АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аԥсны АдәАР азхьаԥшра анаҭеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАА Ассамблеиа хада 79-тәи асессиаҿы ииҳәаз. Ахҳәаа кьыԥхьуп аусбарҭа ахатәы Telegram-канал аҟны.
Кобахиӡе еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи "оккупациа" шрызу, ареспубликақәа руаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Қарҭ аҽазышәарақәа шазырхоу арҭ ажәларқәа "иаку, насыԥ змоу Қырҭтәыла аҩнуҵҟа еицынхаларазы".
"Аҽазныкгьы ҳазыӡырҩит Қырҭтәыла анапхгара аамҭа-аамҭала, амифҟазшьа змоу атерминқәа рхы иархәо еиҭарҳәо ажәақәа. Иазаҳаԥхьаӡоит, ақырҭуа напхгара ԥхьаҟагьы абасеиԥш ицәажәалар иҳахҭысыз аиааиразы алҵшәақәа зыҟалом ҳәа", — аҳәоит аминистрра ахҳәааҿы.
Аусбарҭа аҽазныкгьы Қарҭаа рахь аԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц.