Аԥсуа чыс-хаақәа Ашықәс ҿыц азы

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҟабақ
Аҟабақ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц иреиӷьу ныҳәан иахьырыԥхьаӡоу инадҳәаланы аишәагьы ҽаамҭанык еиԥшымкәа ирхиазароуп.

Аԥснытәи аҩныҳәсақәа реишәа дырхиоит: абысҭа, арашых, ачашә, акәтыжьлых, акәацлых рылеиԥш еиуеиԥшым ахаа-мыхаақәа рылагьы. Sputnik Аԥсны аԥсуа десертқәа шәыднагалоит

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Ацхамгьал

Амарҭхәқәа:

Ахарҵәы – литрак

Ашыла (ачашыла, ашыла, аманка) – литрак

Ацәа цқьа иалху ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Ацәашьы, амгьал, ашьтәа: "Адгьыл-ҳкәажә" илыдҳәалоу аҵасқәа

Ашәаӡа – 200 гр.

Ахәша - 200 гр.

Аџьыкхыш – 5 гр.

Ашьақар – 100 гр.

Ацха – 150 гр.

Аҵыбра

Аванилин

Асода – 2 гр.

Ишыҟаҵатәу:

Ахәша ырӡыҭны аџьыкхыш, ашьақар, аванилин, ацха, аҵыбра ауҭоит. Иалоуҭәоит асода змоу ахарҵәы. Амажәа ҵаӷазароуп.

Амажәабжа аԥлакь ианҭәаланы шәаӡала ихыуҩоит, иааназ амажәа ақәуҭәоит. Ахыхьала иурԥшӡоит.

Аҟабақ

Амарҭхәқәа:

Аҟаб– кьылак

Аӡы– ҵәыцак

Ишыҟаҵатәу:

Аҟаб ԥҟаны иурыцқьоит, агәаӷь агәылухуеит. Ҵәыцаки бжаки аӡы аҵаҭәаны ажәразы иқәургылоит. Ажәра маҷк шагу иуҵаауеит. Аҟаб жәы иадугалар ҟалоит аџьыкҵәаҵәа, ацха, акакан, араса. Аҟаб ажәра адагьы иуӡыр ҟалоит.

Абри аамҭазы иҟоуп ачгара иҵоу. Урҭ рзы ишьахәуп имычгогьы бзиа еицырбо аџьынџьыхәа.

© Sputnik / Илона ХварцкияАҟабақ
Аԥсуа чыс-хаақәа Ашықәс ҿыц азы - Sputnik Аҧсны
Аҟабақ

Аџьынџьыхәа

Амарҭхәқәа:

Аҩыз — 3 литрак

Ашыла — кьылак

Акакан — иаҭаху

Ашьақар— гьамала

Ишыҟаҵатәу:

Аџьынџьыхәа аҟаҵара. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа џьынџьыхәа - даара ихаау аџьашьахәы

Аҩыз 5-6 сааҭ иуршуеит амца рмаҷны. Ахаара маҷзар ашьақар ауҭоит. Ихиоу аҩыз ашыла алоуԥсоит. Аҽа 5-7 минуҭ еилауршуеит. Ақаламышь ԥшьынтә-хәынтә иӡааушьуеит уаанӡа арахәыц иахаурыԥхыз акакан-цырақәа. 5-6 мшы амра арбатәуп иԥшшарц азы.

Аџьынџьыхәа аӡынра зегьы иҵәахызар ҟалоит иахьбарроу аҭыԥ аҿы.

Ақалмышь

Амарҭхәқәа:

Аҩыз — 3 литрак

Ашыла — кьылак

Ашьақар– гьамала

Ишыҟаҵатәу:

Аҩыз 5-6 сааҭ иуршуеит амца рмаҷны. Ахаара маҷзар ашьақар ауҭоит. Ихиоу аҩыз ашыла алоуԥсоит. Аҽа 5-7 минуҭ еилауршуеит. Ақалмышь асаанқәа ирнуҭәалоит ихьшәаәшахаанӡа. Иҟалоит акакан-ххы ала иурԥшӡар.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкалмыщ
Аԥсуа чыс-хаақәа Ашықәс ҿыц азы - Sputnik Аҧсны
Акалмыщ

Алаҳарҩа

Амарҭхәқәа:

Алаҳа - кьылак

Ашьақар - 300 гр.

Аӡы- ҵәыцак

Ишыҟаҵатәу:

Аӡы чуанла амца иақәургылоит, ашьақар аҭан еилурхуеит. Алаҳа ацәа ахыхны иурҟьыцуеит. Ашьақрӡы аншлак алаҳа ӡаауҵоит. Амца урмаҷуеит. Сааҭк аҟара инаҵшь-ааҵшьуа еилауршуеит. Аиларш азхара ианшлак ашьҭахь аишәа ду ма афанера-бӷьыц иқәҵаны ҳәызбала еиҟароутәуеит. Ианыԥшшалак еилаурҳәуеит ҽыҭ-ҽыҭла.

© Sputnik / Томас ТхайцукСушенная хурма
Аԥсуа чыс-хаақәа Ашықәс ҿыц азы - Sputnik Аҧсны
Сушенная хурма

Ахарҵәы

Амарҭхәқәа:

Ахш – 500 мл.

Ахааҵа – 2 мҳ.

Ишыҟаҵатәу:

Ахш еиларшны ирхьшәашәатәуп 50° С рҟынӡа, нас ахааҵа аҭаны еилауырҩынтуеит. Ахҩа ахаршәны 4-5 сааҭ ака кәыршаны иахьыԥхарроу иургылоит. Ахарҵәы анҵәлак ашьҭахь архьшәашәарҭа иҭаургылоит аабаҟа сааҭ рҟынӡа.аҟаб

 

Ажәабжьқәа зегьы
0