https://sputnik-abkhazia.info/20240929/akhlymaakh-ala-iashyz-irma-syynaaa-lgalasharaa-1052308095.html
"Ахлымӡаах ала иҭаԥшыз": Ирма Сыҷынааԥҳа лгәалашәарақәа
"Ахлымӡаах ала иҭаԥшыз": Ирма Сыҷынааԥҳа лгәалашәарақәа
Sputnik Аҧсны
Еиҳа-еиҳа инаскьоит, аамҭа аӡыблара иаҵанарӡуеит иаҳхаагаз аибашьра амшқәа. Аха ҳгәалашәараҿы урҭ ашықәс хьанҭақәа наӡаӡа иаанхоит, избанзар ахлымӡаах ззырҳәо... 29.09.2024, Sputnik Аҧсны
2024-09-29T12:00+0300
2024-09-29T12:00+0300
2024-09-29T17:38+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/15/1052333937_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_e8cfbb469c857516ce31eff79852305a.jpg
Еиҳа-еиҳа инаскьоит, аамҭа аӡыблара иаҵанарӡуеит иаҳхаагаз аибашьра амшқәа. Аха ҳгәалашәараҿы урҭ ашықәс хьанҭақәа наӡаӡа иаанхоит, избанзар ахлымӡаах ззырҳәо ала иҭаԥшит ҳажәлар. Ирнырит акы иаламҩашьо ахьаа. Иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Ирма Сыҷынааԥҳа, 16 шықәса ракәын илхыҵуаз лани лаҳәшьеи дрыцны Гәдоуҭатәи арратә госпиталь амаҵ аназылуаз. Усҟан аԥҳәызба лыла иабаз, иахьагьы агәҭынчымра лызҭо гәалашәараны илыцуп.Саида Жьиԥҳа, SputnikАԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, Ирма Сыҷынааԥҳа 16 шықәса лхыҵуан, 11-тәи акласс ахь диасуан. Ақәыԥшра ишаҭәоу еиԥш, шәарҭарак ҟалоит ҳәа зхы-згәы иҭамыз аԥҳәызба, илахҿыхыз аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа лхыганы аҵара шықәс ҿыц лҽазыҟалҵон."1992 шықәса нанҳәамзазы, саб, Шутиа (Шурик) Сыҷынаа, Урыстәылаҟа ҽыхәшәтәра дцар акәын. Иара ихы ачыра аанахәеит 1989 шықәса рзы, Очамчыра араион аҟны ҳанду ақырҭқәа дахьырцәихьчоз азы данырпҟа ашьҭахь. Сан, Лиудмила Тарнааԥҳа Гәдоуҭа араионтә хәышәтәырҭаҿы аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩс аус луан. Уи аҽны сҭаацәа аусура иҟан, ҳгәылаԥҳәыск "Аибашьра! Аибашьра иалагеит!" ҳәа дыҳәҳәо ҳаҩны даныҩнаххы. Ҳара, ахәыҷқәа, иаразнак иаҳзеилымкааит арҭ ажәақәа рҵакы ахьынӡабааԥсыз. Ателевизор аҿаҳкеит иҟоу-иану еилаҳкаарц. Уа иаҳдырбон Қырҭтәыла Аҳәынҭхеилак архәҭақәа атанкқәа рыла Аԥсны иалалеит, ԥырхагада ареспублика иалсны иааиуеит ҳәа. Иаҳҳәара ҳзымдыруа ҳуазыруа ҳааилахеит", - аибашьра раԥхьатәи амш лгәалашәараҿы иаацәырҵит Ирма.Милаҭ рацәала еилаз Гәдоуҭа иалҵны ицашаз зегь анца, ақалақь ҭацәызшәа иааҟалеит. Иаанхаз аԥсуааи зықәрахь инеихьаз аурысцәеи, абырзенцәеи, аерманцәеи ракәын.Сыҷынаа рыҩны еизо иалагеит афронт ахь ицар зҭахыз ргәакьацәа. Дара ашәарыцага шәақьқәа рыла еиқәных еибыҭаз, танкла иҳажәлаз ақырҭуа ар аҿагылара рырҭоит ҳәа рҽазыҟарҵон.Нанҳәа 15 рзы, аибашьра аҩбатәи амш аҽны Гагра ақырҭуа десант ӡхыҵит. Ақырҭуа еинрал Гиа Ҟарҟарашвили ауаажәлар рахь ихы рханы дмақарит аԥсуа милаҭ аӡәгьы даанмыжькәа ишықәихуа.Аԥсны амацәаз иҭакын. Ауааԥсыра атәыла ралгара ауадаҩрақәа ацын, избанзар аҳәаа еиқәԥах иркын ақырҭуа еибашьцәа. Гәдоуҭа араион узалҵуа иҟамызт. Араионтә хәышәтәырҭа арратә госпиталь аҳасабала аусура иалагеит. Ирма лан аштаби агоспитали рҿы аусура еилалгӡон.Агоспиталь ахь инаргон ахәрақәа змазгьы, иршьызгьы. Аԥҳәызба дунеихаан илзыԥшаауам усҟан излаԥшыз ахлымӡаах еиҭазҳәаша ажәақәа. Аибашьра иалагылаз аҷкәынцәа рҭаацәа агоспиталь агәашә ишадгылаз идыршон. Афронт аҟынтәи ишьны иааргоз ҳарԥарцәа ранацәа рыҳәҳәабжь иахьагьы ллымҳа иҭыҩуеит. Дара рыҷкәынцәа рлахьынҵеиқәаҵәа агәра ргар рҭахымызт, рыҽкажьны хыла адгьыл иасуан, рыхцәқәа ыҵырхуан, рӡамҩақәа рцәыԥԥуан, изықәшәаз агәаҟра рызхаҵомызт. Абацәа ракәзар, урҭ рхьаа хаҵаҵас ирҵәахырц иаҿын, ргәи рылаӷырӡи еилаҵәо игылан. Адунеи аҿы еиҳау рыцҳара ыҟоума зыхшара иҭахара збаз ани аби рзы?! Имариоума уи аӷа хәымга инапала уаҳа адунеи дшықәымло азхәыцра?!"Ҳҵеицәа рҭахара, ҳхатә рыцҳареиԥш иҳадаҳкылон. Зегьы еицҵәыуон, еицыџьабон. Есыҽны арыцҳарақәа ирыцлон, ашәарҭара еиҳахон. Есаашар иҳаҳауан ақырҭқәа ирымпыҵархалаз ақалақьқәеи ақыҭақәеи рынхацәа гыгшәыгҵас ишдыргәаҟуаз. Ашара ҳацгылон иахьа ҳаӷацәа ҳара ҳҟынӡа иааӡахьоу имааӡахьоу ҳәа ҳцәа ҳҭаӡыӡо. Ҳашшәоз ҳацәон, ҳашшәоз ҳааԥшуан", - лажәа иацылҵоит сажәабжьҳәаҩ.Цәыббра 3, 1992 шықәсазы, аӡӷабцәа рҭаацәа агоспиталь аҟынтәи ҽынла ихынҳәит, уи Ирмеи Светеи иџьаршьеит, избанзар дара абжьааԥны аҵх иаарымнахаанӡа уа аус руан. Убасҟан ан лыԥҳацәа иралҳәеит ақалақь иалҵыр шакәу, ақырҭқәа уажәы-уашьҭан Гәдоуҭа абомбақәа аларыжьыр рылшоит ҳәа ашәарҭара ыҟан азы."Ҳаҩны инадгылеит арратә еидарамҩангага машьына ду, уи ахҵәацәа рацәаны иҭатәан. Ҳнаган ҳнақәдыртәеит ҳаргьы, аха ҳҭаацәа ааныжьны џьаргьы ҳцар ҳҭахымызт. Саҳәшьеи сареи ҳаҽҳзынкыломызт, аҵәыуара ҳаҿын. Амашьына дәықәлеит, ҳаҩны, ҳгәара, ҳҭаацәа еиаҳа-еиаҳа ихарахон. Сылаӷырӡқәа сҿаҳәҳәы сани-саби сылаԥш сзырҟәыгомызт, ҳаибабарымашь ахаан, аҩныҟа ҳанбазыхынҳәри, ҳазегьы ҳаԥсқәа ҭаны мышкызны ҳаицыҟалома – хәыцрашәк сеимаркуан, схы-сгәы ахьаа иабылуан, ԥхыӡ бааԥсык салазшәа збон", - аҭаацәа реиԥырҵра иацыз ахьаа лгәалашәоит аԥҳа.Гәдоуҭатәи арратә ҳаирбаӷәазаҟынтә иԥрит аиҳәшьцәа. Дара ҭатәан аҳаирплан аидара ахьҭарҵо ахәҭаҿы. Итәеит Подмосковие иҟоу арратә ҳаирбаӷәазаҟны, уантәи автобусла Москваҟа идәықәырҵеит.Жьҭаара 6, 1992 шықәсазы Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы ианақәиҭыртәа, ажәлар рыԥхыӡ иалаз лабҿаба ирбартә иҟалеит. Аҳәаа анаартха, атәым жәҩан аҵаҟа згәы кыдӡӡаз ахҵәацәа реиҳараҩык Аԥсныҟа ихынҳәит, Ирмеи Светеи ракәзаргьы убасцәҟьа."Аҩныҟа ҳанаа сара иаразнак агоспиталь ахь сцеит, избанзар мышқәак раԥхьа саб дԥырымҟар амузт, уа дышьҭан. Амшеиқәаҵәақәа раан иуныруа агәырӷьара акы иеиԥшым! Саб дахьышьҭаз апалатахь саныҩнала, ҳалаԥшқәа анааиқәшәа, иблақәа ирхызбаалаз анасыԥ еиҭаҳәашьа сзаҭом, уи ахаан исхашҭран сыҟаӡам. Агоспиталь аҿы иҟаз зегьы ашә илагыланы, акоридор ибжьагылазгьы дубарын иҳахәаԥшны иҵәыуон, гәык ала игәырӷьон лыԥхала ҳахьеиқәшәаз. Зыфеи зыцәеи ирыгыз сан урҭ аминуҭқәа раан мҵәыжәҩада дыԥрыртә дҟалеит, лхы-лҿы еихалашон ҳҭаацәа зегьы еилшәарада ҳахьеицыҟалаз лызхаҵомызт", - насыԥ змаз амш далацәажәоит Ирма.Убри аамҭазы аибашьра шцац ицон, аха Гәдоуҭатәи ашколқәа аусура иалагеит. Мрагыларатәи афронти Гәымсҭатәи афронти ашьаарҵәыра иҭагылан.Афатә даара имаҷын. Ирма илгәалашәоит, кәтызаҵәык шрымаз, уи кәтаӷьк анбаҵари ҳәа иашьклаԥшуан. Нас, ианаҵалак, лаҳәшьеи лареи иӡны еиҩшаны еицырфон.Аҭагылазаашьа уаҳа еицәахашьас иамои ҳәа ихәыцуан ауаа, аха ақырҭқәа иаадырԥшуаз ргыгшәыгра ҳәаак амамзаарын. Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы аӷацәа иеихсны иԥыржәеит Тҟәарчалынтәи ахҵәацәа згоз авертолиот. Аӷа иццышәитәит 35-ҩык ахәыҷқәа назлаз 87-ҩык ауааԥсыра. Аԥсны жәлар зегьы еицырҵәыуон. Усҟан аԥсуа милаҭ ирнылаз ахәра ахаан ӷьара ақәымкәа иаанхоит…Аибашьра аҵыхәтәа ыҟамызт, амшқәеи аҵхқәеи еиқәыло ицон, ахьаа еиҳа-еиҳа ирҵауло. Иара арыцҳара ззаанамгаз ҭаацәарак ыҟамзар ҟалап.Цәыббра 16, 1993 шықәсазы Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵыхәтәантәи ажәылара иалагеит.Цәыббра 27, 1993 шықәсазы ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын. Владислав Арӡынба идҵала атәыла далҵырц амҩа изаартын аибашьра хлымӡаах аԥшьазгаз Едуард Шеварнаӡе. Ари аҩыза ашьаҿа аҟаҵара зылшо маҷҩуп, уи ахаҵареи, ауаҩреи злаҵәҟьоу иоуп изгәаӷьуа!Цәыббра 30 рзы аԥсуа ар Аԥсны зегьы ахы иақәиҭыртәит, аԥсуа бираҟ Егры аҳәаа иахадыргылеит.Хашҭра рықәым ҳфырхацәа, ҳгәаҵа наӡаӡа иҭазаауеит дара иаадырԥшыз агәымшәареи ахамеигӡареи! Ҳреихырхәоит аԥсуа жәлар ирыцхраарц хатәгәаԥхарала иааз ҳашьцәа зегьы!
https://sputnik-abkhazia.info/20211219/agalashara-khaaup-liudmila-tarnaaa-gdouati-arrat-gospital-any-lusura-iazkny-1036747868.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240928/asua-tsa-zkhaz-zegy-rtsymyn-bella-bartsytsa-aibashra-ashysa-ryzti-lgalasharaa-1052297995.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240927/aibashra-akheit-any-zarina-basnyka-koonia-lgalasharaa-1052296185.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/09/15/1052333937_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_07d9161e988d202dcbd3d70fe1a61f6c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Еиҳа-еиҳа инаскьоит, аамҭа аӡыблара иаҵанарӡуеит иаҳхаагаз аибашьра амшқәа. Аха ҳгәалашәараҿы урҭ ашықәс хьанҭақәа наӡаӡа иаанхоит, избанзар ахлымӡаах ззырҳәо ала иҭаԥшит ҳажәлар. Ирнырит акы иаламҩашьо ахьаа. Иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Ирма Сыҷынааԥҳа, 16 шықәса ракәын илхыҵуаз лани лаҳәшьеи дрыцны Гәдоуҭатәи арратә госпиталь амаҵ аназылуаз. Усҟан аԥҳәызба лыла иабаз, иахьагьы агәҭынчымра лызҭо гәалашәараны илыцуп.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, Ирма Сыҷынааԥҳа 16 шықәса лхыҵуан, 11-тәи акласс ахь диасуан. Ақәыԥшра ишаҭәоу еиԥш, шәарҭарак ҟалоит ҳәа зхы-згәы иҭамыз аԥҳәызба, илахҿыхыз аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа лхыганы аҵара шықәс ҿыц лҽазыҟалҵон.
"1992 шықәса нанҳәамзазы, саб, Шутиа (Шурик) Сыҷынаа, Урыстәылаҟа ҽыхәшәтәра дцар акәын. Иара ихы ачыра аанахәеит 1989 шықәса рзы, Очамчыра араион аҟны ҳанду ақырҭқәа дахьырцәихьчоз азы данырпҟа ашьҭахь. Сан, Лиудмила Тарнааԥҳа Гәдоуҭа араионтә хәышәтәырҭаҿы аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩс аус луан. Уи аҽны сҭаацәа аусура иҟан, ҳгәылаԥҳәыск "Аибашьра! Аибашьра иалагеит!" ҳәа дыҳәҳәо ҳаҩны даныҩнаххы. Ҳара, ахәыҷқәа, иаразнак иаҳзеилымкааит арҭ ажәақәа рҵакы ахьынӡабааԥсыз. Ателевизор аҿаҳкеит иҟоу-иану еилаҳкаарц. Уа иаҳдырбон Қырҭтәыла Аҳәынҭхеилак архәҭақәа атанкқәа рыла Аԥсны иалалеит, ԥырхагада ареспублика иалсны иааиуеит ҳәа. Иаҳҳәара ҳзымдыруа ҳуазыруа ҳааилахеит", - аибашьра раԥхьатәи амш лгәалашәараҿы иаацәырҵит Ирма.
Милаҭ рацәала еилаз Гәдоуҭа иалҵны ицашаз зегь анца, ақалақь ҭацәызшәа иааҟалеит. Иаанхаз аԥсуааи зықәрахь инеихьаз аурысцәеи, абырзенцәеи, аерманцәеи ракәын.
Сыҷынаа рыҩны еизо иалагеит афронт ахь ицар зҭахыз ргәакьацәа. Дара ашәарыцага шәақьқәа рыла еиқәных еибыҭаз, танкла иҳажәлаз ақырҭуа ар аҿагылара рырҭоит ҳәа рҽазыҟарҵон.
Нанҳәа 15 рзы, аибашьра аҩбатәи амш аҽны Гагра ақырҭуа десант ӡхыҵит. Ақырҭуа еинрал Гиа Ҟарҟарашвили ауаажәлар рахь ихы рханы дмақарит аԥсуа милаҭ аӡәгьы даанмыжькәа ишықәихуа.
Аԥсны амацәаз иҭакын. Ауааԥсыра атәыла ралгара ауадаҩрақәа ацын, избанзар аҳәаа еиқәԥах иркын ақырҭуа еибашьцәа. Гәдоуҭа араион узалҵуа иҟамызт. Араионтә хәышәтәырҭа арратә госпиталь аҳасабала аусура иалагеит. Ирма лан аштаби агоспитали рҿы аусура еилалгӡон.
"Саб аҽыхәышәтәразы даҳзымшьҭӡеит. Сангьы ари аҩыза аҭагылазаашьа уадаҩ аан лыԥсадгьыл ааныжьны, агоспиталь аҟны лусура кажьны лхәыҷқәеи лхаҵа чымазаҩи лыманы атәыла алҵра лзымгәаӷьит. Аԥснынтә ауаа рацәаҩны иахьцаз иахҟьаны, амедицина аухск аҟны аспециалситцәа азымхо иалагеит. Усҟан амедицина атәы здыруаз ҿыц ауаа еизыргон. Аха, уеизгьы еизибархомызт, ахәра ҿаҳәагақәагьы шаҟа аҭахыз ыҟамызт. Абри аҩыза аҭагылазаашьаан, сан, саҳәшьа Светеи сареи аоперациатә ҟәшахьы ҳалгеит, ахәра ҿаҳәагақәа астерилизациа рзураҟны ҳацхыраарц азы", - арратә госпиталь амаҵ азыруо ишалагаз еиҭалҳәоит Ирма.
Агоспиталь ахь инаргон ахәрақәа змазгьы, иршьызгьы. Аԥҳәызба дунеихаан илзыԥшаауам усҟан излаԥшыз ахлымӡаах еиҭазҳәаша ажәақәа. Аибашьра иалагылаз аҷкәынцәа рҭаацәа агоспиталь агәашә ишадгылаз идыршон. Афронт аҟынтәи ишьны иааргоз ҳарԥарцәа ранацәа рыҳәҳәабжь иахьагьы ллымҳа иҭыҩуеит. Дара рыҷкәынцәа рлахьынҵеиқәаҵәа агәра ргар рҭахымызт, рыҽкажьны хыла адгьыл иасуан, рыхцәқәа ыҵырхуан, рӡамҩақәа рцәыԥԥуан, изықәшәаз агәаҟра рызхаҵомызт. Абацәа ракәзар, урҭ рхьаа хаҵаҵас ирҵәахырц иаҿын, ргәи рылаӷырӡи еилаҵәо игылан. Адунеи аҿы еиҳау рыцҳара ыҟоума зыхшара иҭахара збаз ани аби рзы?! Имариоума уи аӷа хәымга инапала уаҳа адунеи дшықәымло азхәыцра?!
"Ҳҵеицәа рҭахара, ҳхатә рыцҳареиԥш иҳадаҳкылон. Зегьы еицҵәыуон, еицыџьабон. Есыҽны арыцҳарақәа ирыцлон, ашәарҭара еиҳахон. Есаашар иҳаҳауан ақырҭқәа ирымпыҵархалаз ақалақьқәеи ақыҭақәеи рынхацәа гыгшәыгҵас ишдыргәаҟуаз. Ашара ҳацгылон иахьа ҳаӷацәа ҳара ҳҟынӡа иааӡахьоу имааӡахьоу ҳәа ҳцәа ҳҭаӡыӡо. Ҳашшәоз ҳацәон, ҳашшәоз ҳааԥшуан", - лажәа иацылҵоит сажәабжьҳәаҩ.
Цәыббра 3, 1992 шықәсазы, аӡӷабцәа рҭаацәа агоспиталь аҟынтәи ҽынла ихынҳәит, уи Ирмеи Светеи иџьаршьеит, избанзар дара абжьааԥны аҵх иаарымнахаанӡа уа аус руан. Убасҟан ан лыԥҳацәа иралҳәеит ақалақь иалҵыр шакәу, ақырҭқәа уажәы-уашьҭан Гәдоуҭа абомбақәа аларыжьыр рылшоит ҳәа ашәарҭара ыҟан азы.
"Ҳаҩны инадгылеит арратә еидарамҩангага машьына ду, уи ахҵәацәа рацәаны иҭатәан. Ҳнаган ҳнақәдыртәеит ҳаргьы, аха ҳҭаацәа ааныжьны џьаргьы ҳцар ҳҭахымызт. Саҳәшьеи сареи ҳаҽҳзынкыломызт, аҵәыуара ҳаҿын. Амашьына дәықәлеит, ҳаҩны, ҳгәара, ҳҭаацәа еиаҳа-еиаҳа ихарахон. Сылаӷырӡқәа сҿаҳәҳәы сани-саби сылаԥш сзырҟәыгомызт, ҳаибабарымашь ахаан, аҩныҟа ҳанбазыхынҳәри, ҳазегьы ҳаԥсқәа ҭаны мышкызны ҳаицыҟалома – хәыцрашәк сеимаркуан, схы-сгәы ахьаа иабылуан, ԥхыӡ бааԥсык салазшәа збон", - аҭаацәа реиԥырҵра иацыз ахьаа лгәалашәоит аԥҳа.
Гәдоуҭатәи арратә ҳаирбаӷәазаҟынтә иԥрит аиҳәшьцәа. Дара ҭатәан аҳаирплан аидара ахьҭарҵо ахәҭаҿы. Итәеит Подмосковие иҟоу арратә ҳаирбаӷәазаҟны, уантәи автобусла Москваҟа идәықәырҵеит.
Жьҭаара 6, 1992 шықәсазы Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы ианақәиҭыртәа, ажәлар рыԥхыӡ иалаз лабҿаба ирбартә иҟалеит. Аҳәаа анаартха, атәым жәҩан аҵаҟа згәы кыдӡӡаз ахҵәацәа реиҳараҩык Аԥсныҟа ихынҳәит, Ирмеи Светеи ракәзаргьы убасцәҟьа.
"Аҩныҟа ҳанаа сара иаразнак агоспиталь ахь сцеит, избанзар мышқәак раԥхьа саб дԥырымҟар амузт, уа дышьҭан. Амшеиқәаҵәақәа раан иуныруа агәырӷьара акы иеиԥшым! Саб дахьышьҭаз апалатахь саныҩнала, ҳалаԥшқәа анааиқәшәа, иблақәа ирхызбаалаз анасыԥ еиҭаҳәашьа сзаҭом, уи ахаан исхашҭран сыҟаӡам. Агоспиталь аҿы иҟаз зегьы ашә илагыланы, акоридор ибжьагылазгьы дубарын иҳахәаԥшны иҵәыуон, гәык ала игәырӷьон лыԥхала ҳахьеиқәшәаз. Зыфеи зыцәеи ирыгыз сан урҭ аминуҭқәа раан мҵәыжәҩада дыԥрыртә дҟалеит, лхы-лҿы еихалашон ҳҭаацәа зегьы еилшәарада ҳахьеицыҟалаз лызхаҵомызт", - насыԥ змаз амш далацәажәоит Ирма.
Убри аамҭазы аибашьра шцац ицон, аха Гәдоуҭатәи ашколқәа аусура иалагеит. Мрагыларатәи афронти Гәымсҭатәи афронти ашьаарҵәыра иҭагылан.
Афатә даара имаҷын. Ирма илгәалашәоит, кәтызаҵәык шрымаз, уи кәтаӷьк анбаҵари ҳәа иашьклаԥшуан. Нас, ианаҵалак, лаҳәшьеи лареи иӡны еиҩшаны еицырфон.
Аҭагылазаашьа уаҳа еицәахашьас иамои ҳәа ихәыцуан ауаа, аха ақырҭқәа иаадырԥшуаз ргыгшәыгра ҳәаак амамзаарын. Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы аӷацәа иеихсны иԥыржәеит Тҟәарчалынтәи ахҵәацәа згоз авертолиот. Аӷа иццышәитәит 35-ҩык ахәыҷқәа назлаз 87-ҩык ауааԥсыра. Аԥсны жәлар зегьы еицырҵәыуон. Усҟан аԥсуа милаҭ ирнылаз ахәра ахаан ӷьара ақәымкәа иаанхоит…
Аибашьра аҵыхәтәа ыҟамызт, амшқәеи аҵхқәеи еиқәыло ицон, ахьаа еиҳа-еиҳа ирҵауло. Иара арыцҳара ззаанамгаз ҭаацәарак ыҟамзар ҟалап.
Цәыббра 16, 1993 шықәсазы Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵыхәтәантәи ажәылара иалагеит.
Цәыббра 27, 1993 шықәсазы ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын. Владислав Арӡынба идҵала атәыла далҵырц амҩа изаартын аибашьра хлымӡаах аԥшьазгаз Едуард Шеварнаӡе. Ари аҩыза ашьаҿа аҟаҵара зылшо маҷҩуп, уи ахаҵареи, ауаҩреи злаҵәҟьоу иоуп изгәаӷьуа!
Цәыббра 30 рзы аԥсуа ар Аԥсны зегьы ахы иақәиҭыртәит, аԥсуа бираҟ Егры аҳәаа иахадыргылеит.
"Усҟантәи ҳгәырӷьара ҵҩа амамызт! Хәыҷгьы-дугьы, хаҵагьы-ԥҳәысгьы зегьы рылаӷырӡ рзаанымкылакәа иҵәыуон! "Аиааира! Аҭынчра! Ахақәиҭра" - абарҭ ажәақәа ракәын рыԥсыԥ шеивырго еиԥш ирҿаз", - Аиааира амш иацыз ацәаныррақәа дырзааҭгылоит Ирма.
Хашҭра рықәым ҳфырхацәа, ҳгәаҵа наӡаӡа иҭазаауеит дара иаадырԥшыз агәымшәареи ахамеигӡареи! Ҳреихырхәоит аԥсуа жәлар ирыцхраарц хатәгәаԥхарала иааз ҳашьцәа зегьы!