владимир Невдах.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Пицундатәи ауарӷантә хәылԥазқәа" 1977-1992 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз ауарӷантә музыка Жәларбжьаратәи афестиваль иашьҭарқәлаҩуп.
Павел Арӡынба игәалашәара иазкны Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны аҽырыҩра мҩаԥган цәыббра 14 азы.
Аԥсны
Павел Арӡынба игәалашәара иазкны Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны аҽырыҩра мҩаԥган
Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны аҽылампыли аҵәеигәыдҵеи рыла атурнири, иара убас 1200, 1600 и 2000 метра аҽырыҩреи мҩаԥысит.
Аҽылампыли аҵәеигәыдҵеи рҟны аиааира ргеит ҟәланырхәаа ркоманда.
Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аԥхьахәқәа хԥа иаԥсахеит Анапа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Киношок" аҿы.
Гармелиа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала ифильм аԥхьахәқәа аиуит арежиссуаразы, иреиӷьу аоператор иусумҭазы, иара убас афестиваль акинопресса аҟынтәи адиплом.
Аԥсны
Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аԥхьахәқәа хԥа иаԥсахеит
Иара иажәақәа рыла, афильм егьырҭ акинофестивальқәа рахьгьы инагахоит, аха арыцхәқәеи аҭыԥқәеи макьаназ иазгәаҭам.
Аԥсны иддырбараны иҟоуп 2024 шықәса, ҭагалан азы. Зынӡа афильм аԥхьахәқәа 11 иаԥсахахьеит.