Аԥсны

"Аҟәџьал иҭоу амҳаҵә иадыруеит": ацыфақәа ираԥхьагылоу аҟәыд иахҳәааны

Абысҭа иадыркыло ацыфақәа ираԥхьагылоу аҟәыд иазку аматериал ҳзеиқәлыршәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
Ианакәзаалакгьы ҳҭәы-ҳаԥха ҳаҟалара абзоуроуп адгьыл. Ԥсабарала ус ишьақәгылеит - ауаҩы амч изҭо, ицәа-ижьы аус азыруа, иорганизм "былтәыс" иамоу фатәуп. "Абылтәы" ззаҳҳәаз аарыхра ауаҩы инапы иалшон, абжеиҳара адгьыл иқәааирыхуан, иааирыхуеит иахьагьы.
Уџьабаала иааурыхыз аџьықәреи иалҵыз абысҭа ԥхаҵәыԥхаҵәуа ашә агәылаҵаны, егьырҭ ацыфақәа надгалан аҭаацәа анааидтәалалак, уааԥсарақәа уханаршҭуеит. Уџьабаа ахьуԥылаз угәы ҭгәырӷьаауа узқәаарыхыз адгьыл изныкымкәа-иҩынтәымкәа иуныҳәоит.
Аԥсуа чеиџьыка агәылаԥшра
Аԥсуа фатәқәа раҳ - абысҭа иадыркыло ацыфақәа ираԥхьагылоуп аҟәыд (даҽакала иаҳҳәозар аҟәыдыршьшьы). Ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба ироман "Ахаҳә еиҩса" аҟны иуԥылоит: "Сан аҟәыдыршьшьы архиаразы – аххыла анылҭаххоз, даҽазны, хьышьтәык аазгоит ҳәа, мамзаргьы аџьыка анылхуаз – ахәсхәа, аҵыбра, араҳана, акама уҳәа, илҭаххоз мачхәызма, шьыжьы, шьыбжьон, хәылбыҽха – иахьатәи амш ала, хынтә-ԥшьынтә ауҭра дынҭаххыр акәын" ҳәа.
Ауҭра атәы анаҳҳәа, аҟәыд аарыхра ауҭраҟнеиԥш амхаҿгьы иалдыршоит. Амхы аныларҵо аԥш жәла иаларыԥсоит, аԥш ахьыҟало иаҟәнылан иазҳауеит. Аԥсуаа иаадрыхуа аҟәыд жәлақәоуп: ахаҟәыд, ашьапкьаҿ, аҟаԥшь, ашкәакәа, аиқәаҵәа уҳәа.
Аҟәыдыршьшьы
Ҳаамҭазы аҟәыд – ачуан хәыҷқәа рыла иржәуеит. Ианырчаԥо досу игьама ишақәшәо еиԥш ахәысхәа, аџьымшьы, аџьыш, аџьыкхыш, аџьыкҵәаҵәа аҭаны ирчаԥоит. Уи нахыс аҟәыд абысҭа ацфаразы имазеиуп. Аҟәыдыршьшьы хымԥада иацзароуп ахьшьтәы. Ианыԥхарроу - аиаҵәара, ауҭраҭых. Аӡынра анааилак - арҵәқәа (анаша, ахәылрҳәы, аҷыркәа, ахәыл, ацыца уҳәа).
Ишдыру еиԥш, аҟәыдыршьшьы узцәыԥхашьо асас дахьцәа ирымҵадыргылом, ачараҿгьы ицәырыргом. Иара убасгьы, аҟәыд иалхны иҟарҵо афатәқәа аԥсыжраҿ акрыфара иадҳәалоу, ачгахьа ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аԥсуа чыс агьама: ачаҩыри аҭубари рыҟаҵашьа
Аҟәыдеилыршәшәа
Аҟәыдеилыршәшәа атәы уҳәозар, уи еиҳа ихатәроу чысуп. Асас изцәыругаргьы, уарԥшӡоит. Аҟәыдеилыршәшәа – уи аҟәыд аажәны, имырҟәыцӡакәа, ишыкәымпылу аӡы лаҵыркәкәаны, каканла ичаԥаны иҟарҵоит.
Аҟәџьал
Ԥыхьа аҟәыдыршьшьы даҽакала иҟарҵон. Аҭаацәа мышкы-ҩымш ирызхаша аҟәыд ԥшны, иааӡәӡәаны аӡы лаҵаҭәаны, амца иҽҳәаргыланы ҟәџьалла хаа-хаа иржәуан. Ианжәлак ашьҭахь ҟәыдыршьшьыгала ирчаԥон. Аҟәџьал ҭаацәарацыԥхьаӡа ирымаз бзазаратә маҭәарын. Иара ахьӡ иадҳәаланы ҳажәлар ирылаҵәаз ажәаԥҟақәа акык-ҩбак аасымгар иашахом.
Аҟәџьал анԥҽы, амҳаҵә иахарарҵон. Амашәыр, аиакәым аныҟала, уи амашәыр зцәыҟалаз ауаҩы дхырҩарц акгьы зхарам ианиқәрыжьуа абас рҳәоит.
Аҟәџьал иҭоу амҳаҵә иадыруеит. Унапы злаку аус закәу, изеиԥшроу уара ишудыруа даҽаӡәы издырӡом. Убри атәоуп иҳанаҳәо иаагоу ажәаԥҟа.
Аҟәџьал шбылгьоз, ахҩа ахашәеит. Аус уиаҟара цхырааҩ дамамкәа, ахала ианыманшәалахалак, абас рҳәоит.
Аԥсуа чыс-хаақәа Ашықәс ҿыц азы
Аҟәыди алафи
Аҟәыд аныҟарҵо аҳәса даара игәцаракны амарҭәхәқәа арҭоит, ихаахаразы аџьыка ақәнага амазароуп. Аҟәыд иагьа аххыла иарганы иҟаҵазаргьы аџьыка анагхалак, "аҟәыдымҵаа" ахьӡхалоит.
Џьара сасра дахьнеиз аҟәыд имҵадыргылт Чаҵә Чагә. Иара убригьы аџьыка агын.
– Бсыргәамҵуеит, аха џьыка хәыҷык! – иҳәеит Чагә, аҟәыд ангәеиҭа.
– Сҟәыд аџьыка шагу здыргәышьоит, аха адәқьан ахь ааигәа ҳзымцац! - лхы дахашшааит аԥшәмаԥҳәыс.
Ҳаи, иакәымны исҳәеит, дсырԥхашьеит ҳәа игәы иаанагеит аԥхьа Чагә. Аха данынаԥш, асаркьа зҭасаз ашьқаԥ аҩнуҵҟа аџьыка зҭаԥсаз аҵәца илаԥш иҵашәеит. Аԥшәмаԥҳәыс ахырқьиаразы амц дшылжьазгьы идырит.
­− Ибаргәым, аҟәыд аџьыка агзар, џьара ԥсыхәак асҭап, – даацәажәеит Чагә. – Аҟәыд ара исфап. Аџьыка, сышнеиуа адәқьан аҟны иаахәан исфап, рыҩбагь уа ихеибарҭәаап! – иҳәеит Чагә.