Аԥсуа чыс агьама: ачаҩыри аҭубари рыҟаҵашьа

© Sputnik / Анжелика БенияИзготовление сыра
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа чысқәа ачаҩыри аҭубари рҭоурыхи, рыҟаҵашьеи дазааҭгылоит Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа. Арҭ ачысқәа рыҟаҵашьа атәы еиҭарҳәеит Ҭхәазаа ирымоу Арышԥҳа Ҭали, Шьынқәыраа ирымоу Бигәааԥҳа Мзиана.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Иахьа иҟоуп имаҷымкәа иаҳхашҭуа иалагаз ажәытә аԥсуаа иҟарҵоз афатәқәа. Иаҳҳәап, ачаҩыр, аҭубар, ашәырхәа, еиуеиԥшым аҵиаақәа ирылхны иҟарҵоз ачаԥақәа уҳәа ирлас-ырласны аԥсуаа рчысхкқәа рҿы иуԥымло. Иаҳҳәозар ачаҩыр, аҭубар реиԥш иҟоу афатәқәа ҳдиаспораҿы инхо ҳауаажәларгьы макьана иҟоуп иҟазҵо, издыруа.

Абысҭа - Sputnik Аҧсны
Аџьықәреи иалырхуа аԥсуа бысҭа аҭоурых

Иахьа аԥсуа чыс агьама убар ахьулшо акрыфарҭақәа рҿгьы арҭ ачысқәа уԥылаӡом. Арҭ заҟа ҳаԥсҭазаара иацәыӡуа аҟара ҳмилаҭ культурагьы иаиуеит ацәыӡ. Аха макьана арҭ ачысхкқәа еиқәҳархартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоуп, избанзар аиҳабыратә абиԥара рыҩныҵҟа имаҷымкәа иуԥылоит урҭ рыҟаҵашьа здыруа ауаа. Абра ҳара ишәзеиҭаҳҳәоит ачаҩыри аҭубари рыҟаҵашьа. Арҭ ачысқәа егьырҭ аԥсуа чысқәа зегь реиԥш ауаҩы игәабзиара иаԥырхагаӡам, насгьы арҭ есыҽны ирымфоз фатәқәоуп.

Ачаҩыр

Аҳаҭа аӡы иӡааҵаны иуырԥсасиуеит. Ахаҷа ашәаӡа рҟәыҷны иалоуҵоит, ахш алоуҭәоит, аџьыкахыш ауҭоит, нас аҳаҭа иҭоуҭәоит. Ахаҷа иалоуҵо ашәаӡа иахыҵуазар ауп ҩымшҟа. Аҳаҭа ықәҵаны иухәоит (иуҩуеит) анаҩс амраҿы икнауҳауеит. Аҳаҭа адәахьала аџьыкахыш алҵуеит, уи урыцқьоит. Мышқәак рышьҭахь еилало иалагоит. Усҟан даҽазнык ахаҷа ашәаӡа алаҵаны иауҭоит, ахарҵәи ахши еилаҭәаны иалауҭәоит аџьыкахыш ауҭоит, абри зегьы аҳаҭа иҭоу иалоуҭәоит. Иуҩуеит, икнауҳауеит. Даҽа мышқәак рышьҭахь, ианыжәпахалак, даҽазнык ахаҷа ашәаӡа рҟәыҷны иалаҵаны ахши ахарҵәи еилаҭәаны зегьы аҳаҭа иҭауҭәоит. Еиҭа аџьыкахыш ауҭоит. (Ахарҵәы раӡагак иҭаҭәаны ахаз алухуеит) аҳаҭа еиҭа иқәҵаны иухәоит, амраҿы инаганы икнауҳауеит. Мызкы ашьҭахь, ишәыгәӡа ианыҟалалак, абысҭаԥха иалаҵаны ирфоит. Ачаҩыр хԥа-ԥшьба мзы ицоит. Убри аҟнытә, иара аныҟарҵо нанҳәа мзазы ауп, аха ирҵәахуеит аӡын азын.

Апырпыл рыԥхра - Sputnik Аҧсны
Апырпыл џьыка: ажәытә аҳаҟьаҿы ирхуази уажәтәии ргьама узеидкылома?

Аҭубар

Аџьмашьтәа амгәа бзианы иааӡәӡәаны, ақьамса еиҵыхны иқәуҵоит, нас, ашьтәа аҩнуҵаҟа иамоу ашша ахьушьуеит, аџьыкахыш ақәуԥсоит. Абри еидкыланы иуырҳәуеит, маҷ-маҷны иԥуҟҟоит, акьатеиқәа рыла иԥаны иҿоуҳәоит. Ҩымш-хымш ус асаан иануп, нас аҵәы иахаҵаны аԥацхаҿы ма ауаџьаҟ аҟны алҩаҿы идырҩоит. Аҭубаргьы акыраамҭа ицоит, убри азын аӡынра иахьыхьшәашәароу џьара ирҵәахуеит. Ианырфо, иԥыҟҟаны адырган ианҵаны ирџьуеит, абысҭа иадкыланы ирфоит.

Арҭ ачысқәа рыҟаҵашьа атәы ҳзеиҭарҳәеит Ҭхәазаа ирымоу Арышԥҳа Ҭали, Шьынқәыраа ирымоу Бигәааԥҳа Мзиана.

Ажәабжьқәа зегьы
0