Аԥсны

Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибиуст аадыртит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибиуст аадыртит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Аҟәа.
Абиуст авторцәас иамоуп — Амиран Адлеибеи Адгәыр Чкадуеи.
Аԥсны Афырхаҵа, Аинрал-леитенант Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы.
1972 – 1974шш. рзы аус иуан Аԥснытәи АССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. 1974 – 1979шш. рзы КПСС Аԥснытәи обком административтә органқәа рыҟәша даусзуҩын. 1979 – 1992шш. рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиуеиԥшым анапынҵақәа неигӡон. 1992 шықәса рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи ар рполк акомандаҟаҵаҩыс далхын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш инаркны абџьар икын.
Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа. Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара.
Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.
Гиви Агрба иеибашьреи иԥсҭазаареи