Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиааира апарад Аҽазыҟаҵара хада мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Леон Адлейба Репетиция парада 2024
Репетиция парада 2024 - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2024
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 31 шықәса ахыҵра иазку апарад Аҽазыҟаҵара хада мҩаԥысит Аҟәа.
Ахьӡ-Аԥша амемориал аҿаԥхьа шьаҿеиқәшәала имҩасуеит Аҟәатәи агарнизони, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзуреи, абыжьбатәи арратә базеи рыруаа. Дара зынӡа 500-ҩык инареиҳаны иҟоуп.
"Ҩымз раԥхьа аҽазыҟаҵарақәа иалагеит, есхәаша арратә ҟәшақәа реиқәыршәаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Аиааира Апарад ахәаԥшразы зегьы ааԥхьара раҳҭоит, избазар даара аинтерес аҵоуп, ҳажәлар иргәаԥхап ҳәа сгәы иаанагоит. Ари ҳтәыла ахьчараз ҳамчқәа шазхиоу иарбагоуп", - иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аибашьратә зыҟаҵарақәа рыҟәша аиҳабы, аполковник Беслан Мышәба.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш Аԥсны есышықәса сентиабр 30 азы иазгәарҭоит. Апаради "Ԥсра зқәым архәҭеи" мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь Аидгылара амҩаду ала асааҭ жәаба рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0