Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иуадаҩын, аха сашьцылеит": Анжела Абыџԥҳа агәабзиарачаԥарҭатә центр аҟны лусура иазкны

© Foto / предоставила Саида ЖибаАнжела Абиджба
Анжела Абиджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2024
Анапаҵаҩра
Амедицина знапы алакыу зегьы ирзымариам аибашьра ихымхәаны иннажьыз ауаа аус рыдулара, рыхәшәтәра, ргәабзиара ашьақәыргылара. Уи иацу аҭакԥхықәреи ацәаныррақәеи ҽакуп. Анжела Абыџԥҳа дыруаӡәкыуп, 30 шықәса раахыс Гагра иҟоу Ареспубликатә агәабзиарачаԥарҭатә центр аҟны аибашьра аветеранцәа-ахымхәацәа медиаҳәшьас ирымоу. Лара дқәыԥшӡаны арахь данааи, илцәыуадаҩхеит илықәлаз аҿар ихымхәаны иахьылбоз. Аха дара аԥсҭазаарахь ирымаз агәазыҳәара иабзоурахеит, аԥҳәызба лзанааҭ аҟны лышьақәгылара.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭаз, Анжела Абыџԥҳа дҭалеит Шәачатәи амедицицнатә ҵараиурҭа. Убри инаваргыланы ахәыҷтәы хәшәтәырҭаҿгьы аус луан. Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, аԥҳәызба аҳәаа дзахымскәа уа даанхеит. Аҵара лыцызҵоз Ира Ажьиԥҳаи лареи Аԥснынтәи ажәабжьк ҳаҳауазар ҳәа абаӷәазахь илбаауан. Аӷбақәа иааргоз ахҵәацәа иразҵаауан иҟоу-иану.
"Ҳахьынхоз ҳгәылара, Аԥснынтәи иқәҵыз уаанӡа издыруаз урыс ԥҳәыск ауада амалхит. Лара исалҳәеит саби 17 шықәса зхыҵуаз сашьа Иуреи аибашьра ишцаз. Уи нахыс сыгәҭынчымра иацлеит. Уахи-ҽни сҭаацәа ирыԥсҭазаашьаз акәын хәыцырҭас исымаз", - лҳәоит Анжела.
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы ианақәиҭха, аԥҳәызба илулак аҩныҟа дааит. Аха лани лаби рабжьгарала лҵара нылмыжьит, иацылҵеит.
Аибашьра анеилга, Анжела Шәача усурҭа ҭыԥла дшеиқәдыршәозгьы Аԥсныҟа дхынҳәит, ара иаҳа даҭахуп ҳәа иԥхьаӡаны. Раԥхьаӡа аԥҳәызба лыцхыраара рыдылгаларц днеит Гагра иҟоу Ареспубликатә агәабзиарачаԥарҭатә центр ахь. Дагьрыдыркылоит апротез ҟаҵарҭа аҟәшахьы.
"Аибашьра еилгеижьҭеи шықәсык ҵуан, раԥхьаӡа ари ахыбра саныҩнала. Ихымхәаз ауаа аӡәык-ҩыџьак уи аԥхьаҟа исԥылахьазтгьы, аԥышәа сымаӡамызт аус рыцуразы. Исгәалашәоит, сшьапы ашәхымс ианаахызга дшысԥылаз аколиаска иантәалаз, зыҩшьапык хҵәаз, ӡынӡа иқәыԥшыз аибашьра аветеран Адгәыр Мхонџьиа. Аиашазы исҳәо сҿамшәо сааҟалеит, аарла сыбжьы ныҵакны аԥсшәа иасҳәеит. Аҵәыуара сакит. Мчыла сымч ааизганы аҳақьым хада икабинеҭ ахь сҿынасхеит. Ишә аҟынӡа снеиаанӡа шә-хәыцрак сеимаркуан. "Исылшарыма ара аусура, сгәы иазышьҭнахрыма зҿара иҭагылоу, аха ихымхәоу аибашьцәа есыҽны рлакҭа аҭаԥшра" ҳәа. Аха изулак изгәаӷьит", - Агәабзиарачаԥарҭатә центр аҟны аусура дшалагаз еиҭалҳәоит Анжела Абыџԥҳа.
Аколлектив аҟны Анжела лықәлацәа рацәаҩын. Аӡӷабцәа аиҩызара рыбжьалеит иаразнак. Дара иларҳәеит ишымариамыз аибашьацәа рҭагылазаашьа адкылара, аха аҷкәынцәа ишхымхәазгьы, аԥсҭазаарахь ирымаз агәазыҳәареи агәалаҟазаара бзиеи ирылҵшәаны ишашьцылаз.
"Аусура саналага раԥхьатәи амшқәа рзы, сыздызкылаз аҳақьым хада Валери Аҩӡба снаигеит, уаҟа ишьҭаз Аԥсны Афырхаҵа, зызшьапык хҵәаз Рудольф Алшәындба апроцедура изурахьы. Ишьапы иамаз Илизаров иаппарат анызба, сгачамкхан, аҳақьым идҵақәа смаҳазаап. Иара сеиликаан, дымгәамҵкәа ԥшьала сазааигеит ари аус", - лҳәоит лара.
Апротез ҟаҵарҭа аҟәша хаз иҟаз ахыбрахь ианиарга, Анжела Агәабзиарачаԥарҭатә центр аҟны даанхоит медиаҳәшьас. Усҟан араҟа ишьҭаз ахымхәацәа рацәан. Аԥснытәиқәа рыдагьы аамҭаа-аамҭала ишьҭалон Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иеибашьуаз, ахәрақәа змаз ҳашьцәагьы.
"Аҿар реиԥш ирацәаҩын абжьаратәи аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуаз аибашьцәагьы. Дареи ҳареи убас ҳаишьцылеит, ҭаацәак ҳаицатәызшәа ҳаизыҟазаашьақәа ԥхан. "Аӡӷабцәа, шәхала амҩа шәанаҳҵома" ҳәа изылшоз аҩнынӡа ҳнаскьаргон. Ҳаргьы ҳрывагылан. Ҳҽеиҩшаны ҳҷаԥшьон. Аиҳәшьцәа аиҳабацәа реиԥш иаҳԥхьаӡон, даргьы гәыкала ҳарҭахын аибашьра гәымшәарыла иалагылаз ҳфырԥҳәызбацәа Нана Акабԥҳа, Инга Барцыцԥҳа, зыдунеи зыԥсаххьоу Лиалиа Ԥаразиаԥҳаи, Ҭина Пагааԥҳаи", - еиҭалҳәоит Анжела.
Ари Ацентр - амедусзуҩцәеи ачымазцәеи ирзеиԥшыз ҩнхеит. Ашьыжь аусура ианааиуаз еибыҳәаны иҟазшәа, дҳақьымума, дмедиеҳәшьома аӡә инапы ҭацәымызт. Амамзаарақәа ыҟан, аха хаатәык аарымгакәа иҟаломызт. Акрыфарҭаҟны раԥхьатәи амшқәа инадыркны аус зуаз Лиудмила Џьынџьалԥҳа-Агрба, афатә аганахь еиԥҟьарак аныҟалоз лыхҩарақәа аалгон. Ажәакала рҿаҵа еиҩшаны акреицырфон. Аныҳәақәа еицазгәарҭон. Ишнеиуаз рыцәгьеи рыбзиеи еиларсхеит.
Ареспубликатә агәабзиарачаԥартатә центр лассы-лассы дышьҭалон "Малыш" ҳәа изышьҭаз Очамчыратәи арԥыс Вальтер Ҭориа. Иара 15 шықәса ихыҵуан аибашьцәа ацхыраара риҭоит ҳәа дандәықәла. "Ирратә уалԥшьақәа" шынаигӡоз ауп амина дахаԥжәаны изшьапык шицәыӡыз.
"Малыш иҭаацәа даара ҳколлектив патула иаҳзыҟан. Зны, Очамчыра ааԥхьара ҳаҭаны агәырӷьа еишәа ҳаздырхиеит. Насыԥны иҟалеит ҩыџьа аибашьцәа Ацентр аҟны рразҟы ахьырыԥшааз. Рыԥсҭазаарақәа еиларҵеит Гена Смыри ҳмедиеҳәшьа Манана Кәакәасқьырԥҳаи. Убас, Иаша Ладариеи Иза Габлиаԥҳаи. Арҭ ахҭысқәа ҳаҟара ҳацырҵеит. Наҟ-наҟ Генеи Мананеи рԥа Саид аӡы дӡаасхит. Ажәакала, Ацентр еиднакылаз аиҩызара адагьы аиуарагьы ҳабжьаҳҵо ҳалагеит", - ҳәа азгәалҭоит сажәабжьҳәаҩ.
Анжела лхаҭа аҭаацәара даналалоз, маӡала Ацентр аҟнытә ддәылыргеит. Алаҵа ҟаҵаразы агәырқәа аиларшра дшаҿыз, минуҭк адәахьы илыԥхьан, уи акәхеит. Сааҭк ашьҭахь лхалаҭ шкәакәа лшәҵаны, Гарԥ Сыҷынаа рашҭа ҭацас дҭалеит.
Ареспубликатә агәабзиарачаԥарҭатә центр аибашьцәа ихымхәаны иннажьыз рзы ашәқәа анаанарт инаркны, иахьа уажәраанӡа араҟа аус руеит Анжела аиаҳәшьцәа реиԥш илԥхьаӡо амедиаҳәшьцәа Мадонна Ажәанԥҳаи, Мадина Зарданиаԥҳаи, Белла Абӷаџьааԥҳаи (Алшәындба), Инга Ҭраԥшьԥҳаи. Аџьабаа ӷәӷәа лбеит амассажҟаҵаҩыс иҟаз, ааигәа зыдунеи зыԥсахыз Жанна Шамԥҳа. Рџьабаа ахә узшәом лҳәоит, акыр шықәса инеиԥынкыланы аибашьцәа зхәышәтәуаз аҳақьымцәа Инезза Гордиенкеи, хаҵеи ԥҳәыси Ҭамареи Амазаси Кочканианаа.
Анжела лгәы шлыхьуазгьы илҳәеит, есышықәса, аибашьра ихымхәаны иннажьыз рхыԥхьаӡара иагхо ишалагаз. Лара Ацентр аҟны аус луеижьҭеи шәҩыла рыдунеи рыԥсахит. Иҟоуп уаҳа аарагьы злымшо. Иахьазы араҟа ргәабзиара шьақәдырылоит 45-ҩык аветеранцәа.
Анжела Абыџԥҳа иазгәалҭоит, 30 шықәса раахыс абра аус луеижьҭеи, ибжьамыжькәа Ацентр ахь Аиааира амш аламҭалазы ишаауа Аԥснытәи ашколхәыҷқәа. Дара аибашьра аветеранцәа ирзымҩаԥыргоит ажәеинраалақәеи, ашәақәеи, акәашарақәеи рыла ишьақәгылоу апрограмма. Хымԥада зегьы ачеиџьыка рнапы иқәыргыланы ауп ашҭа ишҭало.
Сынтәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҟны игоу Аиааира 31 шықәса ахыҵуеит. Ари арыцхә инамаданы, сажәабжьҳәаҩ, ҳауаажәлар зегьы ирыдныҳәало аҭынчреи аизҳазыӷьреи рзеиӷьалшьоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0