https://sputnik-abkhazia.info/20240927/asny-afyrkhaa-givi-agrba-ibiust-aadyrtit-akh-asha-apark-ay-aa-1052399993.html
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибиуст аадыртит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Аҟәа
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибиуст аадыртит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибиуст аадыртит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Аҟәа. 27.09.2024, Sputnik Аҧсны
2024-09-27T11:15+0300
2024-09-27T11:15+0300
2024-09-27T11:16+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102076/44/1020764405_0:0:2048:1153_1920x0_80_0_0_e93e8a6647484096640ff140eb46f5c3.jpg
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибиуст аадыртит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Аҟәа.Абиуст авторцәас иамоуп — Амиран Адлеибеи Адгәыр Чкадуеи.Аԥсны Афырхаҵа, Аинрал-леитенант Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы.1972 – 1974шш. рзы аус иуан Аԥснытәи АССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. 1974 – 1979шш. рзы КПСС Аԥснытәи обком административтә органқәа рыҟәша даусзуҩын. 1979 – 1992шш. рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиуеиԥшым анапынҵақәа неигӡон. 1992 шықәса рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи ар рполк акомандаҟаҵаҩыс далхын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш инаркны абџьар икын.Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа. Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.
https://sputnik-abkhazia.info/20170404/givi-agrba-ieibashrei-ipstazaarei-1020767693.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102076/44/1020764405_95:0:2048:1465_1920x0_80_0_0_e8a31902d634190aad08486088fe8211.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибиуст аадыртит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Аҟәа
11:15 27.09.2024 (ирҿыцуп: 11:16 27.09.2024) АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибиуст аадыртит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы, Аҟәа.
Абиуст авторцәас иамоуп — Амиран Адлеибеи Адгәыр Чкадуеи.
Аԥсны Афырхаҵа, Аинрал-леитенант Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы.
1972 – 1974шш. рзы аус иуан Аԥснытәи АССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны. 1974 – 1979шш. рзы КПСС Аԥснытәи обком административтә органқәа рыҟәша даусзуҩын. 1979 – 1992шш. рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны еиуеиԥшым анапынҵақәа неигӡон. 1992 шықәса рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи ар рполк акомандаҟаҵаҩыс далхын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш инаркны абџьар икын.
Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа. Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс. Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара.
Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.