Аԥсны

"Ҳҭыԥқәа рҿы ҳаҟан": аҳақьым-ахшарадкылаҩ Лариса Бутаева-Ҭапаӷәуа аибашьраан лусура иазкны

Sputnik
Аҳақьым изанааҭ убас иҟоуп, иаӷа иакәзаргьы дихәшәтәыроуп. Избанзар аҿаҭахьа иқәуп. Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианааргагьы, ахәшәтәырҭа хада аус шауц иауан, убас ахшараиурҭеи агинекологиатә ҟәшеи. 1970 шықәсазы, ара, аҳақьым-ахшарадкылаҩс ирыдыркылаз Лариса Расул-иԥҳа Бутаева-Ҭапаӷәуа, ҳажәлар аԥсреи абзареи ишырҭагылазгьы лус нылмыжьит. Лара иахьа уажәраанӡагьы луалԥшьақәа налыгӡоит. Аҳақьым еиҭалҳәеит аамҭа хьанҭақәа лгәалашәараҿы ишынхаз атәы.
Лариса Ҭапагәуа иахьатәи лколлектив рыгәҭа
Лариса Бутаева-Ҭапаӷәуа д-Даӷьсҭантәуп шьҭрала. Аԥҳәызба Махачкалатәи амедицицнатә институт аҟны аҵара лыцызҵоз Валентин Ҭапаӷәуа данинасыԥха, 1970 шқәсазы еиманы Аԥсныҟа иааит. Иара дтерапевтын, лара аҳақьым-ахашарадкылаҩ-аԥҟаҩы азанааҭ ала аҵара ҵаны дыҟан. Уи нахыс, 1973-1975 шықәсқәа аламҵакәа, (усҟан Ленинград орденатура дҭан) Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҟны, ахшараиурҭеи агинекологиатәи ҟәшақәа рҿы аус луеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аԥхьа, Гагратәи аилазаара милаҭ рацәала ишьақәгылан. Ахәшәтәырҭа аҟәшақәа рҿгьы аус зуаз милаҭла еилаԥсан. Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, аҭыԥантәи аҳақьымцәа раӷьырак рҭыԥқәа нырмыжьит.
"Ҳара ианакәызаалак аполитика ҳалаӡамызт. Ҳҿаԥхьа иқәгылаз, ҳус ԥсыцқьарыла анагӡара акәын. 1992 шықәса, нанҳәа 14 аҽны ҳара х-ҩык ахшара ҳадаҳкылеит. Иахьеиԥш исгәалашәоит ԥсыуаки, урыски, ерман хәыҷыки шииз. Адырҩаҽны, Гагра араион ақырҭқәа рнапахьы ианаарга, аиашазы агәҭынчымра ҳазцәырҵит. Аха ҳҭыԥқәа рҿы ҳшыҟац ҳаанхеит", - аибашьра раԥхьатәи амшқәа дрылацәажәоит аҳақьым-ахшарадкылаҩ.
Аԥсны
"Ахлымӡаах ала иҭаԥшыз": Ирма Сыҷынааԥҳа лгәалашәарақәа
Гагра араион аӷацәа икны ирыман жьҭаара ҩбанӡа. Уи аҽноуп аԥсуа еибашьцәа Цандрыԥшь ахырхарҭахь ианԥхарҵа. Ақалақь ашәарҭара ишҭагылазгьы, нанҳәа 14 инаркны, араион зегь ҭацәхаанӡа жьҭаара фбанӡа Гагратәи ахшараиурҭаҟны иит 38-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рахьтә аԥсуаа аӡәык-ҩыџьак ракәын иҟаз. Аиааира амш аҟынӡа, 373-ҩык аҳәса араҟа ахәыҷқәа рыхшеит.
"Ахәшәтәырҭахь есыҽны ахәцәа ааргон. Апалатақәа рҟны аҭыԥқәа аназымхалак, иааганы ҳара ҳаҟәшаҿгьы ишьҭарҵон. Хымԥада дара ахирургҵәа ракәын игәазҭоз, аха ҳацхыраара анаҭаххозгьы рыхәрақәа рыцқьаны иҿаҳҳәон", - лҳәоит Лариса Ҭапаӷәуа.
Гагра араион аԥсуа еибашьцәа аӷацәа рҟнытә ианҭадырцәы, милаҭла иақырҭуаз аҳақьымцәа ықәҵны ицеит. Дара раамышьҭахь аколлектив акырӡа еиҵхеит, аха зегьы акоуп аҟәшақәа аус шыруц ируан.
Аԥсны
"Иуадаҩын, аха сашьцылеит": Анжела Абыџԥҳа агәабзиарачаԥарҭатә центр аҟны лусура иазкны
"Аибашьра цонаҵы, ҳмедперсонал, аиҳарак аԥҟаҩцәа амедиаҳәцәа рыцны Афонтәи агоспиталь аҟны иҟан. Ҳара, ара инхаз ҳаизибархон. Аиашазы ҳаҩнуҵҟа агәалаҟазаара хьанҭан. Есыҽны ана-ара иҭахоз рыӡбахә ҳаҳауан. Даара агәыхь ҳнаҭеит ҳколлега, аҳәса рҳақьым Галина Акьакь-иԥҳа Мықәԥҳа лыԥшәма Валера Чыкәбар иҭахара. Убасҟан лара ахаҵамԥҳәыс леиԥш лхы аалырԥшит. Аԥсыжра ашьҭахь, лымч еизганы, хара имгакәа аусура дҭыҵит. Лгәы шҭаԥҽызгьы, илыдҵаалоз аҳәса роума, аколлектив аҟноума аӡәзаҵәык дышгәырҩоз илмырбеит",-лажәа иацылҵоит аҳақьым-ахшарадкылаҩ.
Лариса Бутаева-Ҭапаӷәуа, 55 шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит иԥшьоу аус лнапы алакыуижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны лара илыдылкылеит зықьҩыла асабицәа. Аха зегьы раасҭа дзыхӡыӡаауаз аибашьра цонаҵы адунеи иқәлаз 373-ҩык ахәыҷқәа роуп. Дара, наҟ-наҟ ирыԥсҭазаашьахаз шылзымдыруагьы, зегь акоуп лгәаҵаҿы иҟәандоу гәалашәараны иҭоуп.
"Ахысбыжьқәеи асабицәа рҵәыуабжьқәеи еицгон. Аха ҳара агәра ҳгон, абарҭ аԥааимбар хәыҷқәа измилаҭзаалак кьыс шырмоуаз. Аиашазы ус иагьыҟалеит. Аибашьра цонаҵы, ахшараиурҭа аӡәы абџьар кны дыҩнамлеит. Ус иҟаларгьы, ҳаԥсы рыхҭнаҳҵон акагь зхарамыз аибашьра иалиааз ахәыҷқәа", - ҳәа азгәалҭоит сажәабжьҳәаҩ.
Лариса Расул-иԥҳа лажәа хыркәшо илҳәеит, Аиааира амш аҳақьымцәа-ахшарадкылаҩцәа зегьы агәҭынчра шырзаанагаз. Дара уажәшьҭа ирдыруан, иҭҟьоз ахысбыжьқәа ҿыц ииуаз асабицәа ишрызкыз.