https://sputnik-abkhazia.info/20240926/asny-adar-akhaa-anaeit-eaa-assambleia-khadany-yrtyla-ianaaz-aama--1052390727.html
Аԥсны АдәАР ахҳәаа анаҭеит ЕАА Ассамблеиа хадаҟны Қырҭтәыла иҟанаҵаз аҳәамҭа
Аԥсны АдәАР ахҳәаа анаҭеит ЕАА Ассамблеиа хадаҟны Қырҭтәыла иҟанаҵаз аҳәамҭа
Sputnik Аҧсны
ЕАА Ассамблеиа хада 79-тәи асессиа иалахәын 133 ҳәынҭқарра ахадацәеи анапхгаҩцәеи, хҩык ахада ихаҭыԥуаа, 80-ҩык аԥыза-министр ихаҭыԥуаа, 45-ҩык аминистрцәа. 26.09.2024, Sputnik Аҧсны
2024-09-26T14:15+0300
2024-09-26T14:15+0300
2024-09-26T14:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/10/1039122216_169:271:1607:1080_1920x0_80_0_0_e26bf9ecc6260ca0866bd46fff0dd165.jpg
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аԥсны АдәАР азхьаԥшра анаҭеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАА Ассамблеиа хада 79-тәи асессиаҿы ииҳәаз. Ахҳәаа кьыԥхьуп аусбарҭа ахатәы Telegram-канал аҟны.Кобахиӡе еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи "оккупациа" шрызу, ареспубликақәа руаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Қарҭ аҽазышәарақәа шазырхоу арҭ ажәларқәа "иаку, насыԥ змоу Қырҭтәыла аҩнуҵҟа еицынхаларазы". Аусбарҭа аҽазныкгьы Қарҭаа рахь аԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц.
https://sputnik-abkhazia.info/20240924/zatulin-asni-aakhy-uastylei-yrtylaa-ikhynuam-ui-alasha-amam-1052368738.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/10/1039122216_197:30:1597:1080_1920x0_80_0_0_7a77629524c2a0fb2db05d29eca4c717.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны АдәАР ахҳәаа анаҭеит ЕАА Ассамблеиа хадаҟны Қырҭтәыла иҟанаҵаз аҳәамҭа
ЕАА Ассамблеиа хада 79-тәи асессиа иалахәын 133 ҳәынҭқарра ахадацәеи анапхгаҩцәеи, хҩык ахада ихаҭыԥуаа, 80-ҩык аԥыза-министр ихаҭыԥуаа, 45-ҩык аминистрцәа.
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Аԥсны АдәАР азхьаԥшра анаҭеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАА Ассамблеиа хада 79-тәи асессиаҿы ииҳәаз. Ахҳәаа
кьыԥхьуп аусбарҭа ахатәы Telegram-канал аҟны.
Кобахиӡе еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи "оккупациа" шрызу, ареспубликақәа руаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Қарҭ аҽазышәарақәа шазырхоу арҭ ажәларқәа "иаку, насыԥ змоу Қырҭтәыла аҩнуҵҟа еицынхаларазы".
"Аҽазныкгьы ҳазыӡырҩит Қырҭтәыла анапхгара аамҭа-аамҭала, амифҟазшьа змоу атерминқәа рхы иархәо еиҭарҳәо ажәақәа. Иазаҳаԥхьаӡоит, ақырҭуа напхгара ԥхьаҟагьы абасеиԥш ицәажәалар иҳахҭысыз аиааиразы алҵшәақәа зыҟалом ҳәа", — аҳәоит аминистрра ахҳәааҿы.
Аусбарҭа аҽазныкгьы Қарҭаа рахь аԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩырц.