АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиааира амш аҽны Аҟәа имҩаԥгахоит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа".
Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа илҳәеит аныҟәара рхы шаладырхәуа иҭахаз ргәакьацәа, аветеранцәа, аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа, астудентцәа.
"Акциа аҽалархәра зҭаху рахь аҳәара ҟаҳҵоит: рыуацәа рфотосахьақәа "Ԥсра зқәым архәҭа" архив аҿы иҟазар Ахақәиҭра ашҭахь инеирц асааҭ 9:00-9:30 рзы", — лҳәеит лара, иазгәалҭеит афотосахьақәа рыԥшаара аамҭа аҭаххар шалшо.
Акциа алагоит асааҭ 11:00 рзы Аидгылара амҩаҿы. Лакоба, Леон, Гәлиа рымҩақәа ирнысны Ахьӡ-аԥша амемориал ахь икылсуеит.
Акциа еиҿыркааит Аибашьра Ахьӡ-Аԥша амузеии Аҟәа ахадара аҿари аспорти рзы аусбарҭеи.